Таривердиева: Пицундатәи ауарӷан иадҳәалоуп Микаель иусура аетап ҿыц

© Sputnik / Виталий Карпов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоветский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев.
Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вера Таривердиева, еицырдыруа акомпозитор Микаель Таривердиев иԥшәмаԥҳәыс, Пицундатәи ауарӷан 40 шықәса ахыҵра инадҳәаланы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аԥсни Пицундатәи ауарӷани ирыдҳәало лгәалашәарақәа ртәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥигон Бадраҟ Аҩӡба.

- Иаҳзеиҭашәҳә акомпозитор Микаель Леон-иԥеи Пицундатәи ауахәамеи реибадырра атәы.

- Микаель Леон-иԥа есышықәса Пицунда иԥсы ишьон. Раԥхьаӡа акәны араҟоуп иахьиаҳаз усҟан зынӡа иқәыԥшыз Лиудмила Габриа-Галустиан лыбжьы. Уи инаҭаз анырра ашьапы анаркит ирҿиараҿы аетап ҿыц. Убасҟан, раԥхьаӡа акәны иҩит ауарӷан азы аконцерт "Кассандра". Угәы иаанагоит иара Аԥсны иаԥеиԥшыз атрагедиатә аамҭақәа адибалазар ҟалап ҳәа.

- Лассы-лассы даалозма акомпозитор Аԥсныҟа?

- Микаель Леон-иԥа дхәыҷаахыс Аҟәаҟа даалон. Иҭаацәа дааргон ԥсшьара ҳәа ианаауаз Қарҭынтәи. Қарҭоуп иара дахьиз, иахьизҳаз. Аҟәа дынхон Сато Григори-иԥҳа лҩыза бзиа, Нина. Микаель Леон-иԥеи уи лыҷкәын Гурами еиҩызцәа бзиақәан ихәыҷаахыс. Нас, аамҭақәа анцагьы, Аҟәа ҳаннеиуаз Гурам Шублаӡе иҩны ҳамнеикәа ҟаломызт.

Хынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы акомпозиторцәа рҟазара Аҩны "Лиле" ҳаауа ҳалагеит. Еснагь номерк аҿакәын ҳахьаангылоз (аҩбатәи аетаж аҟны иҟаз аномер ԥшьба). Есышықәса ҩба-ҩба мзы ҳаауан. Уахь инеиуан Радион Константин-иԥа Шьчедрин, Маиа Михаил-иԥҳа Плисецкаиа. Радиони иареи еиҩызцәан, бзиа еицырбон аӡтәы спорт хкқәа. Зны, Микаель Леон-иԥа  Каннтәи афестиваль аҟны даныҟаз, ԥыҭк уаангыл ҳәа иарҳәеит, аха иара мап икит. "Аҟәаҟа апутиовка сымоуп" иҳәеит. Ишәҟәы "Я просто живу" аҟны ирацәоуп Аҟәа иазку, уаа аамҭа шихигоз, амузыка шиҩуаз, ибара ҳәа инеиуаз рыӡбахә уҳәа ирацәоуп дызлацәажәо.

Микаель Леон-иԥа арҿиара аҩнаҟны зегь бзиа деицырбон. Ирацәаҩны аҩызцәа иман. Арҿиара аҩны амашьынарныҟәцаҩ Ашот ихәыҷгьы аӡы дӡааиххьан. Уи иара иаҳаҭыр азы Микаель ихьӡырҵеит.

Арҭ аамҭақәа, Аҟәатәи аԥхын мзы ҟәандақәа, урҭ иреицәамкәа иҟәандаз ҭагалантәи амзақәа, ҳара ҳаԥсҭазаараҿы иреиӷьӡақәәаз иреиуоуп. Ҳара  еснагь ҳаауан арахь нанҳәамза абжара ианнеиуаз. Микаель Леон-иԥа жьҭаарамзанӡа даанхон.

© Sputnik / Борис Кауфман / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыдающийся российский композитор армянского происхождения, армянин, народный артист России Микаэл Леонович Таривердиев (1931-1996).
Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
1/2
Выдающийся российский композитор армянского происхождения, армянин, народный артист России Микаэл Леонович Таривердиев (1931-1996).
© Sputnik / Борис Кауфман / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоветский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев (1931-1996).
Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
2/2
Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев (1931-1996).
1/2
Выдающийся российский композитор армянского происхождения, армянин, народный артист России Микаэл Леонович Таривердиев (1931-1996).
2/2
Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев (1931-1996).

- Аԥсны шәеицыҟазаара атәы шәаҳзалацәажәа.

— Микаель Леон-иԥа Аҟәоуп сара аӡы сҽахьысӡааирхыз.

Аҵыхәтәан ҳара Пицунда ҳаҟан жәабранмза 1992 шықәса рзы. Мчыбжьык ҳаҟан. Раԥхьаӡа акәны аӡынразы ҳааит. Микаель Леон-иԥеи Лиуда Габриеи  акомпакт-диск ианырҵараны иҟаз апрограмма ду рҽазыҟарҵон.

Ҽынла, амра аныԥхоз иԥхарран. Аҷнышқәа афымцацәаҳәақәа ирықәтәаны амра рҽаҭаны рыҽдырԥхон. Ауахәамаҟны акыр ихьҭан. Хыхьтәи ацәамаҭәа шаҳшәызгьы  ахьҭа ҳакуан. Лиуда иналыгӡон ауарӷан азы аконцерт "Чернобыль". Ауаа арахь екскурсиак аҳасабала шакәыз ишаауаз уазхәыцыр, иазыӡырҩуада угәахәрын. Урҭ рхахьгьы иааиуамызт автор асцена ашьҭахь ачаи-шы ала иҽыширԥхоз. Аконцертқәа  уаҩы иџьеишьартә имҩаԥысуан. Ахәаԥшцәа гыланы рнапы еинырҟьон.

Аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәон. Ауарӷангьы аангылон. Ушьҭа алашара ҟалом ҳәа  ҳгәы ианаанагоз  ауахәама ҳандәылҵны еиҳагьы илашьцаз аҵх ҳналалон. Аҭынчра улымҳа ҵнахуан. Апальмақәа асы рықәноуны игылан.

Аҭынчра нанҳәамзанӡа иачҳаит. Еснагь еиԥш апутиовкақәа аахәан иҳаман аибашьра анҵысыз. Апутиовкақәа ҳархынҳәит. Абомбақәа зларыжьуаз Аҟәеи, ақалақь иахаԥыруаз аибашьыга верталиотқәеи ателевизор ала ианаабоз уа инхоз ҳҩызцәа, ҳдырцәа – тиотиа Маро, Надиа, арҿиара Аҩны адиректор Оҭари, абиблиотека аусзуҩы Марина, абаҳчааӡаҩ Бочана – зегь ҳгәалашәон. Ирыхьыз ҳаздырамызт, хьаас иҳаман. Лиуда Габриа Пицундантәи даннеи  илҳәалон: "Уажәоуп ианеилыскаа "Кассандра" зызкыз. Иҳахьыз, иаҳԥеиԥшыз зегь еиҭанаҳәон" ҳәа.

- Избан Микаель Леон-иԥа ауарӷан азы амузыка аҩра дзалагаз?

— Иара еснагь иҩныҵҟа иҭыҩуаз абжьы амузыкахь ииагалар иҭахын. Иааит ауарӷан аамҭагьы. Иҩныҵҟа, игәаҵаҿы ауарӷан абжьы аниаҳауп аҩрагьы даналага. Абри ала иалагеит иҟазараҟны ихьшәаз аетап.

-Аурӷан музыка атәы ҳамҳәозар, заҟәа музыкатә рҿиамҭа Аԥсны иҩызеи Микаель Леон-иԥа?

— Аԥсны ииҩыз рацәаӡоуп. Еиҳаракгьы Аҟәа. Исҳәар ауеит ирҿиамҭақәа раӷьырак аброуп иахьиҩыз ҳәа — иинструменталтә концертқәа зегьы, аоперақәа ҩба, акино азы имузыкатә рҿиамҭақәа реиҳарак. Арҿиара ҩны "Лиле" аныҟамызгьы иара Аԥсныҟа даауан. Владимир Маиаковски иажәеинраалақәа ирылху ацикл иҩит Пицунда, 1959 шықәса рзы. Иаанхеит ичыбаҭаҵа нотатә шәҟәы. Уаҟа иҟоуп абри аҩыза анҵамҭа: "Амшын аҟәараҟны оумашәа аусура агәаҳәара ацуп, аха ухала уаныҟоу акалашәа зегь агәхьаагара рыҵоуп. Ишԥарыдыркыларишь Москва изҩыз ацикыл". "Изакәу сзымдыруа џьара ак сҭахуп. Иеилыскаар исҭаху — сҭынчхап». "Заҟа ирацәоузеи улаԥш здызымхало аҳәсақәа. Рылаԥшқәа акгьы рҳәаӡом. Иҟалап сара згәы ҿыӷьуа уаҩԥагьак сиеԥшзар. Аамҭа 6.30. ҟалахьеит. Хәылбыҽхоуп".

- 2015 шықәса цәыббрамзазы ауарӷан ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз афестиаль аҟны Пицундатәи ауахәамаҿ шәыҟазаараан цәаныррақәас ишәызцәырҵи?

- Сара даара агәахәара снаҭеит еиҭах Аԥсныҟа саара. Иҭабуп ҳәа расҳәоит Лука Гаделиеи Марина Шамԥҳаи ауарӷан аиубилеи иазкыз афестиваль ахьеиҿыркааз. Аконцерт аҟны ауаа рацәан. Аҭагылазаашьа угәы архыҭ-хыҭуан. Иҟан издыруаз ауаагьы. Лука уаҩы ишимбац дыхәмаруан. Иара далахәын Микаель Таривердиев ихьӡ зху ауарӷанарҳәаҩцәа Жәларбжьаратәи рконкурс. Аԥхьахә "Вера, Надежда, Любовь" иара исҭеит. Иԥшӡаны ашәа лҳәон Кристина Ешԥҳа. Насыԥуа Аԥсны асеиԥш иҟоу аҟазацәа ахьыҟоу!

Сара сзы акраҵанакуеит еиҭах Пицунда аҟазаара. Аибашьра ашьҭахьгьы Аԥсныҟа ҳаахьан Микаели сареи. Арахь ааԥхьара ҳаиҭеит Владислав Арӡынба аинтервиу имызхырц иаауаз Андреи Караулов. Ҳара ҳаҟан Гәдоуҭа. Уаҟакәын Арӡынба ирезиденциа ахьыҟаз. Аҟәа ҳара уаҳа ҳамнеиит. Пицунда акәзаргьы зымҩа ҳаҩсит. Исгәалашәоит ԥхынгәы 25 рзы, Шәача, арҿиаратә Ҩны "Актиор" абарҵа дықәгыланы илаԥш  Аԥсныҟа ирханы дшыԥшуаз Микаель. Абзиараз зҳәоз лаԥшын ари алаԥш. Ҵыхәтәантәи лаԥшын. Зны бзиа иибоз аҭыԥ лаԥшыла абзиараз ҳәа даԥырҵуан.

© Foto / из личного архива Веры ТаривердиевойМикаэл Таривердиев
Микаэл Таривердиев - Sputnik Аҧсны
Микаэл Таривердиев

Ажәабжьқәа зегьы
0