АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Аҟәа ахақәиҭтәра иазкыз атеатралтә ҟазшьа змаз ақәгылара.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аҟәа ақалақь ахадара Акультура аусбарҭа. Аконцерт аҟны ахәаԥшцәа иддырбеит иагьырзеиҭарҳәеит 2500 шықәса инареиҳаны изхыҵуа Аҟәа ақалақь аҭоурых. Ирацәан ашәаҳәаратә, акәашаратә номерқәа.
"Сара даара исгәаԥхеит уахатәи ахәылԥаз. Абас еиԥш иҟоу аконцертқәа иҵегь ирацәандаз уҳәо иҟоуп, ҳҭоурыхгьы ҳазнархәыцуа, агәалаҟазаара бзиагьы ҳарҭо", – лҳәеит ахәаԥшцәа руаӡәы.
Аибашьра еилгеижьҭеи зхы иақәиҭу атәылаҿы абиԥара ҿыц ирызҳаит, ҳәа азгәеиҭеит аҳҭнықалақь ахадара аусзуҩ, Аҟәатәи абатальон акомандир Сергеи Матосиан.
"Сара ибзианы исгәалашәоит цәыббра 16 рзы ихацыркыз аҵыхәтәантәи ҳжәылара. Ҳазшаз ҳиҳәон даҳхылаԥшырц, ҳирманшәаларц. Ашәара ыҟан, аха аӡәымзарак Гәымсҭа аарцә даанымхеит, ҳаззегь ҳцеит. Иахьатәи амш ҳара иҳазкуп, иахьа ҳаԥсадгьыл аизҳара иаҵагылоу, аха уи рызкуп ҳхақәиҭра зыԥсы ахҭнызҵаз аҵеицәагьы. Урҭ роуп ҳиааира зыбзоуроу", – иҳәеит Аԥсны Афырхҵа Сергеи Матосиан.
Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҵакы ду шамоу атәы иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба.
"Ари амш инаркны аӷа хәымга ҿааҳәыра имамкәа ҳтәыла иалцара ҳалагеит. Акызаҵәык исҭаху Аиааира зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа ахаан рыхьӡқәа кашәара рықәымзарц ауп. Урҭ аныҳәамшқәа раан мацара акәӡам ианҳгәалаҳаршәаша, зыԥсы ҭаны иҟоу аветеранцәа еснагьгьы ҳрызхәыцлароуп, урҭ рыԥсҭазаара аиӷьтәра иазку аполитика мҩаԥаагалароуп, апрограммақәа аԥҵалатәуп",– ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Афырхаҵа.
1993 шықәса цәыббра 27 рзы Аҟәа ақалақь зегьы иалцан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа 11 мшы ицон.
1992 шықәса, нанҳәа 14 рзы Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аруаа аихамҩа ахьчара ҿыҵгас иҟаҵаны, бџьарла еиԥных Аԥсны иалалаеит. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра цон 13 мзы, иагьхыркәшахеит аԥсуаа ҳиааирала 1993 шықәса, цәыббра 30 рзы.