Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа еилацәажәеит

© Sputnik Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә аҳазалхратә комитет
Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә комитет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхыҩцәа аушьҭырҭатә пункт Адлер есышықәса иацло ауадаҩрақәа зныԥшуа астатистика иалацәажәеит аусуратә еиԥылараан. Аушьҭратә ҭыԥ аҳазалхратә пост аиҳабы иазгәеиҭеит 2015 шықәса рзы аҳәаа ишахысыз 7 миллионки 575 нызқьҩык ауааԥсыреи 1миллионки 382 нызқь транспорттә хархәагеи.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. 2015 шықәса абҵара 19 рзы Гагра ақалақь аҟны имҩаԥысит Урыстәыла ААМ Аладатәи аҳазалхратә усбарҭеи Аԥсны ААЕ аусзуҩцәеи русуратә еиԥылара. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Сергеи Иванов, аԥснытәи аделегациа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Мсоусҭ Шамба, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААМ Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа асаит.

Аилатәара азкын акурорттә сезон аихшьаалақәа рымҩаԥгара азҵаара иара убасгьы ирылацәажәан ацитрустә сезон аан урыстәыла-аԥснытәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара атехнологиақәеи аԥҟаррақәеи.

Граница. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аҳазалхратә пункт "Адлер" аҟны автомобилтә мҩа ацәаҳәа ҿыцқәа ацлоит

МАПП Адлер аҳазалхратә ҭыԥ аиҳабы иазгәеиҭеит астатистика инақәыршәаны араҟа есышықәса ишеизҳауа ауадаҩрақәа. МАПП Адлер аҳазалхратә ҭыԥ аиҳабы иазгәеиҭеит 2015 шықәса рзы аҳәаа ишахысыз 7 миллионки 575 нызқьҩык ауааԥсыреи 1миллионки 382 нызқь транспорттә хархәагеи. Абри аамҭа инақәыршәаны ҵыԥх – 6 миллионки 201 нызқьҩык ауааԥсыреи 975 нызқь автотранспорти.

Ахатәхаҿқәа рганахьала 22% еизҳаит, атранспорт хархәагақәа рганахьала – 41,7% рыла. Еиҳа иуадаҩу аамҭаны иазгәаҭоуп нанҳәамза.

Урыстәылатәи аган иалшо зегьы ҟанаҵоит аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы еиҳаракгьы абас иҟоу аамҭақәа рзы. Аекскурсиатә автобусқәеи ақалақьбжьаратәи автобустә реисқәеи рганахьала иалк-алкны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит, аидара зегьы аҭыгара мап ацәкуп. 2015 шықәса рашәарамза инаркны иалагалан автотранспорт ласы азы ацәаҳәа ҿыц.

Аиԥылара алахәылацәа аҽазныкгьы ирылацәажәеит атауарқәа аҳазатә хылаԥшра рзуреи аҳазатә еиҿкаара амҩаԥгареи реиӷьтәра азҵаарақәа. аҳазалхратә маҵзурақәа иазгәарҭеит ԥхьаҟагьы аинырра амҩала русеицура шымҩаԥыргалаша.

Ажәабжьқәа зегьы
0