Резо Кациа: адинхаҵаратә сектақәа аамҭа-аамҭала Аԥсныҟа иқәнагалоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭтнокультурный фестиваль "Солнцестояние"
Этнокультурный фестиваль Солнцестояние - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны Адин азҵаарақәа рзы азинмчра змоу Резо Кациа Аԥсны иҟоу адинтә сектақәа дрылацәажәеит.

АҞӘА, цәыббра 15 — Sputnik Бадраҟ Аҩӡба. Еиуеиԥшым адинхаҵаратә сетақәа аамҭа-аамҭала Аԥсны иаҭаауеит ҳәа ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны Адин азҵаарақәа рзы азинмчра змоу Резо Кациа.

"Амҩаҟны лассы-лассы иубарц улшоит акришнаитцәа игәырӷьаҵәа ирзыӡырыҩуа ауаа. Убри аан иазгәаҭатәуп урҭ Аԥсны азакәанқәа иакымкәа иҩбамкәа ишеиларго. Иҳәатәуп ари асекта ҳара ҳдунеихәаԥшыреи ҳменталитети зынӡаск ишырцәыхароу. Агәыӷра сымоуп ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иадҳәалахарым ҳәа", — азгәеиҭеит Кациа.

Кациа иажәақәа рыла, атәыла ауааԥсыра анырра рызҭо ари асекта аҿагыларазы азинмчрақәа азхоны иҟам.

"Ҳара иҳамам иарбанызаалак зинмчрак урҭ рҿагыларазы. Аԥсны, жәаҩык ауаа рҽааизганы Аиустициа аминистррахь арзаҳал наганы рҽеидыркылар рылшоит гәыԥкны. Убри аан урҭ иҟарҵо ишакәхалакгьы иҳәааркхом", — иҳәеит Кациа.

Кациа иазиԥхьаӡоит асектатә еиҿкаарақәа рҿагыларазы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа урҭ рпроцессқәа ирхылаԥшлароуп ҳәа.

"Ус иҟазар шахәҭоугьы абри аус знапы иану аҳәынҭқарратә усбарҭақәа иарбанызаалак зинмчра ахьрымам иахҟьаны русурагьы акыр ишарамшоуп. Аԥсныгьы изабалак зҭаларц зылшо гәарԥк еиԥшханы иҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Кациа.

Резо Кациа иҳәеит Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны зусура аанкыло "Свидетели Иеговы" заҵәык ауп. Уи азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит Владислав Арӡынба 1992-1993шш. рызтәи аибашьра ашьҭахь, аха иара анагӡаразы амеханизмқәа ыҟам.

"Дара араҟа рхы цәгьамкәа ирбоит, ауаажәларра рыларгалоит. Иара аусура мап зацәкыз аҳәынҭқарра ашьаҭақәа ҵыршәаауеит ҳәа иахьазыԥхьаӡаз акәын, аха уи анагӡаразы амеханизмқәа аус рыдуламызт. Иахьазы акгьы аҽаԥсахны иҟам", — иҳәеит Кациа.

2013 шықәса рзы "Аламыс ахақәиҭреи адинтә еиҿкаарақәеи" рзы азакәан аусура ианалага инаркны Аиустициа аминистрраҟны иҭарыҩхьеит адинтә еиҿкаарақәа 6: "Аԥсны иԥшьоу аметрополиа", "Аԥсны аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа", "Аԥсны аевангелиатә қьырсианцәа рассоциациа", "Ақалақь Гагра аерман апостолтә уахәама адинтә еилазаара", "Аԥсны ақьырсиан-баптистцәа руахәама", "Аԥсны абыжьбатәи амш адвентистцәа руахәама".

Ажәабжьқәа зегьы
0