Рауль Ҳаџьымбеи Рустам Минниханови еиԥылеит

© Sputnik Томас Тхайцуквстреча Хаджимба и Минниханова
встреча Хаджимба и Минниханова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханови еиԥылеит аԥшьаша, жьҭаара 1 азы.

АҞӘА, жьҭаара 1 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ареспублика Ҭаҭарсҭан ахада Русҭам Минниханов даниԥылоз, иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩбагь аинырра бзиақәа рыманы ишыҟоу.

"Аҳауатә ҭагылазаашьа иара ахатәы рҽеирақәа ҳаиԥылара ишаланагалазгьы, Казантәи ҳаиқәшәарақәа рышьҭахь агәалашәара ҟәандақәа ҳагәқәа ирҭахәхәа ирҭоуп. Даара иаҳҭахуп урҭ аус аҟны раларҵәара. Ҭаҭарсҭан ҳара еснагь иҳадгылон, агәра згоит ԥхьаҟагьы ҳусеицура иацҵахап ҳәа", — азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Минниханов иажәақәа рыла, аусеицуразы ареспубликақәа рыҩбагьы алшара бзиақәа рымоуп.

Русҭам Минниханов Владислав Арӡынба Имемориал даҭааит

"Урыстәыла-Аԥснытәи аизыҟазаашьақәа активла аҿиара иаҿуп. Ҳара иаҳуалуп арегионалтә ҩаӡараҟнгьы аусеицура амҩаԥгара. Ареспубликақәа рыҩбагь апотенциал бзиа рымоуп. Иахьа ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп аус здааулахьоу зҵаарақәак", — ҳәа азгәеиҭеит Минниханов.

Аиԥылара мҩаԥысуан иарку арежим аманы, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев далархәны.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Минниханови Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи еиԥылеит. Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп инарҭбааны Минниханови Аԥсны анапхгареи реиԥылара. Абри ашьҭахь ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵоит.

Русҭам Минниханов официалтә визитла Аԥсны даҭааит

Ҭаҭарсҭантәи аделегациа иалахәуп 24-ҩык, урҭ рыбжьара иҟоуп: Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Фатых Сибагатуллин, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Аекономика аминистр Артем Здунов, Атуризм азы Аилак аиҳабы Сергеи Иванов.

Ҭаҭарсҭан Апрезидент хаҭала дырҭаараны дыҟоуп Аҟәатәи ахштә зауади Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟоу арԥхарҭатә нхамҩаеи.

Апрограммаҟны иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп Очамчыра араион ахаԥраара, амшынтә баӷәазеи, араион анхамҩатә ҭыԥқәеи иара убасгьы Тҟәарчалтәи азауадқәа "Зариеи" "Аргонавти" рҭаара.

Минниханов изы ари авизит раԥхьатәиуп. Уаанӡа, 2015 шықәса ԥхынгәымзазы Рауль Ҳаџьымба хадас дызмаз Аԥснытәи аделегациа Казань официалтә визитла иҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0