АҞӘА, абҵара 25 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс иҟаз Олег Дамениа далацәажәоит иахьатәи Аконституциа адкылара шымҩаԥысуаз, нас уи иаԥхьанеиуаз ахҭысқәеи.
"Иахьа иҳамоу Аконституциа — ҭоурыхтә хҭыс дууп. Уи аԥсуа-қырҭуатә еибашьра ашьҭахь, 1994 шықәсазы иаалырҟьаны иҳадаҳкылеит. Иҳадҳамкыларгьы ԥсыхәа ҳамаӡамызт. Усҟан ҳара иҳамаз аконституциа 1925 шықәсазы ирыдыркылахьаз акәын. Уи, аамҭа зынӡаск иақәшәаӡомызт. Убри аҟынтә, ирласны иҳадаҳкылар акәын абас еиԥш иҟаз Азакәанеидкыла.
Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьра ашьҭахь, аибашьра аанкыланы ианыҟала, Қырҭтәылеи Аԥсынтәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа цон. Ирыдыркылахьан даара акрызҵазкуа Москватәи адокументқәа. ООН, Урыстәыла алархәны, Қырҭтәыла, Аԥсынтәыла, ОБСЕ, абас еиԥш иҟаз адунеижәларбжьаратәи ахеидкылақәа алархәны акрызҵазкуаз аполитикатә документқәа рыдыркылеит. Убри ашьҭахь, Аԥсны, ҳара ҳҳәынҭқарра, иҿыцыз Аконституциа ҳмоур ада ԥсыхәа ҳамамкәа ҳҟалеит.
Аха уи адкыларагьы мариаӡамызт. Иаахтны иаҳҳәозар, ҳаргьы ишахәҭоу еиԥш ҳазыҟаҵаӡамызт. Аха, аамҭа иҳаднаҵон, аҭоурыхтә аамҭа ҳарццакуан. Убри аҟынтә, Аконституциа ҳадаҳкылеит. Егьа, ҟрыҵәырла иҳадаҳкылазаргьы, зегь дара роуп Аконституциа цәгьам ҳәа уаҩы иҳәаратәы иҟоуп. Хадара зманы иҟоу иахьатәи ҳаамҭазы апринципқәа: аҳәынҭқарра аиҿкаара, ажәлар реиқәырхара, ажәлар рыҿиара, абарҭқәа зегьы Аконституциаҟны иарбоуп. Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит, Аконституциа адкылара ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа.
Ноиабр 26 – гәырӷьаратә мшуп. Ҳәарада, Аконституциа аус адулатәуп, аԥсахрақәа алагалатәуп. Аха аус злоу Аконституциа иагыу акәӡам. Уи ҳақәныҟәалароуп. Убри ауп зегь реиҳа ихадароу.
Зегь реиҳа ҳара ҳахьыцыркьуа, аконституциа иарбоу азакәанқәа азгәамҭакәа ҳшьаҿақәа ахьеихаҳго ауп. Убри ауп зегь реиҳа уаҩ дзыцәшәаратәы иҟоу. Ҳара ҳаидызкыло Аконституциа ауп. Закәанла ҳхы мҩаԥаҳгалар, ацәгьоурақәа ҟалаӡом".