Гәагә Аиба: исывыршьааз сҩызцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит

© Sputnik Астанда АрдзинбаГәагә Аиба
Гәагә Аиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацаҳҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гәагә Аиба иҭоурых.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Абхазиа апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа Гәагә Аиба  Аԥсны жәлар ршәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аҟны дкәашон. Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны абџьар шьҭызхыз дреиуоуп.

Акәашара – занааҭк аҳасабала

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гәагә Аиба (Ну – ус хьыӡшьараны иман дхәыҷаахыс) диит 1962 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан. Ашкол даналга  ашьҭахь ипрофессионалтәу кәашаҩхеит. Аҷкәын иҟыбаҩ ҷыда  азгәеиҭахьан иара ари ақыҭа иалҵыз, атәылаҟны еицырдыруа артист Вили Чақмач-иԥа. иара иоуп Гәагә Аԥсны жәлар ршәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль ахь дназгазгьы. Иара аԥышәарагьы дахмыжькәа дрыдыркылеит. Усеиԥшқәа усҟантәи аамҭақәа рзы ишуԥымлозгьы. Ареспубликаҟны зыхьӡ-зыԥша еицырдыруаз, Аԥсны жәлар рартист Уасил Царгәыш напхгара зиҭоз аколлектив алалара акырӡа иуадаҩыз усын.

Руслан Габлия. - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: сара сзы Иури Кәырқьба исахьа аҵак ҷыда амоуп

"Сара акәашашьа здыруан, аха иаабац аӡә иеиԥш. Чарак, ныҳәак аҟны скәашалон. Ԥшьбаҟа мзы абалетмеистерцәа сықәцалаӡаны срыман. Урҭ аихац санкылырх ауп аколлектив алахәыла иашак саныҟала. 1979-тәи ашықәс азоуп арҭқәа зегь аныҟала", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аиба.

Аԥсны жәлар ршәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аԥҵан 1931 шықәса рзы, атәыла анапхгаҩы Нестор Лакоба иаԥшьгарала. Иара иашьаҭаны иҟан  иреиӷьыз араионтә хортә коллективқәа. Ансамбль арепертуар иалан афольклортә, ақьабзтә, аҵастә ашәақәеи акәашарақәеи иара убасгьы аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәа. 1970 шықәса рзы  ансамбль ианашьан аҳаҭыр хьӡы "зҽаԥсазтәыз". Ну дызлаз аколлектив Асовет Еидгыла акәакьқәа зегьы ирҭаахьан, гостроль ҳасабла ицахьан Германиа, Франциа, Ҭырқәтәыла, Мексика, Аргентина, Африкатәи атәылақәа рахь.

"Ҳара зехьынџьара, ҳахьнеилакгьы даара ибзианы ҳрыдыркылон. Аконцертқәа раан азалқәа унацәа узрыламҵо иҭәуан. Исгәалашәоит Мексика ҳаныҟаз ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи заҟа гәахәарыла ирыдыркылаз. Иҳәатәуп дара амексиканеццәагьы ҟазшьала, темпераментла аԥсуаа ишҳаиԥшу", — ҳәа игәалаиршәоит иара.

Аиба изыҳәан ансамбль аҟны аусура еиҳау, еиӷьу аҽак ыҟамызт. Зны дзызхәыцуаз игәаҳәарақәа зегьы лабҿабахеит.

Зегь бзиан, зегь кашырран, аха зны, Бырзентәыла дшыҟаз инаҩит ажәабжь бааԥс – Аԥсны еибашьроуп.

"Асасааирҭа аномер аҟны ателербага ахьаасыркыз асасааирҭа "Абхазиа" ҳдырбоит, амшынԥшаҳәа атанкқәа ықәгьыжьаауа иқәуп", — игәалаиршәоит Аиба.

