Шәышықәсабжак Мҷышь аӡиас аҿықәан

© Sputnik Томас ТхайцукАихтиолог-аԥсыӡааӡаҩ Маиа Агырԥҳа
Аихтиолог-аԥсыӡааӡаҩ Маиа Агырԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анхамҩа аветеранцәа ирылшеит еицырдыруа аԥсыӡааӡарҭа аиҭашьақәыргылара. Ҳкорреспондент Наала Аҩӡыԥҳа даҭаан илбеит Мҷышь аӡиас ихықәгылоу акалмаҳааӡарҭа.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Гәдоуҭа араион, Оҭҳара ақыҭан иҟоуп Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа акалмаҳааӡарҭа. Ашьхақәа зҿыкәыршо абри аҭыԥ ссир аҟны 45 шықәса директорс аус руеит Ражьден Агрбеи аихтиолог-аԥсыӡааӡаҩ Маиа Агырԥҳаи. Иахьазы Аԥсны аҳәынҭқарратә акалмаҳааӡарҭатә нхамҩаҟны иҟазацәаны иҟоу дара аҩыџьа рымацара роуп.

Аԥсыӡ рацәа змоу аҭыԥ

Лқәыԥшра аамҭақәа рзы аихтиолог хада Маиа Агрԥҳа лыԥсҭазаара аиҳара аԥсыӡааӡара иазылкып ҳәа дыҟамызт. Ашкол ашьҭахь илгәиҭан Москватәи аҵараиурҭақәа руак аҟны аекономика аҭҵаара, аха уи анзалымша аусура далагоит акалмаҳааӡаратә нхамҩаҟны.

"Аԥсыӡааӡарҭа сацәыхарамкәа сынхон. Шықәсык аҟара аус зуп нас аҵарахьы сцап ҳәа сгәы иҭаскит. Аусура салагеит лаборантс. Усҟантәи аамҭазы араҟа аус ауан москватәи анаука-ҭҵааратә лабораториа. Аԥсыӡ, аԥсыӡхәы ҭырҵаауан. Усҟан аус здырулаз аԥсыӡхәы иахьагьы ираҳҭоит", — илгәалалыршәон аихтеолог.

Леиҳабацәа рабыжьгарала Маиа Агрԥҳа дҭалеит Афатәааглыхра зегьеидгылотәи аинститут, аԥсыӡааӡара афакультет. Аҵараҟны илоуаз адыррақәа иаразнак аусураҟны лхы иалырхәон.

"Абас иалысхит сзаанаҭ. Ара убриаҟара шықәса аус зухьеит, абыржә иааныжьны аҩны саатәар, исылшап ҳәа сыҟам. Сзыԥсахуа дҟалозар бзиоуп, аха иахьазы усеиԥш аӡәгьы дыҟам", — азгәалҭон Маиа Агрԥҳа.

© Sputnik Томас ТхайцукСотрудница Чернореченского форелевого хозяйства кормит рыб.
Сотрудница Чернореченского форелевого хозяйства кормит рыб. - Sputnik Аҧсны
Сотрудница Чернореченского форелевого хозяйства кормит рыб.

Аҿар аԥсыӡааӡарахь зынӡаскгьы рхы кыдым. Ари азаанаҭ бзиа иубароуп, ахатә ҷыдарақәа амоуп.

"Ари аусура акабинет аҟны утәаны ҭынч аусура иузадкылом. Зегьы урыхьӡалароуп, зегь улаԥш рхызароуп. Иара убри аан аулафахәы зынӡа имаҷуп", — азгәалҭеит лара.

Аибашьреи аҭынчреи

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан анхамҩа аусура аанкылахеит. Аԥсыӡ ааӡара камыжькәа ҳаҿын ираҳҭоз рхәы ыҟанаҵ. Уи уаанӡа Днепропетровскнтәи иаҳзааргон вагонла. Акыраамҭагьы ҳнанагеит.

Аԥсыӡ рхәы анынҵәа, анхамҩа адиректор Ражьден Даҭа-иԥа иӡбрала иаанхаз аԥсыӡ еидкыланы гәдоуҭатәи арратә штаб ахь иҳашьҭит. Уа нас ари аҭынчуааԥсыреи ирзеихыршазар акәхап.

Аибашьра ашьҭахь анхамҩа ҿыц аиҭашьақәыргылара нап аркхеит.

"1996шықәса рзы анхамҩа адиректори ҳтәыла Ахада Владислав Арӡынбеи рылшарала аусура нап аҳаркит. "Ишшәылшо ала аус жәула, сара сшәыцхраауеит" иҳәеит Арӡынба. Абас ҳалагеит аусура. Анхамҩа ахы-аҵыхәа абнара ахыҵәахьан. Иаанхан иҟаз аусуцәа зегьы адиректор ҳнаидгылан напеилҳәала зегь рҭыԥ иқәаҳҵеит. Ражьден Даҭа-иԥа Нальчикҟа дцаны абар-абар зхы аалызгашаз алахы зхылҵшаз зықь рҟынӡа қәырҭ ааигеит. Абасоуп ҳусура шхацыркхаз", — еиҭалҳәоит Маиа Агрԥҳа.

© Sputnik Томас ТхайцукЧернореченское форелевое хозяйство
Чернореченское форелевое хозяйство - Sputnik Аҧсны
Чернореченское форелевое хозяйство

Аусура еиҳарак аинтузиазм ҟазшьа аман. Ԥара змамыз аҳәынҭқарра иалшоз шыҟанаҵозгьы ҳәарада уи маҷын.

"Асовет еидгыла еилаҳаанӡа ҳара иҳаман ԥшьба-хәба хкы акалмаҳа. Урҭ сара реиҭашьақәыргылара сылшеит. Абра, Аӡеиқәатәи аҭагылазаашьаҟны ҳара иҳалҳаршеит еиуеиԥшым аԥсыӡ ааӡара. Аҿа Аԥсны аӡиасқәа ирҭаҳҵеит. Хәыҷ-хәыҷы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа амҩаԥысра иаҿуп", — еиҭеиҳәоит аԥышәа змоу аԥсыӡааӡаҩ Ражьден Агрба.

Лаҵарамза анҵәамҭазы Ражьден Даҭа-иԥа арахь иааигеит еиуеиԥшым аԥсыӡжәла хкқәа.

Аԥсыӡ дуи аԥсыӡ хәыҷи

Асовет аамҭақәа рзы аколлектив 130-150 тонна рҟынӡа аалыҵ аадрыхуан. Уи Аԥснеиԥш анҭыҵгьы ирҭиуан. Иахьазы ҳаалыҵ ҩеижәа тонна иреиҳам.

Акалмаҳааӡарҭа ахала ахы ныҟәнагоит, аԥхын ирзеизго ахашәала аҟынтәи аусуҩцәа рулафахәы рзыршәоит, уи ауп изхыҵуа аԥсыӡқәа рхәы ахәгьы, нас анхамҩа иацу акәама-ҵамарақәагьы урҭ аԥарақәа роуп излахадырҭәаауа.

Аԥхынразы, акалмаҳааӡарҭа асасцәа рацәаҩны иаҭаауеит. Арахь иааиуеит атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы. Уи уаҩ иџьеишьаша акакәым, избанзар аԥсабара аԥшӡара адагьы аԥсыӡ хаала агьама абара алшоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукЧернореченское форелевое хозяйство
Чернореченское форелевое хозяйство - Sputnik Аҧсны
Чернореченское форелевое хозяйство

 

Ажәабжьқәа зегьы
0