ГАГРА, жьҭаара 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 1992 шықәса, жьҭаара 6 рзы аԥсуа еибашьцәа ирылдыршеит Гагра араион ахы ақәиҭтәра.
Иахьа шәҩык инареиҳаны Гагра араион ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала, Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион анапхгара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи ақалақь иаҭааз асасцәеи.
"Гаграа зегьы гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит араион ахақәиҭтәра 23 шықәса ахыҵра. Ари ахҭыс даара акраҵанакуеит аԥсуа жәлар рзы, усҟан ашьаҭа аркхеит Аиааира дугьы. Шәҿаԥхьа схырхәоит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа. Агәра шәсыргоит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳҵеицәа иаадырԥшыз афырхаҵара ахаангьы хашҭра шақәымло", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыц.
Нанҳәа 15, 1992 шықәсазы, Ԥоҭынтә Гаграҟа идәықәҵан ҩ-десанттә ӷбақәеи, ҩ-кометаки, акәылҵтәы техникақәа ԥшьбеи, аршьаҟауааи злаз ампыҵахалаҩ имшынтә десант.
Ашьыбжьон, асааҭ аказы, адесант ӡхыҵит Цандрыԥшь аҳаблан. Араҟа, аӷа аҿагылара ирҭеит аԥсуа еибашьцәа ргәыԥқәа. Аха амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳарԥарцәа хьаҵыр акәхеит асасааирҭа "Украина" ахьгылоу аҭыԥахь.
Анаҩс ақырҭуа мпыҵахалаҩ инапахьы иааигеит Гагра ақалақь. Иара уи алагьы аибашьра мраҭашәаратәи ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.
Гагра араион аӷа инапаҵаҟа иҟан 48 мши ҵхи.
Аинрал Сергеи Дбар иплан инақәыршәаны, иара инапхгаралагьы, жьҭаара 2 рзы нап аркын Гагра аҭарцәразы ажәылара амҩаԥгара. Уи аԥхьаҟа Мамзышьха аҳаракырақәа агаразы қәҿиарала аоперациа мҩаԥган. Ақалақь агаразы ажәыларатә аоперациа иалагеит шьыжьнаҵы, ахәылбыҽха 19 сааҭи 30 минуҭи рзы Гагра шьаҭанкыла ахы иақәиҭтәын.
Жьҭаара 6 рзы аԥсуа еибашьцәа наӡеит Цандрыԥшьынӡа, ашьыжь 6 сааҭки 40 минуҭи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ ахашәыршәыруан Ԥсоу аҳәаа.
"Гагра араион ҭаҳмарцәызтгьы, Аԥсны Аиааира зыҟаломызт. Аибашьцәа ҳахшыҩ еилаҵаны, акырӡа ҳазхәыцны ҳазнеит иҳақәҿиаз ари ажәылара. Гагра араион ахақәиҭтәра раԥхьатәи иааиран аԥсуаа рзы. Уи ҳаибашьцәа ргәы арӷәӷәеит, ирынаҭеит агәыӷра Аԥсны иаарласны аӷа дшалцахо", — ҳәа азӷәеиҭеит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Заур Ҭарба.