Авиоланчельарҳәаҩ Книазев раԥхьаӡа Пицунда ауахәамаҿ ауарӷан аирҳәеит

© www.glinka.museumАлександр Князев.
Александр Князев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа урыстәылатәи авиолончельарҳәаҩ, ауарӷанрҳәаҩы Александр Книазев Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Пицундатәи ауахәамаҟны уарӷан арҳәаҩык иаҳасабала раԥхьатәи ишьаҿақәа ртәы.

Авиолончели ауарӷани рарҳәаҩы Александр Книазев раԥхьазатәи Пицундатәи ауаухәамаҿы иқәгылара атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥигон Бадраҟ Аҩӡба.

- Александр Александр-иԥа,  шәкариера хшәыртит Пицундатәи ауахәамаҟны уарӷанарҳәаҩык иаҳасабала. Иаҳзеиҭашәҳәа ари ахҭыс шыҟалаз.

— Ари ахҭыс, раԥхьатәи сконцерт, мҩаԥысит 1987 шықәса рзы. Сара уахь снеиԥхьеит сҩыза, Нодар Ҷанба. Усҟан иара  ахортә капелла напхгара аиҭон. Аконцерт аҟны сара авиолончель аҟны сыхәмарыр акәын, аха усҟантәи аамҭазы ауарӷан акыр сазхьаԥшуа сахьыҟаз иахҟьаны ауарӷан аҟны сыхәмарыр ҟалома сҳәеит. Нодар дақәшаҳаҭхеит. Абас ала, сара раԥхьаӡа акәны ауарӷан саҿатәеит. Уи амш сара сгәалашәараҟны иаанхеит. Абҵара 2 рзы акәын. Иахьа уажәраанӡагьы ауарӷан асырҳәоит. Аибашьра ҟалаанӡа сара Аԥсныҟа есышықәса саалон.

Зал Пицундского собора. - Sputnik Аҧсны
Кониаев: еиуеиԥшым ауарӷанқәа асырҳәахьеит - Пицундатәи зегьы иреиӷьуп

- Изакәытә ныррои ишәнаҭаз раԥхьатәи шәуарӷантә концерт?

— Уаҩы ишимбац насыԥ сыманы схы збон. Иҳәатәуп Пицундатәи ауахәама акы ишаламҩашьо. Иара Аԥсны иакультуратә центрны иҟоуп. Аҵак ду амоуп. Иахьатәи имариам ҳаамҭақәа рзы сара исшьоит акультуреи адоуҳаи зегьы ирыцкуп ҳәа. Ауаа аԥсшьара адагьы рдоуҳа аизырҳаразы арахь иаауеит. Аинструмент акәзар иреиӷьӡақәоу иреиуоуп, еицырдыруа анемец фирма "Schuke" иатәуп. Уи афирма Калининград ақалақь аҟынгьы иқәнаргылеит Урыстәыла зегьы аҟны еиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡо ауарӷан. Ауарӷани ауахәама акустикеи акыр еиқәшәоит.

- Амузыкантцәа ирҳәоит аинструментқәа рбыжьгашьала аки аки еиԥшым ҳәа. Ҷыдарас иамои Пицундатәи ауарӷан?

— Ауарӷанқәа зегьы дара дара еиԥшым. Ҳәарада акустикагьы анырра уи анаҭоит. Ауарӷан иахьабалак иургылар зуа музыкатә инструментым. Пицундатәи ауарӷан уникалны иҟоуп  абри ауахәамаҟны иахьықәгылоу азы. Иара абжьхылҵреи ауахәама акустикеи еиқәшәоит. Сара саныхәмаруа агәахәара ду соуеит. Сыхәмаррала иаасырԥшырц исҭаху ацәаныррақәа зегьы цәырызгоит.

- Аконцертқәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны имҩаԥыжәгоит, ишәҳәарц ишәылшои аԥсуа зыӡырыҩцәа рганахьала?

— Араҟа сара еснагь гәахәара дула исԥылоит. Нодар Ҷанбеи сареи  изныкымкәа Аҟәатәи афилармониаҟны аицықәгыларақәа анымҩаԥаагоз азыӡырыҩцәа  ибзиаӡаны, аԥхарра аҵаҵаны ҳрыдыркылон.

- Шәгәы иҭоума иааиуа аамҭақәа рзы Аԥсны ақәгыларақәа рымҩаԥгара?

- Аиҩызара ду ҳабжьоуп раԥхьатәи аԥсуа уарӷан арҳәаҩ, Пицундатәи ауахәама ауарӷан зал асахьаркыратә напхгаҩы Марина Шамԥҳаи сареи. Аҵыхәтәантәи 5-6 шықәса рыҩныҵҟа лара иҟалҵо ааԥхьарала сара есышықәса арахь саауеит. Сгәы иаанагоит ари атрадициа ԥхьаҟагьы аҭыԥ аиуп ҳәа. Марина иџьашьатәу уаҩԥсуп. Уи илеиԥшу ауаа сара сыԥсҭазаараҟны имаҷны исԥылахьеит. Лара иҟалҵо ахәшьара уадаҩуп. Ақәҿиара дуқәа лзеиӷьасшьоит. Ари аҭыԥ сара даара бзиа избоит. Ара зегь ԥшӡоуп, зегьы удыршанхоит. Сгәы иҭоуп ҽааны, аурӷан афестиваль аҟны сықәгылап ҳәа.

Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
Таривердиева: Пицундатәи ауарӷан иадҳәалоуп Микаель иусура аетап ҿыц

Иарбанызаалак атәыла иамоуп ахатәы культура. Уи ала иӷәӷәоуп. Аҵак ду амоуп иара аиқәырхара. Саргьы исылшо зегь ҟасҵалоит Аԥсны иҵегь ирацәаны аконцертқәа мҩаԥысларц, егьырҭ амузыкарҳәаҩцәагьы аазгалоит. Урыстәыла ирацәоуп аҟазара злоу ауаа. Аԥсни ҳареи агәылеимабзиара иҳабжьоу инамаданы даара исҭахуп арахь ирацәаны аконцертқәа мҩаԥыргаларц азы иааларц ҳмузыкауаа. Аԥсни сареи ҳаимадара амч сыланаҵоит. Доуҳала сарбеиоит.

- Мышқәак рышьҭахь  Пицундатәи ауахәама ауарӷан зал аартра 40 шықәса ахыҵуеит. Ирзеиӷьашәшьарц ишәҭахузеи аԥсуа музыкантцәеи азыӡырыҩцәеи?

— Сара исҭахуп ирзеиӷьасшьарц амузыка хазына. Ирацәаны. Исҭахуп  араҟа иҩныҩларц абри аинструмент азы иҷыдан иҩу Бах, Гендель, Моцарт, Вивальди рырҿиамҭа дуқәа. Исҭахуп зегьы ҳанасыԥ ҳалагәырӷьаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0