Аԥсны ирацәоуп аҭыԥ ԥшӡарақәа, Аԥсны асасцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи ԥсшьара ҳәа изҭаауа. Убарҭ ируакуп Аацытәи аиҩхааҭшәа. Аацы иҟоу аӡхыҽҽа аҳаракыра быжь-метрак иҟоуп. Илеиуа аӡы ашәах иаргыло иҟәашкакараӡа иҟанаҵоит.
Аӡхыҽҽа ахьҭаҭәоу аҭыԥ аҟны зыҵаулара хә-метрак иҟоу агәаҩара ҟанаҵеит. Иара иаакәыршаны ишьҭоу ахаҳәқәа ашыцламшә рықәуп, ашыц еизҳауеит.
Аацытәи аиҩхааҭшәаҟны аӡиас Ааԥсҭа аԥшшәы иаҵәажәпахоит. Ааԥсҭа ацаҟьақәа иахьрыбжьаку аӡыжь ҵаула ҟанаҵоит. Уаҟа аӡы убри аҟынӡа икеикеиуеит, аҵа иҭаԥсоу ахаҳәқәа убартәы. Иаакәыршангьы напыла иҭырхызшәоуп ишыԥшӡароу.

1/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Аацытәи аиҩхааҭшәа – Аԥсны реиҳа иԥшӡоу аҭыԥқәа ируакуп. Араҟа иаԥҵоуп атуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыԥсшьаразы иреиӷьу аҭагылазаашьақәа.

2/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аацытәи аиҩхааҭшәаҟны аӡиас Ааԥсҭа аԥшшәы иаҵәажәпахоит.

3/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡиас Ааԥсҭа аӡақә.

4/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡиас Ааԥсҭа ацаҟьа цаҩ-цаҩқәа иргәылсны аиҩхаа иҭысны ицоит.

5/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ааԥсҭа ацаҟьақәа иахьрыбжьаку аӡыжь ҵаула ҟанаҵоит. Аӡы убри аҟынӡа икеикеиуеит, аҵа иҭаԥсоу ахаҳәқәа убартәы.

6/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аацытәи аиҩхааҭшәа еиуеиԥшым зыԥсы ҭоу аорганизмқәа рыла ибеиоуп.

7/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Аацытәи аиҩхааҭшәа аҭааҩцәа бзиа ибаны ҽыла инеиааиуеит.

8/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аацы ақыҭантәи аӡхыҽҽара.

9/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аацытәи аӡхыҽҽара аҳаракыра быжь-метрак иҟоуп. Илеиуа аӡы ашәах иаргыло иҟәашкакараӡа иҟанаҵоит.

10/11
© Sputnik Томас Тхайцук
Аацытәи аӡхыҽҽахьы уназго амҩахәасҭа аҟынтәи ахрақәа урҿаԥшуеит.

11/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аацытәи аӡхыҽҽахьы инеиуа амҩахәасҭа аҵыҭәа зқәу абнара илгоуп.