Сақариатәи ауниверситет аректор Аԥснытәи аделегациа идикылеит

© Фото : Сонер ГогәуаСақариатәи ауниверситет аректор Аԥснытәи аделегациа идикылеит
Сақариатәи ауниверситет аректор Аԥснытәи аделегациа идикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сақариатәи ауниверситет еиуеиԥшым афакультетқәа рҟны иахьазы аҵара рҵоит Аԥснынтәи 23-ҩык астудентцәа. Урҭ рахьтә сынтәа иҭалаз рхыԥхьаӡара 14-ҩык ыҟоуп.

АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҭырқәтәыла иҟаз Аԥснытәи аделегациа, Аԥсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какобеи, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуеи, Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау ԥсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы Орал  Бганбеи, Сақариатәи ауниверситет аректор, апрофессор Музаффер Ельмас идикылеит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, ари ауниверситет еиуеиԥшым афакультетқәа рҟны аҵара рҵоит Аԥснынтәи 23-ҩык астудентцәа. Урҭ рахьтә сынтәа иҭалаз рхыԥхьаӡара 14-ҩык ыҟоуп. Аԥснытәи аделегациа аректор даара ҭабуп ҳәа иарҳәеит ҳастудентцәа рҵарадырра аизырҳаразы аҭагылазаашьа бзиа ахьырзаԥҵоу азы.

"Сара Ҭырқәтәыла изныкымкәа саахьеит. Ибзианы издыруеит, аҭырқәа жәлар, ара инхо ҳдиаспора ишырзыҟоу, пату шрықәырҵо. Даара гәахәас иҟасҵеит Аԥснынтә Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа гәцаракрыла шәахьрызныҟәо. Дара иалырхыз азанааҭқәа рыла   адырра бзиақәа ахьроуа. Агәра ганы сыҟоуп аԥхьаҟагьы ҳусеицура ишацаҳҵо. Ҳара иаҳҭахуп  хаҭала шәара ҳаԥсадгьыл аҿы шәбара", — ҳәа азгәеиҭеит Апсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какоба.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан аҩ-тәылак руниверситетқәа рырҵаҩцәеи рыспециалистцәеи рԥышәеимдаразы аиҭанеиааирақәа шрыбжьало.

Сақариа агубернатор Хәсеин Авни Џьошь Аԥснытәи аделегациа идикылеит

Иазгәаҭатәуп, Аԥснытәи Сақариатәи ауниверситетқәа рректорцәа, ҵыԥх аусеицуреи  аиҩызареи рзы  аиқәышаҳаҭра рнапы шаҵарыҩыз.

"Сара Аԥсны снеихьеит, избахьеит, ииашаҵәҟьаны  џьанаҭ дгьыл аҟны шәынхоит. Ажәа шәысҭоит аамҭак шсоуа еиԥш ҩаԥхьа сышнеиуа. Ҳара ҳуниверситет аҟны, есышықәса шәара шәыстудентцәа рзы ҳашәқәа аартуп, аԥхьаҟагьы алимитқәа рхыԥхьаӡара  иҵегьы еизҳарҳауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Сақариатәи ауниверситет аректор, апрофессор Музаффер Ельмас.

Сақариа иаԥҵоу  аԥсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы, аиԥылара иалахәыз, уи аиҿкаарагьы иацхрааз Орал Бганба, акыр илша рацәоуп  уа инхо аԥсуааи, Апснынтә аҵара зҵо астудентцәеи реидкыларазы.

Аҩадатәи Кипр Апарламент ахада официалла Аԥснытәи аделегациа лыдылкылт

"Аԥхьаҟа, Аԥснытәи астудентцәа рзы ҳгәы иҭоуп азеиԥш нхарҭа ҩны аиҿкаара. Ҳдиаспора имҩаԥырго аусқәа зегьы рҟны, ҳара ҳастудентцәа рхы аладырхәларц ҳҭахыуп. Хымԥада, уи азы аҭагылазаашьа рзаԥаҳҵоит. Еснагь ҳалаԥш рхызаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Орал  Бганба. Сақариа аҵара зҵо аԥсуа студентцәа рхеилак напхгара азыруеит Динар Абыџбеи, Мрамза   Ҷкотуаԥҳеи.

Аиԥылара иалахәыз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит,  иаҳхысыз ашықәсқәа ирылагӡаны Ҭырқәтәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылганы, адырра бзиақәа роуны рыԥсадгьыл ахь ишыхынҳәхьоу ара аҵара зҵоз, иахьа зҳәынҭқарра амаҵ азызуа ҳҿар.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аԥшәмацәеи асасцәеи аҳамҭақәа емырдеит. Аԥсны аҵареи,  аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, Сақариатәи ауниверситет аректор ианеишьеит аԥсуа ҟама.

Ажәабжьқәа зегьы
0