Ақалақь ашколхәыҷқәа XV рспартакиада Аҟәа иаатит

© Sputnik Астанда АрдзинбаШкольная спартакиада
Школьная спартакиада - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аестафета "Мшыбзиа, ашкол" иаанартит ақалақь ашколхәыҷқәа XV-тәи рыспартакиада.

АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аестафета "Мшыбзиа, ашкол" иаанартит Аҟәа ақалақь ашколхәыҷқәа XV-тәи рыспартакиада. Аицлабрақәа ирылахәуп 13 школ ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа азанааҭуаҩ хада Татиана Емхааԥҳа.

Аестафетаҟны аиааира ргеит абжьаратәи ашкол №5 акоманда алахәылацәа, аҩбатәи аҭыԥ — 10-тәи ашкол, ахԥатәи аҭыԥ — 12-тәи ашкол.

"Ажәабатәи ашкол аԥхьагылаҩцәа рахь иаҵанакит. Иҟалон аиааира дара иранашьахаргьы аха аҵыхәтәантәи аетап аан аӡӷаб дкаҳаит. Уи еиԥнарҟьеит рԥыжәара. А-12-тәи ашкол аиааира зынӡа ҳазыԥшӡамызт, уи еиҳагьы агәырӷьара ҳазнарҵысит. Иаиааиз ахәбатәи ашкол еснагь иреиӷьны зхы аазырԥшуаз школуп", — ҳәа азгәалҭеит Емхааԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, Аспартакиадахь иаҵанакуеит жәаба рҟынӡа спорт хкы: анапылампыл, ашьапылампыл, амҵәышәмпыл, ашахмат асра, амилаҭтә спорт хкқәа у.у.е. Аҵаҩцәа реицлабрақәа ашықәс аҩныҵҟа имҩаԥгахалоит.

© Sputnik Астанда АрдзинбаШкольная спартакиада
1/2
Школьная спартакиада
© Sputnik Аста АрдзинбаШкольная спартакиада
2/2
Школьная спартакиада
1/2
Школьная спартакиада
2/2
Школьная спартакиада

Лара убасгьы илҳәеит аицлабрақәа рҟны ирылыркаауа алахәылацәа ақалақь еизгоу акоманда ишахыԥхьаӡалахо. Урҭ ареспубликатә Спартакиадаҟны иқәгылараны иҟоуп.

"Ҳәарада, иҟоуп аҟазара ҷыда злоу ахәыҷқәа. Урҭ ҳара аспорттә секциақәа рахь иҳашьҭуеит. Иҟоуп ақалақь еизгоу акомандахь инаҳашьҭхьоугьы", — ҳәа азгәалҭеит Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа азанааҭуаҩ хада Татиана Емхааԥҳа.

Аспартакиада ушьҭантәи аетап аан ашьапылампыл азы еиндаҭлоит. Иалагоит ажьырныҳәамзазы. Аспартакиада хыркәшахоит атлетика лас азы атурнир ала, ҳәа ҳалҳәеит Аусбарҭа аусзуҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0