Адепутатцәа рхыԥхьаӡара ацҵаразы Азакәан рыдыркылеит

© Sputnik Астанда АрдзинбаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәлар реизара адепутатцәа рхыԥхьаӡаратә еилазааразы" Азакәан адкыларазы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа.

АҞӘА, абҵара 3, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аԥхьатәи аԥхьарала ирыдыркылеит Апарламент ахыԥхьаӡаратә еилазаара аԥсахразы Азакәан. Азакәан инақәыршәаны апарламентарицәа рхыԥхьаӡара 55-ҩык ҟалоит.

Адепутат Валерии Агрба  иҳаилиркааит  ирыдыркылаз ариашара ишалнаршо еилоу алхратә системахь аиасра.

"27-ҩык адепутатцәа амажоритартә системала иалххоит, 28-ҩык  - еизышароу асистемала", — иҳәеит Агрба.

Еилоу алхратә система ареспубликазы иреиӷьу акәны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит адепутат. Иара иажәақәа рыла  еилоу алхратә система аан амажоритартәи аизышаратәи системақәа рыгхақәа еибакапануеит.

"Иара иахәшьара хаданы иҟоу, Жәлар Реизараҟны аамҭакала  апартиатәи арегионалтәи хаҭарнакрақәа реицыҟалароуп. Уи адагьы иара иалнаршоит апартиақәа ирылам атәылауаагьы алхреи иалырхырци  азин роура" ҳәа азгәеиҭеит апарламентари.

Азакәан аԥхьатәи аԥхьарала  ирыдыркыларц азы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа. Аӡәы – даҿагылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0