Аиҭаҽҭаҩра иахьымӡаз атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа аанкылоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАиҭаҽҭаҩра иахьымӡаз атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа аанкылоуп
Аиҭаҽҭаҩра иахьымӡаз атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атәанчахәы зауа атәанчаҩцәа аиҭаҽҭаҩрақәа мҩаԥыргоит 2015 шықәса рашәарамза инаркны, рыԥсы ҭоу иҭаму ашьақәыргыларазы.

АҞӘА, абҵара з, Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Атәанчахәытә фонд аамҭала иааннакылеит Аԥсны атәанчаҩцәақәак атәанчахәы рыҭара, урҭ аиҭаҽҭаҩра иахьахьымӡаз инадҳәаланы иҳәеит Аԥсны аџьеи аусраҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Сурен Кереселиан.

"Тәанчаҩцәақәак жьҭаареи абҵареи рзы ртәанчахәы ианаамҭоу ирмоур алшоит. Убри аамҭазы ауаа ргәы сырҭынчыр сҭахуп – урҭ ртәанчахәқәа хымԥада ироуеит, аха маҷк ихьшәаны", — иҳәеит аминистр.

Кереселиан иара убасгьы иҳәеит атәанчаҩцәа реиҭаҽҭаҩра рнапы шалаку ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аорганқәа.

"Асоцииалтә еиқәыршәараз ҳорганқәа зегьы имҩаԥыргоит аиҭаҽҭаҩра. Урҭ ирымоуп атәанчаҩцәа ихадырҭәаауа ашәҟәыбӷьыц ҷыдақәа. Нас арҭ адокументқәа Адлертәи атәанчахәытә фонд ахь  ирышьҭуеит", — иҳәеит иара.

Аминистр иациҵеит аиҭаҽҭаҩра уадаҩрақәак ацны ишыҟоугьы.

"Еибарххарак ыҟоуп, уи Адлер апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахьықәдыргылаз ауп изыхҟьаз. Ҳара дара аус здыруларц рылшо аасҭа ашәҟәқәа ҳашьҭуеит", —  ҳәа азгәеиҭеит Кереселиан.

Сурен Кереселиан иажәақәа рыла ԥхьаҟазы иазыԥхьагәаҭоуп атәанчаҩцәа реиҭаҽҭаҩра еиҳа еиҿкаарыла азнеира.

"Уаанӡа аиҭаҽҭаҩра иахысуан ашықәс анҵәамҭазы. Абри амзыз ала атәанчаратә фонд аҟны ауаа узрылымсуа иҟан. Уажәы аамҭа-аамҭала ари аус еихаҳшоит, агәаранқәа ҟамларц ази Адлертәи афонд ахь ашәҟәқәа рацәаны еицдәықәҳамҵаларци", — иҳәоит Кереселиаан.

Аиҭаҽҭаҩра иахысхьеит ҩежәиҩба-нызқьҩык атәанчаҩцәа. Урыстәылатәи атәанчахәы роуеит ҩеижәи жәаҩа-нызқьҩык  атәанчаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0