Аҩныҟа амҩа

Ну Аибагьы иҩызцәа зегь реиԥш, иара Аԥсны иқәынхоз зегь реиԥш зныкгьы игәы иҭамшәацызт абџьар шьҭыхны аибашьра иқәшәап ҳәа. Иара дзызхәыцуаз уаҵәтәи амш лашеи аҭынчреи ракәын.

"Сара уаанӡа  аибашьра акино аҟны акәын иахьызбахьаз", — иҳәоит Аиба.

Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

Ансамбль Бырзентәыла имҩаԥнагеит ԥшьба-хәба гәыҳалалратә концерт. Урҭ алагон минуҭктәи аҿымҭрала, Аԥсны иҭахаз ргәалашәарала.

"Арҭ аконцертқәа ахәаԥшцәа рылақәа алаӷырӡ рхыжжыло акәын ишрыхәаԥшуаз. Даара ибзианы ҳрыдыркылон, ҳгәырҩа ҳацеиҩыршон", — ҳәа игәалаиршәоит аветеран.

Аԥсуа артистцәа амца зкыз рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуан Болгариеи Ҟрыми, Шәачеи рыла. Амҩан урҭ ирԥылон Аԥсныҟа, ҳажәлар рыдгыларазы еибашьра иаауаз ауаа.

"Апаран аҟны ҳара иаабеит  донтәи аказакцәа. Урҭ, Аԥсныҟа еибашьра ҳцоит ҳәа ҳарҳәеит. "Шәзыдгылода?" — ҳҵааит. "Аԥсуаа" — аҭак ҳарҭеит. Нас, сара урҭ аказакцәа Гәымсҭатәи афронт аҟны срықәшәеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ну Аиба.

Шәачантәи артистцәа афатәи амаҭәеи Аԥсныҟа иаазгоз акатер ала Гәдоуҭаҟа иааит.

"Гагра усҟан ақырҭцәа рнапаҟны иҟан. Шәачантәи Гәдоуҭаҟа  мшынгәыла аара  акыр ишәарҭан, аха ҽа-мҩак ыҟамызт", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ну Аиба агастрольқәа рҟынтәи  иҩныҟа дхынҳәуан. Ақырҭцәа ирҿагылан Аԥсны ахи-аҵыхәеи. Иара издырамызт иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыси иҷкәын хәыҷи рхабар, издырамызт урҭ Оҭҳараҟа аиасра иахьӡоу иахьымӡоу, издырамызт ақырҭцәа аԥшәмара аанкылан излагьыжьуаз Аҟәа, иҩны иҟаз. Еибашьра даауан аха дабџьардан.

Аевкалиптқәа зхықәгылоу аӡиас ахықәан

Гәдоуҭа дшааизҵәҟьа Ну Аиба Ренат Қарчаа ибаталион даланы Гәымсҭатәи афронт ахь днеиит.

"Ҳбаталион 300-ҩык рҟынӡа ауаа алан. Урҭ реиҳараҩык артистцәан. Ҳара Гәымсҭа ацҳаҟынтәи Аҩада Ешыра ажәбатәи апост ҳәа иахьашьҭазынӡа апозициа аанкылан ҳгылан. Сара ажәбатәи апост аҟны сыҟан. Иҟалап уи аҭыԥ шәаргьы ижәдыруазар – Гәымсҭа ахықәан, аевкалиптҵлақәа ахьгылоу ауп", — иҳәоит Аиба.

Виталий Тарба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран Ҭарба: ақәыԥшцәа аԥхьа игылан

Апост аҟны ҩеижәаҩык рҟынӡа ҳгылан. Гагра ақалақь, Гәдоуҭа араион ақыҭақәа, Бзыԥҭа уҳәа рҟынтәиқәа ҳакәын аиҳараҩык.  Гәыҳалалрыла, бзиабара дула игәалаиршәоит ивагылаз иҩызцәа, аиҳарак ахәыҷқәа ҳәа иршьоз 17-18 зхыҵуаз аибашьцәа қәыԥшцәа.

