Кониаев: еиуеиԥшым ауарӷанқәа асырҳәахьеит - Пицундатәи зегьы иреиӷьуп

© Sputnik / Илона ХварцкияЗал Пицундского собора.
Зал Пицундского собора. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аинтервиу аҭо, аурӷанарҳәаҩы Гарри Кониаев иаҳзеиҭеиҳәеит ирҿиаратә биографиа Аԥснытәи ахәҭа атәы.

Sputnik аинтервиу аҭо, аурӷанарҳәаҩы Гарри Кониаев иаҳзеиҭеиҳәеит ирҿиаратә биографиа Аԥснытәи ахәҭа атәи Пицундатәи ауарӷан абжьы ауникалра атәи.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Асҭанда Арӡынԥҳа.

- Ҳаҭыр зқәу Кониаев, шәара акыр шықәса аус жәуан Пицундатәи ауахәамаҟны. Шәара шәоуп Аԥснытәи афилармониа раԥхьатәи ауарӷанарҳәаҩ. Шәара шәсолотә концертқәа ма ашәаҳәаҩ Лиудмила Логуаԥҳа илыцымҩаԥыжәгоз – амузыка абзиабаҩцәа иахьагьы иргәалашәоит. Сара исҭахуп ҳалацәажәар шәара шәыԥсҭазаара Аԥснытәи ахәҭа. Ишәгәалашәыршәалоума Аԥснытәи шәусура аамҭа?

— Аԥснытәи сусура шықәсқәа сара ианысгәаламшәо ҟалаӡом. Исҳәар сылшоит урҭ сыԥсҭазаара иреиӷьқәаз аамҭақәоуп ҳәа. Харшҭышьа рымоума Аԥсны иреиӷьу акәакьқәа рҟны бзиа иубо аус унапы аналаку, ухатәы ԥсҭазаараҟны бзиа иубо даныҟало, ухшара аниуа.

- Шәара Аԥсныҟа шәааит Қарҭтәи акансерваториа шәшалгаҵәҟьаз. Асеиԥш аӡбра залышәхи?

Валико. - Sputnik Аҧсны
Анџьныр Џьонуа Потсдамтәи имиссиа. Пицундатәи ауахәама аҭоурых аҟынтә

— Ауарӷани сареи ҳҭоурых мистикатәуп. Сышьҭахьҟа инсыжьыз аамҭақәа санрызхәыцуа избоит ауарӷан иадҳәало зегьы машәырны ишыҟалоз. Сара сашьа  аконсерваториаҟны рҵаҩыс аус иуан. Зны дсазҵааит ауарӷан арҳәара сҭаху исҭахыму ҳәа – аконсерваториа апрофессор астудентцәа еидикылон азы. Ауарӷан закәу шысзымдыруазгьы сақәшаҳаҭхеит.  Аконсерваториа саналгаз ашықәс азоуп Пицунда ауарӷан анықәдыргылаз. Рацәак сымхәыцӡакәа арзаҳал зҩит арахь аусура саарышьҭырц. Азҵаара акраамҭа ирыӡбон. Шықәсыбжак ашьҭахь ауп сара арахь аусура ҳәа акультура аминистрра санаанашьҭыз.

Аусура саналага исбарҭахеит ассистент дшысҭахыз. Абри атәы засҳәаз ауарӷан аҟаза  пицундатәи амузыкатә школ аҟны дрыҳәеит ацхыраара сырҭаларц аконцертқәа раан. Зегь мап ркит. Аӡә лыда. Уи наҟ-наҟ сара исынасыԥхараны иҟаз лакәхеит.

-Аԥсны ауарӷан музыка шԥашьақәгылоз? Иҿыцыз аинструмент шԥарыдыркылеи азыӡырыҩцәа, акыраамҭа иашьцылозма?

— Ауарӷан Аԥсны амузыкатә ԥсҭазаара иаарласны иалаӡҩеит. Раԥхьатәи ашықәс азыҵәҟьа Аԥсуа филармониа аколлективқәеи асолистцәеи аконцертқәа рымҩаԥгара иалагеит. Ҳара инаҳагӡон аԥсуа жәлар рашәақәа, аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа.

-Шәара Пицундаҟа шәанаа ашьҭахь ауахәамаҟны есышықәса имҩаԥырго иалагеит цәыббратәи  аклассикатә уарӷантә музыка афестивальқәа. Уи иалахәын ирацәаҩны еицырдыруаз артистцәа. Атрадициа иахьагьы аԥсы ҭоуп, аха ишԥалагеи иара? Афестивальқәа рымҩаԥгара Роизман иидеиоуп рҳәоит, ус аума?

Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
Таривердиева: Пицундатәи ауарӷан иадҳәалоуп Микаель иусура аетап ҿыц

 — Ааи, раԥхьатәи ауарӷантә фестиваль амҩаԥгара аидеиа ииашаҵәҟьаны Москватәи аконсерваториа апрофессор Леонид Роизман итәуп. Ауарӷан зегьы бзиа еицырбеит. Араҟа зыԥсы зшьоз атуристцәа роума аҭыԥантәи ауаа роума. Ҳара ҳзал еснагь иҭәын аконцертқәа раан. Усҟантәи аамҭақәа рфотосахьақәа  уанрыхәаԥшуа иубоит уи ус шакәу. Раԥхьатәи афестиваль убасеиԥш қәҿиарала имҩаԥысит – иаразнакы иҳаӡбеит есышықәса имҩаԥаагаларц. Асовет Еидгыла иреиӷьӡақәаз ауарӷанарҳәаҩцәа еизон, нас атәымҳәынҭқаррақәа рҟынтәигьы аара иалагеит афестиваль ахалархәразы.

