Ашыц ахәышәҭәра аҩбатәи аетап хыркәшоуп

© Sputnik Томас ТхайцукДеревья, пораженные огнёвкой.
Деревья, пораженные огнёвкой. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәшә "Димилин" ала ашыц ахәышәтәра мҩаԥган Бзыԥтәи ахаҵәирҭа аҟынтәи аӡиа Риҵахь ицо амҩахәҭаҟны.

АҞӘА, цәыббра 22, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Амцаԥшьхәаҷа зықәгара иаҿу ашыц, ахәшә "Димилин2 ала аҩынтәтәи ахәышәтәра мҩаԥган Бзыԥтәи ахаҵәирҭа инаркны аӡиа Риҵахь ицо, 34 километр иахьаҵанакуа амҩахәҭаҟны. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савелии Ҷыҭанаа.

"Ахәышәтәра аҩбатәи аетап қәҿиарала Пицунда имҩаԥган. Ашыц аус адааулон аҳауаҟынтәи, адгьыл аҟынтәи. Уажәазы Бзыԥ аӡиас аиҩхаахь ҳаиасит", — иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа ишазгәеиҭаз ала, 34 километр иҩахыкны иҟоу ашыцрақәа кьыс рымам.

Бзыԥтәи аиҩхааҟны ашыц ахәышәтәра - Sputnik Аҧсны
Ашыц ықәызхуа амцаԥшьхәаҷа Бзыԥҭатәи аиҩхаанӡа инаӡеит

Иара иажәақәа рыла, Пицунда-Мысратәии Шәҟәырчатәии аҳәырԥсаррақәа иахьрыҵаркуа ахәышәтәра ашьҭахь ашыц абӷьы каԥсаны аҿа ылнаго иалагеит.

"Сгәы иаанагоит ҳаԥхьаҟа аԥсабаратә ӷацәеи амцаԥшьхәаҷеи рхыԥхьаӡара аиҟарара аҟынӡа инаӡап ҳәа. Агәыӷра ҳамоуп ашыцра Аԥсны иацәымӡып ҳәа", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Ашыц, ижәытәӡатәиу ҵиаак аҳасабала иамоуп ахатәы хеиқәырхашьақәа. Бӷьыда ианынхалакгьы афотосинтез шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит, ацәаҵаҟа ишыҟац иаанхоит ахлорофилтә каҭақәа. Шықәсык аҟынӡа бӷьыда инхар шауагьы наҟ-наҟ аҵиаа ԥсуеит, ицәырнаго абӷььыцқәа узеиқәмырхар, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит аеколог.

Пицундатәи аҳәырԥсарраҟны, Бзыԥтәи аиҩхааҟны, Шәҟәырчатәи аҳәырԥсарраҟны, ақалақь апаркқәа рҟны уҳәа ашыц ахимиатә хәшәқәа рыла ахәышәтәра ишаҿыц иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0