Артур Амқәаб: аҳәынҭқарра ичмазцәоу ауаа хылаԥшрада иннажьуам

© Sputnik Наала АвидзбаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны ахархәарахь ирырҭеит "иԥсабаратәым аҷаҷа" аппаратқәа хԥа.

АҞӘА, жьҭаара 20 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны аԥыза-министр  ареспубликатә хәышәтәырҭа даҭааны ибеит агемодиализ азы ахәышәтәырҭахь иаагоу аппарат ҿыцқәа.

"Иахьа иҟоу аҭагылазаашьа уаанӡатәи аасҭа акырӡа еиӷьуп. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ареспубликатә хәышәтәырҭа иахәҭоу амыругақәеи ахәшәқәеи рыла еиқәзыршәо урыстәылатәи аилахәыра", — иҳәеит Амқәаб.

Урыстәылатәи амедицинатә еилахәыра “Metaco” апрезидент ихаҭыԥуаҩ Андреи Маскевич иазгәеиҭеит  ареспубликеи аилахәыреи аусеицура шхацдыркыз 2011 шықәса рзы. Усҟан хәыда-ԥсада арахь иааган "иԥсабаратәым аҷаҷа" аппарат.

Ауниверситет актәи акурс астудентцәа адиспансеризациа иахрыжьуеит

"Иахьазы ҳаизыҟазаашьақәа еиҭаҳарҿыцит. Иаԥҵахеит Аԥснытәи амедецинатә еилахәыра. Ари ареспубликаҟны ираԥхьатәиу ҳәынҭқарра-хатәы еилахәыроуп", — иҳәеит иара.

Ачымазцәа рзы агемодиализ апроцедура хәыда-ԥсада имҩаԥыргоит, уи аҳәынҭқарра ахә ахнашәаауеит.

"Ҳәарада, ари имариоу усым, аха аҳәынҭқарра ачымазцәа цхыраарыда иаванажьуам. Атәыла анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит ачымазцәа еиҳа еиӷьны амаҵзурақәа рыҭаразы", — азгәеиҭеит Артур Амқәаб.

Аппарат ҿыцқәа раагара ашьҭахь жәаҩык рыла еиҳаны ачымазцәа рмаҵзура алыршахоит. Аҷаҷа чымазара ҷыда змоу ауаа апроцедурақәа ирхысуеит мчыбжьык ахь хынтә, ԥшьба-ԥышьба сааҭ. Агемодиализ аҟәша аартуп 2012 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0