"Араҟа иҳацҟан ҩыџьа, зынӡа иқәыԥшцәаз, зхәы маацыз арԥарцәа, ахәыҷқәа. Аӡәы д-Анқәабын егьи Калдахәаратәын, Немальцев ижәлан. Иара марттәи ажәылараан дыршьит. Сара сыԥсҭазаараҟны, иара аибашьраан акәыз, ашьҭахь акәыз абарҭ аҷкәынцәа раасҭа игәымшәаз уаҩ дсымбеит. Еиҳа иахьеиларҵоз акәын дара ахьнеиуаз. Ахы иацәшәомызт. Иааизар аахыс еибашьуазшәоуп рхы шымҩаԥыргоз", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гәагә.

Аԥсуа жәлар аибашьра ада аҽа мҩакы шрымамыз бзианы еилыркаауан ҳәа азиԥхьаӡоит аветеран.

"Аҭымиҭшәарра ҳабжьарцалеит. Зыԥсы ҭоу уаҩ дшнырмыжьуаз ҳдырбеит. Амилаҭ зегьы шындырҵәоз еилаҳкаауан. Ари ари еиҿагыланы еибашьуамызт, ибџьардаз ауааԥсыра ракәын ақырҭцәа еиқәныхха изҿагылаз. Иуҳәар ауеит: ари еибашьрамызт – ари геноцидын ҳәа. Хәыҷи дуи аӡәы ишаҭара ргәы иҭамызт", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Марттәи ажәылара

Ну Аиба игәалашәарақәа рҟны иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит марттәи ажәылара. Аԥсыҭбара рацәа, алаӷырӡ рацәа, агәырҩа, агәаҟра зцылаз марттәи ажәылара. Иҟалаз ззыҟалаз, изыхҟьаз амзызқәа макьанагьы аҭҵаара рҭахны иҟоуп. Аха уи зусу арратә ҭоурыхдырыҩцәа роуп. Аветеранцәа уи азхәыцра рҽацәырыхьчоит.

"Аӡиас ҳарсит. Арсраангьы иҳацәҭахаз ҟалеит. Аҟәара зегьы аминақәа еиварыԥх иҵан. Ауаа ирыҵаԥжәо иалагеит. Зыԥсы ҭаны еиқәхаз "зеркало" ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҟынӡа инеиит. Уаҟа ақырҭцәа тәан. Иааҳакәыршаны хысран. Ҳаҷкәынцәа ма иршьуан, ма ирхәуан» ҳәа игәалаиршәоит аветеран.

Ахымҩасқәа ирҿагылаз аҷкәынцәа гәымшәақәа ирылдыршеит Ачадара ақыҭан иҟаз абылтәыҭаҭәарҭаҟынӡа анеира.

"Уа ҳахырмыжьит. Ԥсыхәа анаҳмоуӡа маҷк ҳхьаҵны, ҩнык ҳҽааҩнаҳкит. Аҩны иаҵәа ду, аҭӡамцқәа акыр ижәпан, аҵаҟагьы аподвал аман иҟан. Уи акыр иҳахәеит. Ҳаӷацәеи ҳареи ҩеижәаҟа метра роуп иҳабжьоу. Абар-абар иҳакәшоит".

Ԥшьымш Ну Аибеи иҩызцәеи аӷацәа амацәаз иҭакны ирыман.  Аԥсуа еибашьцәа рыҽзыҩнаркыз аҩны иақәкны ихысуан ақырҭуа танк. Атанк дара аиехсны аԥхасҭатәра рылшеит, нас уи агвардееццәа атрос иацраҳәаны иқәыргеит.

Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

Урҭ амшқәа рзы ирацәаӡоуп иҭахаз. Иҭахаз раасҭагьы еиҳахеит ирхәыз. Ҳаибашьцәа иҭахаз рыԥсыбаҩқәа ааныжьны ихәыз алыргон. Иҭахаз рыгәҭа иҟан аӡә иаб, аӡә иашьа, аха урҭ ихьшәашәахахьаз рыблақәа инарҭагәӡны ихәыз, макьаназ зыԥсеиқәырхара алшоз ралгара иналагон. Иара убасгьы ирацәоуп хабарда ибжьаӡыз. Урҭ рыӡбахә иахьа уажәраанӡагьы уаҩы издырам, аԥсуа ҵасла рыдгьылгьы иамадам.

