Аԥсны амилициа еиҿыркааижьҭеи 94 шықәса ҵуеит

© Sputnik Томас ТхайцукМВД.
МВД. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилициа аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа иаԥылеит.

АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны амилициа амшныҳәа азгәарҭеит аҩаша, абҵара 10 рзы  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Аныҳәатә еизара хацыркхеит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Абираҟ  азал аҩнагаларала.

Еизаз идырбан  аԥсуа милициа ашьақәгылара атәы зҳәоз адокументалтә фильм. Аибашьра ашьҭахь, рнапынҵатә  уалԥшьақәа рынагӡараан иҭахеит 70-ҩык амилициа аусзуҩцәа. иҭахаз ргәаладыршәеит минуҭктәи аҿымҭрала.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба амилициа аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәамш.

"Аԥснытәи амилициа еснагь аԥсҭазаара аԥхьатәи ацәаҳәаҟны игылан. Аминистрра аусзуҩцәа ԥсыцқьала русура иазыҟоуп, руалԥшьақәа нарыгӡоит", — иҳәеит иара.

Ӡаԥшьба инаҵшьны иазгәеиҭеит аорганқәа рҟны аусура аҟазара ҳараки апринципиалреи  аҭахны ишыҟоу.

"Ҳара иҳагугьы бзианы иаадыруеит, рыриашарагьы ҳазыхиоуп", — иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит 94 шықәса рыла аԥснытәи амилициа изныкымкәа ишышьақәдырӷәӷәахьаз рыжәлари рыԥсадгьыли рахь ирымоу абзиабара ҳаракы.

"ААР (МВД),  уи ахәҭақәеи аилазаашьеи азакәанреи азинтәпориадоки зыхьчо ихадароу ҳәынҭқарратә еиҿкаароуп. Акырӡа аҵанакуеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русуреи ҳазҭагылоу аамҭа аҳасабтәқәеи аҭахрақәеи еиқәыршәаны русура. Амилициа аҳаҭыри апрофессионалтәреи шьҭыхтәуп, ҳтәылауааа ирымаз агәрагара ырхынҳәтәуп. Ажәлари амилициеи еицхыраароуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Гагратәи амилициа аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит

Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа иара убасгьы еизаз ирыдиныҳәалеит азанааҭтә ныҳәа.

"Шәара шәыжәлари шәыԥсадгьыли реизҳазыӷьаразы шәылшамҭақәа рацәоуп", — иҳәеит Кьышьмариа.

Аԥсны Апрокурор хада Алықьса Ломиа иазгәеиҭеит иԥсҭазаара 10 шықәса амилициаҟны аусура ишазкыз.

"Исҭахуп ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьарц. Еснагь ишәыцзааит аманшәаларақәа", — иҳәеит Ломиа.

Рауль Ҳаџьымба  инапы аҵеиҩит Леонид Ӡаԥшьба аинрал-леитинант ҳәа ачын иҭаразы Адҵа.

Иара убасгьы зҽалызкааз амилициа аусзуҩцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи адырга ҷыдақәеи.

Аизара аофициалтә хәҭа ахыркәшара ашьҭахь аныҳәатә концерт мҩаԥган.

Ажәабжьқәа зегьы
0