"Аԥсны жәлар рыфронт" ықәгылоит атәылаҿы "абжьаратә класс" аԥҵаразы

© Sputnik Роберт ДжопуаУчредительный съезд партии "Народный фронт"
Учредительный съезд партии Народный фронт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаԥҵоуп иҿыцу ареспубликатә партиа "Аԥсны жәлар рыфронт аиашареи аҿиареи рзы".

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Ауаажәларраҟны "абжьаратә класс" аԥҵара – абри ауп иҿыцу ареспубликатә партиа "Аԥсны жәлар рыфронт аиашареи аҿиареи рзы", — хықәкы хадас иамоу. Абри атәы ҳкорреспондент иеиҳәеит апартиа ацхантәаҩцәа ируаку Беслан Камкьиа.

"Ҳпартиа аидеологиа – "абжьаратә класс" ридеологиоуп. "Абжьаратә класс" аҭышәынтәалареи аҳәынҭқарра аҿиареи ирыхәдықәҵоуп. Убри азы ҳара ҳадгылоит уи аҿиара", — иҳәеит Камкьиа.

Аполитик иазгәеиҭеит "абжьаратә класс" аԥҵара ацхыраара анаҭоит аҳәынҭқарра аҿиараҿ ирадикалу аидеологиа аҟамлара ҳәа.

"Абжьаратә класс" азинтә ҳәынҭқарреи аҭышәынтәалареи ирыдгылаҩуп, иаҭахуп аҳәынҭқарра иара аинтересқәа зыхьчо инструментк аҳасабала ишьақәгылазар. Ари идеологиа ҿыцуп", — иҳәеит Камкьиа.

2015 шықәса, цәыббра 24 рзы имҩаԥысит иҿыцу ареспубликатә партиа "Аԥсны жәлар рыфронт аиашареи аҿиареи рзы" ашьаҭаркратә еизара. Иахьазы иара иалахәуп 1057- ҩык ауааԥсыра.

Аполитикатә партиа ҿыц аизара ду аҳәаақәа ирҭакны иара ахадара еизаз ирыларҳәеит рполитикатә курси ртезис хадақәеи, хаҭала: хра змоу, ҳаамҭа иақәшәо аекономика аҿиара, амчреи ахатәтәреи реиҟәшара, азеиԥшуаажәларратә интернационалтә политикатә акзаара аиҿкаара.

"Аԥсны жәлар рыфронт" иацхантәаҩцәахеит ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа: Манана Кәыҵниаԥҳа, Лаша Сақаниа, Сурен Рогониан иара убасгьы аполитолог, азин атеоретик Беслан Камкьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0