Ҭырқәтәылантәи аделегациа Аԥсныҟа раԥхьаӡа раара 40 шықәса ахыҵит

© Sputnik Бадра АвидзбаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра ихнарҵәаз аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа рделегациа раԥхьаӡа рыԥсадгьыл ахь раара иазкыз аиԥылара мҩаԥган Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Азеижәтәи ашәышықәсазы ихҵәаз аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа раара 40 шықәса ахыҵра иазкны аиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша жьҭаара 29 азы.

Аиԥылара мҩаԥган Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы. Уи ашҟа имҩахыҵит Аԥсны ахадара ахаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуаҩцәа, аҵарауаа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зхатә гәаԥхарала еибашьуаз Ҭырқәтәылантә иааз ҳашьцәа.

Ақәгыларақәа аартуа Аԥсадгьыл архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуаҩ, апоет Вахтанг Абҳазоу дазааҭгыланы еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантә аделигациа раара шыҟалаз, иара убас, иааидкыланы Аԥсни Ҭырқәтәылеи рҿы инхо аԥсуа жәлар реиҭанеиааира аҭоурых атәы.

© Sputnik Бадрак Авидзба Фото с места события.
1/2
Фото с места события.
© Sputnik Бадрак АвидзбаФото с места события.
2/2
Фото с места события.
1/2
Фото с места события.
2/2
Фото с места события.

Аизараҿы иқәгылаз Аԥсны ахада иабжьгаҩ, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит 40 шықәса раԥхьа аԥсуа делигациа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа раара даара акыр зҵазкуаз хҭысын, ҳәа.

"40 шықәса раԥхьа иҟалаз ахҭыс даара акыр зҵазкуа усны иҟалеит, уи аидиологиатә шьаҭа ӷәӷәа аман. Урҭ идырҵысыз ацәқәырԥа ауп аимадара арӷәӷәара зыбзоурахаз. Абра иахьа имҩаԥысуа аиԥылара ҳҭоурых ахь ҳхьанарԥшуеит", — иҳәеит уи.

Владимир Занҭариа иҳәеит раԥхьатәи аделигациа ишалахәыз еицырдыруа Ҭырқәтәыла инхоз ауаа хатәрақәа Омар Беигәаа, Орҳан Шамба, Ченгиз Бганба реиԥш иҟаз. Иара убас уи иациҵеит урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа раара усҟантәи аамҭазы даара ишымариамыз, уи ишаҿагылоз Асовет мчра асистемеи, усҟан Ҭырқәтәыла иҟаз арежими. Аха урҭқәа зегьы хьаас имкыкәа рхықәкы нарыгӡеит, иҳәеит уи.

Занҭариа агәыӷра ааирԥшит Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаҩ ду Омар Беигәа диижьҭеи 115 шықәса аҵра милаҭтә хҭыс дук аҳасаб ала амҩаԥгара шаҭаху, уи азы Аԥсны анапхгара агәҭакқәа шрымоу.

Иқәгылоз зегьы еицҿакны иазгәарҭеит Ҭыркәтәылантәи ҳашьцәа Аԥсныҟа раара ҩ-тәылак рҿы инхо аԥсуаа реимадара аус аҿы акыр зҵазкуа хҭысны ишыҟалаз.
Ақәгыларақәа анхыркәшаха ашьҭахь, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба нанҳәамза 15 аҽны инапы зҵаиҩыз аусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зхатә гәаԥхарала еибашьуаз Ҭыркәтәылантә иааз гәыԥҩык аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭан. "Леон иорден " иаԥсахеит Рыдван Агрба, Аҳмеҭ Барчан, Есыф Хапат, Аслан Тҳасҭоҟәа, Музафер Чокәуа, Еркан Кәҭарба, "Агәымшәаразы амедаль " ранашьан Муҳарем Аҭрышба, Низам Быҭәба, Инал Хәытаба, Ерсин Чкәуа.

Аиԥылара иалахәыз алшара рыман Ҭырқәтәылатәи аделегациа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа раара иазкыз афотоцәыргақәҵа ахәаԥшра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0