- Шәара ишәҳәеит шәрепертуар ишалаз  аԥсуа жәлар рашәақәа. Иҟааз урҭ рыда? Еиҳарак бзиа ибаны иалашәҵоз шәрепертуар?

— Сара аханатәгьы арепертуар арҭбаара сҽазысшәон. Ҳәарада сара исымоуп бзиа избо акомпозиторцәа, иаҳҳәап Иоганн Себастиан Бах. Уи ирҿиамҭақәа сара концертцԥхьаӡа сыхәмаруан. Раԥхьатәи апрограмма иалан  ҳара ҳҟынӡа иааӡаз Леонино Перутино ирҿиамҭақәа.

- Ашәаҳәаҩ Лиудмила Логәуаԥҳа лыӡбахә шәҳәеит, уаҳа аус зцыжәуадаз?

— Сара Аԥснытәи афилармониа асолистцәа зегьы срыцықәгылон, иаҳҳәап Борис Амҷба, Алла Оҭырԥҳа, Аԥсны аҳәынҭқарратә капелла, Аԥсны акамертә оркестр.

- Реиҳа шәгәалашәараҟны инхеи Аԥсны аус аныжәуаз?

— Зегь реиҳа еицырдыруаз ауарӷанарҳәаҩцәа раара, рконцертқәа. Пицунда бзиа еицырбоз курортын. Арахь аӡынгьы  иаауан адунеи атәылақәа рҟынтәи ауарӷанарҳәаҩцәа. Сара, усҟан иқәыԥшыз амузыкант сзы уи акраҵанакуан. Сара сзы урҭ рҵаҩцәак иреиԥшын. Лабҿаба избон иҟаҵатәызи иҟаҵатәымзи. Насгьы сара исыман алшара гостроль ҳасабла ирацәаны аныҟәарақәа рзы. Аублика акәзар – иеиӷьу узаҳәом. Ибзианы ирыдыркылон ҳконцертқәа. Пицунда ааигәара ԥхынрала МГУ алагерь аангылон. Арахь иаауан астудентцәа, апрофессорцәа, адоцентцәа. Урҭ рзы ҷыдала асааҭ жәба рзы аконцертқәа мҩаԥаагон. Дара акатер ала инаргон. Аконцертқәа раан амҵ ԥыруазар абжьы уаҳауан, убас иӡырыҩуан.

- Мзызс иамоузеи Аԥснынтәи шәцара?

- Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра. Аԥхьа Екатиренбургҟа сиасит. Уаҟа хышықәса аус зуан аҭыԥантәи афилармониаҟны. Уаанӡа Германиаҟа аиасразы азыҳәа насышьҭхьан. Сара анемец шьаҭақәа сымоуп, убри азы ҭаацәаныла уахь ҳаиасит.

- Агәаҳәара шәымоума еиҭах аинструмент алакьысразы, иараҟны ахәмарразы?

— Есышықәса сыԥшәмаԥҳәыси сареи Пицундаҟа ҳаауеит. Алшара сымоуп сықәгылаларц. Уи азы ҭабуп ҳәа ласҳәоит  Марина Шамԥҳа. Лара лоуп иахьа аконцертқәа еиҿызкаауа. Аинструмент акәзар мшаҽнеиԥш аус ауеит.

- Абжьгара аҽамԥсахӡеи?

- Уажәы еиҳагьы еиӷьны абжьы ахоуп. Аибашьра ашьҭахь аус ахьынӡамуаз хәҭақәак ԥхасҭахеит аха Марина илыллыршеит акапиталтә ремонт азура. Иара шьақәзыргылаз анемец фирма аҟазаацәа аарыԥхьан, урҭ еиҭашьақәдыргылеит аинструмент. Ҩышықәса рахь знык иаалыԥхьоит урҭ аҟазауаа. Ауарӷан иахьа заӷьҭамны иҟоу инструментуп.

- Ҷыдалатәи абжьы ахоума ауарӷан Пицундатәи ауахәамаҟны? Егьырҭ ауарӷанқәа излареиԥшымзеи?

— Сара адунеи ауарӷанқәа рҟны акырынтә сыхәмархьеит аха Пицундатәи ауарӷан зегь реиҳа бзиа избоит. Иара убасеиԥш еиқәыршәоуп – иулшоит ижәытәу амузыкагьы иҿатәу амузыкагьы ахәмарра. Уи адагьы ауахәамаҟны акустика џьашьатәуп. Иара даара ауарӷан абжьгара иақәшәоит. Иара убасгьы иахьгылоу акыр иманшәалоуп. Апубликеи амузыканти еизааигәоуп. Уажәы ирыԥсахыз  апультгьы акыр ицхыраагӡоуп – абжьы аԥсахра маншәалоуп. Ари аинструмент зеиԥш ыҟам ауп.

- Сынтәа Аԥсны иазгәарҭоит аиубилеитә рыцхә. Ҩынҩажәа шықәса раԥхьа 1975шықәса, абҵара 1азы аԥсуа дгьыл раԥхьаӡа акәны иқәҩит ауарӷан абжьы. Абри амш аҽны имҩаԥган  атәыла амузыкатә ԥсҭазаараҟны адаҟьа ҿыц аазыртыз ауарӷантә музыка аконцерт. Ирзеиӷьашәшьоузеи аԥсуа коллегацәа абри амш азы?

- Аиубилеитә ныҳәамшазы  Аԥснытәи сколлегацәа, сҩызцәа, аԥсуа жәлар зегьы  ирзеиӷьасшьоит Пицундатәи ауарӷан акраамҭаӡа ауаа агәырӷьара, агәеизҳара рнаҭаларц.

Аинтервиу азырхиараан иҟанаҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Sputnik Германия аредакциа.

Ажәабжьқәа зегьы
0