"Ишьхатәылоу Аԥсны" 1 аҭыԥ ааннакылеит аицлабра "Сара сдунеи-2015" аҿы

© Фото : Горная Абхазия.Ишьхатәылоу Аԥсны
Ишьхатәылоу Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ишьхатәылоу Аԥсны" арепортаж "Урыстәылеи ИАРи рҟны аныҟәарақәа ирызку иреиӷьу арепортаж" аноминациаҟны, иреиӷьу арепортаж ҳәа иалыркааит.

АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аныҟәарақәеи анаукеи ирызку Урыстәылатәи аканал "Сара сдунеи"имҩаԥнагоз аиндаҭлараҟны "Ишьхатәылоу Аԥсны/Ашықәс аамҭақәа" апроект арепортаж иреиӷьу арепортаж ҳәа иалыркааит "Урыстәылеи ИАРи рҟны аныҟәарақәа ирызку иреиӷьу арепортаж" аноминациаҟны.

Апроект автор Ҭенгьиз Ҭарба иазгәеиҭеит иара изы иреиҳаӡоу иааираны ишыҟалаз ипроект иаҭаз адгылара.

"Зегь раасҭа угәаҟны инхо ауаа иурҭо адгылароуп. Ҳарҭ зегьы ҳаӡәыкын. Сара адгылара ҳазҭаз, ҳара ҳзы згәы былуаз зегьы ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Ауаа дара-дара ҭелла еицәажәон, егьырҭ атәылақәа рахь аҭелқәа ирысуан адгылара ҳарҭарц азы", — иҳәоит Ҭенгьиз Ҭарба.

Аиндаҭлара "Сара сдунеи" аиҿкааҩцәа, аиндаҭлара аноминациа "Аныҟәарақәа рзы иреиӷьу авидеорепортаж" аҟны аханатәгьы аԥыжәара зманы иааиуаз апроект азы инашьҭыз абыжьқәа ааныркылеит, урҭ рҟынтәи 280 бжьы ԥаршеицҵоуп ҳәа иԥхьаӡаны.

Ҭенгьиз Ҭарба ари аӡбра дақәшаҳаҭым.

Рита Лолуа: афеида ҟалоит ҳәа ауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭа иҳазҭаргылом

"Ҳара иарбанызаалак акы арԥаршеира ҳҭахны ҳаҟамызт. Аха ҳара ҳзы зыбжьы зҭииз 1570-ҩык рҟынӡа ахьыҟаз, иҳацхраарц азы аԥҟаррақәа ирҿагыло усмҩаԥгатәык аӡәы иҟаимҵеит ҳәагьы аҳәара сцәыуадаҩуп" ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.

Аиндаҭлара аиҿкааҩцәа арҭ 280 бжьы ахырхыр, апроект аԥыжәара згоз ирылахәхон, аха дара ари ажәалагала рыдрымкылеит.

Аиндаҭлара ажиури Аԥсны иазкыз апроект егьырҭ азыҳәақәа х-нызқь ирылырхит.

"Даара аҵак ду амоуп ҳазҭоу ашықәс азы апроектқәа иреиӷьу ҳәа иахьалыркааз ҳара ҳапроект. Ҳара ҳзы ари иаанарԥшит иҟаҳҵаз аус хаҭабзиарала ишыҟаҳҵаз, ҳалшара алҵшәа шаиуз" — иҳәеит Ҭарба.

Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны/Ашықәс аамҭақәа" иацҵахоит ажьырныҳәамзазгьы. Иара алахәылацәа ашьхатә маршрутқәа ирхысраны иҟоуп ашәаҩақәа рыла. Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны/Ашықәс аамҭақәа" аԥхьатәи аекспедициа хацыркын жәабранмзазы. Аӡынтәии аԥхынтәии аекспедициақәа раан урыстәылатәии аԥснытәии алахәылацәа имҩаԥыргон аметеорологиатәии агидрологиатәии ҭҵаарақәа иара убасгьы афото, —авидео материал аизгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0