Адунеи аҟны зегь реиҳа икьаҿу аӡиас Аԥсны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукРека Репруа.
Река Репруа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеиаҿ зегь реиҳа икьаҿу аӡиас Репруа Гагра араион аҟны иҟоуп.

Адунеи аҟны зегь реиҳа икьаҿу аӡиас Репруа ахы ыҵнахуеит Илиухин иҳаԥы ҳәа изышьҭоу аҳаԥы ҵаула аҟынтәи. Амшын Еиқәа иахьаҿықәу реиҳа ихьшәашәоу ӡиасны иԥхьаӡоуп иара.

Аура 18 метра заҵәык роуп иҟоу. Иуҳәар ауеит ахы ахьыҵнахыз иагьынҵәоит ҳәа.

Репруа иазкны раԥхьатәи адыррақәа ҟаҵан апринц Ольденбургски иаамҭазы, Гагратәи аҳауатә станциа анаԥырҵоз аамҭақәа рзы.

Репруа иҭоуп аԥсыӡ, апланктонттә организмқәа, азоопланктонқәа.

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҵарауаа иаздырхиараны иҟоуп Репруа аекологиатә паспорт. Урҭ гәҭакны ирымоуп, Репруа адунеи аҟны зегь реиҳа икьаҿу аӡиас ҳәа, Гиннес ишәҟәы иалагалахарц азыҳәа аҟаҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0