"Ишьхатәылоу Аԥсны": афинал аҟны аиааираз бжьы заҵәыкгьы аҵакы амоуп

© Фото : Горная АбхазияВход в пещерную систему Илюхина на высоте 2400м.
Вход в пещерную систему Илюхина на высоте 2400м. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара "Моя планета-2015" аҟны аиааиразы апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" иаҭахуп адгылара.

АҞӘА, абҵара 5, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аныҟәарақәеи анаукеи рзы Урыстәылатәи аканал "Моя планета" имҩаԥнаго аиндаҭлараҟны апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны/Ашықәс аамҭақәа" арепортажқәа ҩба афинал ахь инеиит.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" Берлинтәи Аԥсуа культуратә центр аҟны идырбан

"Ишьхатәылоу Аԥсны" макьаназы актәи аҭыԥ аманы иҟоуп, аха аиндаҭлара ахыркәшарахь инеиаанӡа аҭагылазаашьа аҽеиҭанакыр алшоит ҳәа азгәеиҭеит Ҭенгьиз Ҭарба. Аиааиразы аудиториа рыдгылара ҳҭахуп. Абжьыҭира ҟалоит абҵара 14 рҟынӡа.

"Аиндаҭларахь ицәырган аныҟәарақәа ирызку апроектқәа. Ҳара ҳапроект иреиӷьқәоу рахь иаҵанакит. Уажәы абжьыҭира цоит, убри инадҳәаланы ҳаԥхьаҩцәа рыдгылара ҳҭахны ҳаҟоуп", — иҳәеит Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла ажиури Аԥсны иазкыз акьыԥхьымҭақәа х-нызқь  зыҳәа ирылырхит.

"Иарбанызаалак азыҳәа статиа мацаран иҟам – уи имҩаԥгоу ныҟәароуп. Х-нызқьҩык ауаа рзыҳәақәа рҟынтәи ҳара ҳастатиақәа ҩба («Аныҟәараз иреиӷьу авидеорепортаж", "Урыстәылеи ИАРи рҟны аныҟәарақәа ирызку иреиӷьу арепортаж»)  аноминациақәа ҩба ирыҵадыркит", — иҳәеит иара.

Апроект автор Ҭенгьиз Ҭарба ишеиҭеиҳәаз ала ажиури Аԥсны иазкыз акьыԥхьымҭақәа х-нызқь  зыҳәа ирылырхит. Номинациа-цыԥхьаӡа 15-15 усумҭа ыҟоуп.

Ҭарба иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аиндаҭлара афинал аҟынӡа анеирагьы акраҵанакуеит.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" проект мацаран иҟаӡам, ари ҳара ҳтәылоуп. Аԥсны ашьхақәа уникалқәоуп, уи ҳара азин ҳнаҭоит адунеи зегьы ахь ҳхы нарханы аҳәара – ҳара иуникалу аԥсабареи аекологиеи ҳамоуп ҳәа. Ҳара ҳтәыла аҭаара зҭаху зегьы ааԥхьара раҳҭоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны/Ашықәс аамҭақәа" аԥхьатәи аекспедициа хацыркын  жәабранмзазы. Аӡынтәии аԥхынтәии аекспедициақәа раан урыстәылатәии аԥснытәии алахәылацәа имҩаԥыргон аметеорологиатәии  агидрологиатәии ҭҵаарақәа иара убасгьы афото, —авидео материал аизгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0