АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл аҟны инхо аԥсуа диаспореи Аԥсны иқәынхо аԥсуааи ҳкультуратә еимадарақәа ирыхьчоит аԥсуа етнос ҳәа азгәеиҭеит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба Ҭырқәтәылаҟа усутә визитла даныҟаз аамҭазы азинмчра нагӡа зманы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцбеи иареи реиԥылараан.
"Аԥсуа диаспора ирылдыршеит ирыцәтәымыз адгьыл аҟны ркультуреи рытрадициақәеи реиқәырхара. Ҳинформациатә материалқәа рыҟны ҳара иаҳҭахуп иааҳарԥшырц ҳашьцәа иаҳзеиқәдырхаз Аԥсуара. Хаз ҷыдала ҳазааҭгылоит Sputnik аԥсышәалатәи аредакциа, избанзар абызшәоуп шәышықәсала еиҟәыҭхаз ажәлар реидкылараҟны цҳас иҟало", — иҳәеит Лазба.
Инал Лазба иажәақәа рыла, иахьатәи Аԥсны аҭоурых аҟны аԥсадгьыл ахь ахынҳәра ахы арҵысит Владислав Арӡынба 1992 шықәса рзы Ҭырқәтәыла даныҟаз анахыс. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны зеиԥш мчыла иалыршахеит аҭоурыхтә еимадарақәа рырӷәӷәара. Иҟаҵоу шмаҷымгьы ԥхьаҟатәи ҳусқәа акыр ирацәоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит Инал Лазба.
"Ҳара ҳганахьала акәзар, ҳазыхиоуп аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳинформациатә еимдара аҽалархәра. Мраҭашәара иадызцәыло амассатә информациа ахархәагақәа аԥыжәара ахьрымоу аинформациатә ҭагылазаашьаҟны ҳџьынџьуаа ирцәыуадаҩуп Аԥсны иазку аинформациа иаша аиура. Ус шакәугьы, асоциалтә ҳақәа рҟны активла аинырреи хаҭалатәи аимадарақәеи иаҳдырбоит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа Аԥсны ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаарахь аинтерес ду аадырԥшуа ишалагаз", — ҳәа азгәеиҭеит Лазба.
Sputnik анапхгаҩы инаҵшьны иазгәеиҭеит зхатәы интересқәа ирықәныҟәо Ҭырқәтәылатәи амчрақәа Аԥсны Урыстәыла "анапаҵаҟа иҟоу" тәыланы ишаадырԥшуа. Убри аҟны ахархәара арҭоит аԥсуа диаспора рыгәҭа Урыстәыла иаҿагыло аҭагылазаашьақәа рырҿиара.
"Ҳара ҳдаҟьақәа рҟны иаҳҭахуп Аԥсны иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәа аартны дырбара, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳабжьара аҭоурых-культуратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы аԥсуа ҳәынҭқарра ззыхианы иҟоу аҳәара. Дарбанызаалак аԥсуа, ареспублика анҭыҵ инхо, идыруазароуп Иԥсадгьыл еснагь ихынҳәра ишазыԥшу", — иҳәеит Лазба.
Аԥсны Ахаҭарнак Инар Гыцбагьы иазгәеиҭеит аҭоурых-культуратә еимадарақәа рырӷәӷәара иамоу аҵак ду, иҳәеит ҳџьынџьуаа реиԥш адунеи зегь азгьы ииашоу, изаамҭанытәиу, иобиективу аинформациа аҭара хымԥадатәины ишыҟоу.
"Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора еснагь аинтерес ду рыманы рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны имҩаԥысуа иахәаԥшуеит. Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥысуа апроцессқәа зегьы Ҭырқәтәылатәи адиаспора ирныруеит. Убри азы аҵак ду аманы иҟоуп ииашоу, иобиективтәу аинформациа аиура", — инаҵшьны иазгәеиҭеитт Гыцба.
Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәылатәи аинформациатә ҵакыраҟны Аԥсны аимидж ҵоураны аарԥшра иамоу аҵак дугьы.
"Ҳара ҳхаҭарнакра иалшо зегь ҟанаҵоит абри азҵаара аӡбра аганахьала. Абрахь иаҵанакуеит аамҭа кьаҿла зыхьӡ ҳаракхаз аинформациатә агентра Sputnik еиԥш иҟоу агентрақәа аус рыцурагьы", — иҳәеит Гыцба.
Аиԥылараан иазыԥхьагәаҭан Ахаҭарнакра алархәны Sputnik Аԥсныи аԥсуа диаспореи ԥхьаҟатәи русеицура.