Европатәи ахҵәацәа ркризис зыхҟьаз азы иҟоу агәаанагарақәа

Анапаҵаҩра
Азҵаарақәа мҩаԥнагеит аҭҵааратә еилакы Populus 2015шықәса цәыббра 25 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа аинформациатә маҵзура Sputnik азы. Азҵаарақәа ирылахәын ареспондентцәа – Британиа ду, Еиду Америкатә Штатқәа, Германиа, Франциа, Болгариа, Венгриа, Чехиа, Польша рҟынтәи.

Москва, абҵара 24 — Sputnik Апресс-маҵзура. Sputnik. Агәаанагарақәа,

Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus иҟанаҵаз азҵаарақәа шьаҭас иҟаҵаны, иаанацҳауеит ЕАШеи Европеи ртәылауаа рҟынтәи изазҵааз рахьтә 33% ирыԥхьаӡоит акризис зыхҟьаз Исламтәи Аҳәынҭқарреи уи еиԥш иҟоу атеррористтә еиҿкаарақәеи роуп ҳәа.

Азҵаара "шәгәы ишԥаанаго Европа ахҵәацәа ркризис зыхьҟьаз ҳәа?" аҭакс ЕАШ аҟынтәи ареспондентцәа 32% ирыԥхьаӡоит акризис зыхҟьаз Исламтәи аҳәынҭқарреи уи еиԥш иҟоу атеррористтә еиҿкаарақәеи роуп ҳәа. Мрагыларатәи Европа атәылауаа ракәзар усеиԥш изыԥхьаӡо рхыԥхьаӡара 37% ыҟоуп.

Иазгәаҭатәуп Мрагылара Европеи мраҭашәара Европеи руааԥсыра ргәаанагарақәа шеиԥшым. Мраҭашәара Европа изызҵаау рҟынтәи 11% ирыԥхьаӡоит ЕАШи иара адгылаҩцәеи роуп изхароу ҳәа. Абри агәаанагара змоу еиҳауп Мрагылара Европа (23%). ЕАШ рҟны асеиԥш ирыԥхьаӡоит 8%

Еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә еилакы Populus цәыббра 25 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа иҟанаҵаз азҵаарақәа ирылахәын 8000 ареспондентцәа – ЕАШ, Германиа, Франциа, Болгариа, Венгриа, Чехиа, Польша рҟынтәи. Изызҵаау еихыршон шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2014 шықәса, ԥхынгәымзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит британиатәи аҭҵааратә компаниа ICM Research. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0