"Ишьыз аҩны авара инышьҭаҵаны, амандарина махәқәа нарықәаҳҵеит. Акраамҭатәи ҳаиҿагылара ашьҭахь ҳара иҳалҳаршеит амацәаз ԥжәаны  аӷацәа рымҟәыҵыҵра", — иҳәоит аибашьҩы.

Ианхьаҵуаз аамҭаз Ну Аиба ибоит иҩыза Гена Амҷба дшырхәыз. Амҩа аҿықә аҭҳәаа дышҭаҳаз. Даашьҭихын, диманы аӡхықәахь ихы ирхеит.

"Убри аамҭазеиԥш Гәымсҭа еилацәқәырԥо ахаангьы исымбацт. Амш аныбзиоу ишырҳәо еиԥш ушьапы мырбааӡакәа урсуеит, аха усҟан аԥаҩқәа аҽрыннаҟьон ишәахха. Гена дсыманы аӡы сҭалеит, аха сышьҭахьҟа схьаҵыр акәхеит. Ҳамч архомызт. Сара агәра ганы сыҟоуп ақырҭцәа Аҟәа-ГЕС аҟны аӡцарҭақәа аадыртит ҳәа. Уаҳа аҽакы исзадкылом. Алашьцараҟны исаҳауан аӡ иагоз, ацхыраара иаҳәоз аибашьцәа рыбжьы. Нас инархыҵәон", — ҳәа еиҭеиҳәоит Аиба.

Убри ауха Ну Аибеи Гена Амҷбеи рыԥсы ҭаны  аԥсуа ган ахь аӡхыҵра рылдыршеит.

"Ҳара ҳтәқәа ахьыҟаз ахь ҳаӡхыҵит, уаҳагьы акгьы сгәалашәом. Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҟны сыхшыҩ ахь сааиит. Ахәра схәымызт, аха амч захьӡу сымамызт. Ԥшьымш амацәаз ҳҭакнаҵы ҿашәа ҳамамызт – исиааит".

Гена Амҷба иакәзар ашьа рацәаны ицәцеит, ишьапы хырҵәараны иҟан, аха Москваҟа дыргеит. Анцәа иџьшьаны уаҟа ирылшеит ишьапы аиқәырхара.

Ҳҭоурых аҟны реиҳа иуадаҩхаз абарҭ амшқәа раангьы ажәлар рдоуҳа аԥҽра алымшеит ҳәа иҳәоит аветеран. Иара игәалаиршәоит зыхшара аӡ нырцә инхаз анацәа шәхьамҵын ҳәа иаанхаз ааԥхьара шрырҭоз.

"Ҳаҷкәынцәа ахьышьҭоугьы аԥсыуа дгьылуп" ҳәа ан лажәақәа игәалаиршәоит Ну Аиба.

Илаӷырӡышо Аҟәа

Марттәи ажәылара ашьҭахь Владислав Арӡынба  адҵа ҟаиҵеит афронт аҟынтәи акультуреи анаукеи русзуҩцәа алгазарц. Аиба Ну Пицунда еизикит  ансамбль алахәылацәа. урҭ аибашьцәа раԥхьа иқәгылон.

"Мартазтәи агәаҟра ашьҭахь аибашьцәа ргәы шьҭыхтәын. Владислав зегь еилызцоз уаҩын. Уи акыр жәашықәса иаԥхьаҟа дхәыцуан. Убри азоуп артистцәа аибашьра азин зҳаимҭаз – аиааира ашьҭахь ҳкультура еихазҳауа ауаа ҳҭахуп  иҳәон иара. Иара зегьы азыԥхьагәеиҭон", — ҳәа дцәажәоит аветеран.

