Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаатит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаКавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа еиҿкаауп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора раԥшьгарала, Аиааира амш азгәаҭара иадҳәаланы.

АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа аадыртит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны ахәаша, цәыббра 18 рзы.

"Иахьатәи ацәыргақәҵа аартра Аиааира амш иазаҳкит. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-адыга диаспореи амилаҭтә музеи аетнологиа аҟәша аусуаҩцәеи ҳҽынеибыҭаны иахьа ижәбауа ҳамч зықәхаз ацәыргақәҵа еиҿаҳкааит. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ацәаҩычагатә маҭәақәа, анапылаҟаҵаратә маҭәақәа ааганы иахьа ҳала иабартә еиԥш иҟазҵаз", — иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа ацәыргақәҵа аартуа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аусзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит амузеи аҟны ацәыргақәҵа амҩаԥгара аидеиа шцәырҵызи иара хықәкқәас иамоуи.

"Ҭырқәтәылатәи Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны ацәыргақәҵа еиҿаҳкаарц. Ацәыргақәҵа иахықәкны иҟоуп иаҳцәыӡхьоу амилаҭ напкымҭа аиҭарҿиара. Ҳәарада, ҳара иаразнак иҳадыргалаз аинтерес ҳкит", — лҳәеит Шамԥҳа.

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаКавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
1/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаКавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
2/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаКавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
3/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
© Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
4/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
1/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
2/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
3/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп
4/4
Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаартуп

Ацәыргақәҵа шьақәгылоуп еиуеиԥшым акәылӡытә ԥарақәа, ахҭырԥа арԥшӡарақәа, асырма уҳәа егьырҭгьы. Иҟоуп иара убасгьы араӡынлыхқәагьы, амилаҭтә усдулара рыманы, ахыркыра рыҭаны.

"Ари ацәыргақәҵа иҳанаҳәо акоуп –аԥсуа-адыга жәларқәа рнапҟазара, ари ҭабара зқәым ӡыхьуп, ԥсра зқәым ҟазароуп. Шәа шәазхәыц, шаҟа шәышықәса цаз, шаҟа аамҭа цаз, шаҟа епоха бжьалаз, аха ҳажәларқәа ршьа-рда иалаз анапҟазара џьара еиԥҟьарак амаӡамкәа еиқәырханы иааргеит. Ари уанахәаԥшуа, ухәы-ужьы еилагылоит, убас иҵаӷоуп ари анапҟазара", — иҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

Ацәыргақәҵаҟны иҟоуп Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напкымҭа еиуеиԥшым атехникала инагӡоу акымҭақәа.

Ацәыргақәҵа еиҿкаауп Ҭырқәтәыла иҟоу акультуреи аҵареи рфонд "Шамильи" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии реицхыраара ала. Уи анапхгаҩы Ренгин Иурдаку Цемен иазгәалҭеит Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напҟазара аиқәырхара аҵак ҷыда шамоу.

Старший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: раԥхьаӡа акәны аԥҳәыс хҭырԥа ахьызба Мгәыӡырхәа ақыҭаноуп

"Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напҟазара аиқәырхара ауп хықәкыс иҳамоу. Зҭоурых дуу ҳажәларқәа рнысымҩа зныԥшуа еиуеиԥшым анапкымҭақәа реиқәырхара, ԥхьаҟа рӡыргара акыр зҵазкуа усуп ҳәа ҳгәы иаанагоит", — лҳәеит Ренгин Иурдаку Цемен.

Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" аҟны итрадициатәу анапкымҭақәа реиқәырхаразы иаԥҵоуп акурс ҷыдақәа, ари аҟазара знапахьы иаазгарц зҭаху зегь рзы.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны еиҿкаау Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә наплых ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирыдгалахоит 150 рҟынӡа напкымҭа.

Акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль" иара убас еиҿнакаауеит амастер-классқәа амилаҭтә напҟазара зҵарц зҭаху рзы. Афонд ахаҭа еиҿкаан 1978 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0