Борис Ҷолариа: Амилаҭтә библиотека макьаназ иаадыртуам

© Sputnik Томас ТхайцукНациональная библиотека
Национальная библиотека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса ицоз Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара хдыркәшеит, аха аартра арыцхә макьана ишьақәыргылам иахәҭаны иҟоу ахархәага ҷыдақәа рыҟмзаара иахҟьаны - иҳәеит адиректор Борис Ҷолариа.

АҞӘА, цәыббра 21– Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Хышықәса ицоз Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара хдыркәшеит, аха аартра арыцхә макьана ишьақәыргылам иахәҭаны иҟоу ахархәага ҷыдақәа (астеллажқәа, акомпиутерқәа у.у.е.) рыҟмзаара иахҟьаны, ҳәа иҳәеит адиректор Борис Ҷолариа Sputnik аинтервиу аҭауа.

Убри инадҳәаланы абиблиотека аофициалтә аартра аҿҳәара инахоуп, иҳәеит иара.

"Амилаҭтә библиотека афонд хада ахәҭак макьаназы ашьҭаҵарҭаҟны иҵәахуп, егьи ахәҭа — Аидгылара амҩаҟны иҟоу ахәыҷтәы библиотекаҟны. Ҳара макьана иҳаздырам аусура ҳаналаго аха ишалшо ала ихацырктәуп ҳусура", — иҳәеит Ҷолариа.

Иара иажәақәа рыла, асмета инақәыршәаны 79 миллион мааҭ арҭ аусқәа ирзоужьтәуп, аха урҭ аԥарақәа абиблиотека макьаназ иамам.

"Сара иахьынӡаздыруа ала 32 миллион ыҟоуп, 14 миллион Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аргыларахь идырхаз – ҳаздырхынҳәыроуп. Иаанхазгьы убас. Ҳаԥхьаӡараҟны иҟазар зыхәҭаз аԥарақәа ыҟоуп аха ҳнапы иакым", — иҳәеит иара.

Артур Амқәаб Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит - Sputnik Аҧсны
Артур Амқәаб Амилаҭтә библиотека аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Иара иажәақәа рыла, абиблиотека аиҳабыра ашәҟәқәа рзы астеллажқәеи, акаталогқәа рыҵәахраз ашьқаԥқәеи ҟазҵараны иҟоу анардаҭаҩ иҿцәажәоит.

"Апроцесс ҵысит, аха аҩнымаҭәа адагьы акомпиутортә техника ҳҭахны ҳаҟоуп. Ажәакала иӡбатәу азҵаарақәа акыр ирацәоуп", — иҳәеит иара.

Аремонттә усурақәа цонаҵы абиблиотека егьырҭ аусбарҭақәа рхыбрақәа рҟны аус ауан. Абиблиотека аартра аԥхьаҩцәа рзы ихымԥадатәиуп ҳәа азгәеиҭеит Ҷолариа. Иара убасгьы иҳәеит аремонт игәы шазҭоу, ишахәҭоу еиԥш ишыҟаҵоу.

"Акы згым акгьы ыҟаӡам аха уаанӡа иҟази уажә иҟоуи еиҿырԥшышьа рымам. Сгәы иаанагоит ари аҩыза абиблиотекатә хыбра змоу дмаҷуп ҳәа. Абри аганахьала аҳәынҭқарраҟынтә аҳамҭа шьахәҵәҟьа ҳауит. Уажәшьҭа иара рҭәтәуп шәҟәыла", — иҳәеит адиректор.

Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотека аԥҵан 1921 шықәса рзы. Иахьазы абиблиотека еиднакылоит 331 нызқь шәҟәыхьӡи 150 нызқь периодикатә кьыԥхьымҭеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0