Ҭырқәтәыла еиҿкаау акәашаратә ансамбль "Аураашьа" Аԥсныҟа иааит

© Sputnik Томас ТхайцукАнсамбль "Аурашьа".
Ансамбль Аурашьа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҿар ирабадырарц, Аиааира амш иадҳәалоу аныҳәақәа рхы рыладырхәырц азы Ҭырқәтәылантәи рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иааит акәашаратә нсамбль "Аураашьа".

АҞӘА, жьҭаара 3 — Sputnik, Анжелика Бениа. Ҭырқәтәыла, ақалақь Диузџье иатәу аԥсуа деренқь аҟны еиҿкаау акәашаратә ансамбль "Аураашьа" раԥхьаӡа акәны рыԥсадгьыл ахь иааит цәыббрамза анҵәамҭазы.

Ансамбль "Аураашьа" анапхгаҩы Муса Қапба иаҳирдырит игәыԥ аҭоурых. Иара излаиҳәаз ала, Аԥсныҟа иааит ансамбль 30-ҩык алахәылацәа.

"Ҭырқәтәыла Диузџье ақалақь иҟоу аԥсуаа рхеидкыла, акультуратә центр – адернеқь, ҳәа изаҳҳәо ҳансамбль "Аураашьа" иадҳәалоуп. Аураашьа – ажәытәан ҳабдуцәа, ҳабацәа ачарақәа раан "Аураашьа" ҳәа ирымаз акәашаратә хкуп", – иҳәеит Қапба.

Ҭырқәтәылантәи аԥсуа делегациа анапхгаҩы, акультуратә центр анапхгара алахәыла Ездемир Аҩӡба иажәақәа рыла, ансамбль аара хықәкы хадас иамоуп Ҭырқәтәыла инхо аҿар рашьцәа рахь раагара, риебадырра.

Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

"Аҿара реибабара, реизааигәатәра ауп хықәкыс иҳамаз. Аԥсны ҳаҽрылаҳархәит Аиааира амш иадҳәалаз аныҳәақәа, аҭыԥантәи ансамбльқәа ҳрыцкәашеит. Агәра згоит, иахьарнахыс, ансамбль алахәылацәа, раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа иааз, рҭоурыхтә ԥсадгьыл еиҳа ишазааигәахаз", – иҳәеит Аҩӡба.

Очамчыра араион ахада Хьрыԥс Џьопуа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа жьҭаара 27 рзы иааз ҳџьынџьуаа ираион аҟны идикылеит. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Очамчиратәи ақыҭа ашколқәа ирҭааит, уаҟа аконцертқәа еиҿыркааит. Аҭыԥантәи акәашацәеи Ҭырқәтәылантәи аԥсуа ансамбли еицықәгылеит.

Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны иааз ансамбль Аԥсны еицырдыруа аҭыԥқәа дырбан. Иара убас Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахь имҩахыҵит аԥсуа паспортқәа роурц азы. Иаҭаху ақьаадқәа хадырҭәааит. 

"Ҳаԥхьаҟа Аԥсназы иҿыцу ҽа гәыԥк аагара ҳгәы иҭоуп, зыԥсадгьыл ахь маакьана имаац. Иахьа иҳацу аҿар иааны, рхаҭа ирбеит ишырԥылаз ишрыдыркылаз, араҟа аԥсуаа шынхо. Рашьцәа ирабадырит. Рыԥсадгьыл ахь абзиабара иаҳа еизҳаит, агәыблыра ркит ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит Аҩӡба. 

Ансамбль "Аураашьа" кәашахьеит Бельгиа, Кувеит уҳәа атәылақәа рыҟны.

© Sputnik Томас ТхайцукАнсамбль "Аурашьа".
1/2
Ансамбль "Аурашьа".
© Sputnik Томас ТхайцукАнсамбль "Аурашьа".
2/2
Ансамбль "Аурашьа".
1/2
Ансамбль "Аурашьа".
2/2
Ансамбль "Аурашьа".

Акәашацәа иазгәарҭеит раԥхьаҟа Аԥсны иааны анхара шырҭаху.

Аԥсуа кәашаратә ансамбль "Аураашьа" еиҿкаан 2005 шықәсазы, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа ҩымызҟа шагыз Диузџье ақалақь ишьақәыргылаз адернеқь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0