АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Цәыббра 13 рзы Аминистрцәа Реилазаараҟны имҩаԥысуаз абрифинг аҟны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба иҳәеит аҩныҵҟатәи азеиԥштәылауаҩытә паспорт рыҭара актәи аетап хыркәшоуп, ҳаиасуеит аҩбатәи ахәҭа – аелектронтә система аԥҵарахьы ҳәа.
"Аԥсныҟа иаагоуп 250 000 зеиԥштәылауаҩытә паспорти 50 000 анхараз азин абланкқәеи. Аҩныҵҟатәи азеиԥштәылауаҩытә паспорт рыҭара актәи аамҭахәҭа хыркәшоуп, уажәы ҳаиасуеит аҩбатәи ахәҭа – аелектронтә система аԥҵарахьы ҳәа", — иҳәеит Аӡынба.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, жьҭаара 20 рзы Аԥсныҟа еилаӡарыла иааргараны иҟоуп иахәҭаны иҟоу амыругақәа, убри ашьҭахь асистема аибыҭара иалагоит.
Шамиль Аӡынба ирылеиҳәеит аԥсуа паспорт ҿыц ахәԥса 380 мааҭ аҟынтәи 420 мааҭ рахь ишхалаз. Анхараз азин абланк аԥсахоит 940 мааҭ.
"Уаанӡатәи апаспортқәа анаагаз иҟаз аиҳабыра рымхәыцрала иахьа атәыла 95 миллион мааҭ рҟынӡа ахарџь ацәыӡит. Ари ҳацәцар ҟалон хәыцрыла азҵаара иазнеизар. Арҭ ахарџьқәа рзы ҭак ҟазҵода? Апаспортқәа рганахьала аусҭҵаарақәа макьанагьы ихыркәшам", — иҳәеит Аӡынба.
Азеиԥштәылауаҩ паспортқәа рыла ауааԥсыра реиқәыршәара 2016 шықәса ахы-аҵыхәала ихыркәшахап ҳәа азыԥхьагәаҭоуп.
Апаспорт ҿыц ркьыԥхьуеит урыстәылатәи "Гознак" аҟны. Адокумент еиқәыршәахоит хаҭабзиара ҳаракыла. Изтәу ихаҭаратә дыррақәеи адокумент ахаҭа ахьчареи ҳаамҭазтәи ахьчара атехнологиақәа ирықәшәоит.