© Руслан ГаблияАйба Гуагу
Айба Гуагу - Sputnik Аҧсны
Айба Гуагу

Цәыббрамзазы, Аҟәа ахақәиҭтәра ианалага артистцәагьы жәылара идәықәлеит. Амш каххаа иҟан ҳәа игәалаиршәоит Ну.

"Ианари марти рзы амш бааԥсызҭгьы, ҳжәыларақәагьы еихәыдхашәозҭгьы, уажәы – амра ҳақәныҳәошәа илашон. Уигьы дыргак еиԥшын", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ну ибзианы игәалашәоит еилаԥыххаа иҟаз аҳҭнықалақь ишалалаз.

"Аҟәа аԥсеивгара алымшо ишьҭан. Еихырӷӷа иҟан. Иаҳԥылоз ауаа рылаӷырӡқәа рыкәаашон. Иҳамаз ахәыҷы рзеиҟәҳаршшон", — иҳәоит аветеран.

Ақалақь ҳнапахьы ианаагаз ақырҭуа уааԥсыра ақәҵра иахьӡахьан. Иахьымӡазгьы ралҵра ҳаԥырхагамызт.

"Дара ракәзар хәыҷгьы дугьы аӡә дыршаҭараны иҟамызт, аха агыгшәыг ҳхы аиԥшаҳтәуазма. Ауаҩытәыҩсатә хаҿ ануцәыӡ зегь уцәыӡуеит. Аибашьраҟынгьы аиааира аагеит ҳгәыҭбаара ацхыраарала, ҳгуманизм аҳаракрала. Аҭакәажә, ахәыҷы дышԥоушьуеи? Илхарои?" — иҳәоит Аиба.

Иара иазгәеиҭеит раԥхьатәи амшқәа раангьы аибашьраҟны аиааира аԥсуаа ишыртәхоз азы хьаҳә-хьачара шимамыз.

"Ҳара ҳадгьыл аҟны ҳаҟан. Аҩны аҭӡқәагьы ухәоит. Харантә иаз аԥсра иҭахӡам. Уи ииҭаху иԥсы еиқәырханы иҩныҟа ахынҳәроуп. Ҳара ҳмиааир иҟаҳҵооз? Царҭас иҳамааз?", — дҵаауеит аветеран.

Владимир Квеквескири рассказал, как весть о начале войны застала его на гастролях в Греции - Sputnik Аҧсны
Асценаҟынтәи ажәыларахь. Владимир Кәакәасқьыр еибашьраҟны

Лаҭатәи арыцҳара ашьҭахь ҳажәлар агәра ргаҵәҟьеит шьҭахьҟа мҩа шыҟамыз. Ахәыҷқәеи, аҳәсеи рҭархара зылшаз аӷа иарбанызаалак ак аҿаԥхьа дшаанымгылоз рбеит иҳәоит иара.

"Иахьа уажәраанӡагьы исывыршьааз сҩызцәа среиԥхыӡуеит. Лассы-лассы ԥхыӡла избоит  ианартәи ажәылараан иаҳхысыз хҭыск: Бено Адлеибеи сареи ҳҩызцәа ҳрыцәҟьалеит. Хԥаҟа сааҭ ахымҩасқәа ҳхамацәысуа адгьыл ҟьаҟьараҟны асаара ҳашьҭан. Хҩахашьа ыҟамызт. Бено сара дсеиҳабын, сыхьчара иуалԥшьаны ибон. "Сара ухызҩоит,  угыланы аҵлақәа рҟынӡа уҩны уца» иҳәеит. Асеиԥш иҟоу хашҭшьа амоума. Сыԥхыӡқәа рҟынгьы иԥсы ҭаноуп дшызбо", — ҳәа еиҭеиҳәоит аибашьҩы-аветеран.

Гәагә Аиба аибашьра ашьҭахь ансамбль аҟны иусура иациҵон. 2014 шықәса рзы тәанчара дцеит. Иахьа имоҭа лааӡара даҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0