Шәара зқәымыз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых

© Фото : Марина БарцицЖанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш.
Жанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, данҭаха ашьҭахь Леон иорден занаршьаз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам
аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Лиалиа Арышԥҳа Тҟәарчалтәын. Лашьеиҵб Роберт ишеиҭеиҳәо ала Гәыԥтәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь Тҟәарчалтәи арадиотехникатә техникум дҭалеит. Жәашықәса аус луан азауад "Аргонавт" аҟны.

Аибашьра аламҭалаз Лиалиа аус луан Аҟәа ақалақь аҟны. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Аҩада Ешыраҟа, лаҳәшьа лахь диасуеит. Лиалиа лаҳәшьа аус луан аиҩхааҟынтәи аресторан аҟны. Убраҟа акәын Баҭал Кәабахьиа амедика-санитартә баталион аиҿкаара дахьаҿыз. Баҭал иажәабжь "Лиалька" аҟны иара игәалаиршәоит реибадырра амш, уи нанҳәа 19 акәын.

 

Убри аҽны сара аевокуатортә пункт архиара саҿын. Аресторан "Ешыра" иаваз асаркьалых бар сгәаԥхеит. Зегь раасҭа исгәаԥхаз аҭӡамц зегьы саркьалыхын, уантәи Аҟәа зегьы уалаԥшуан. Усҟан ҳара иабаадыруаз уахь ахынҳәра аамҭа рацәа аҭаххоит ҳәа.

Иааҳакәыршаны ауаа еилаҩеиласуан. Зеилыргара ҳаҿыз ауадахь иааҩналеит ҩыџьа аӡӷабцәа. Руаӡәы иаалыгны, лышәагаа кьаҿны деиқәараӡа дыҟан.

— Бара ара бынхома? – сҵааит сара.

— Мап, сара Тҟәарчалтәуп.

— Гәдоуҭаҟа бца. Уаҟа ахҵәацәа еизаны иҟоуп. Ак бзырыԥшаап.

— Сара уахь цатә сымаӡам. Саҳәшьа Ешыра дынхоит, — инықәрыҩршәа аҭак насылҭеит.

— Ус акәзар, ишәарҭамзар, уахьгьы бца. Араҟа атәара аҭахӡам. Ҳара ара аусура ҳҽазҳархиоит.

Лара аҭак сылымҭеит. Адиван лҽықәкны дтәан. Лҩызеи лареи неиҿаԥшы-ааиҿаԥшит. "Ахысбыжьқәа лхы ҭырҟьазар акәхап. Лхы аҭыԥ аҟны иааир дцап", ҟасҵеит сара.

Ляля Аршба. Перед вылетом в Ткуарчал. Гудаута, 1993 г.
Ляля Аршба. Перед вылетом в Ткуарчал. Гудаута, 1993 г. - Sputnik Аҧсны
Ляля Аршба. Перед вылетом в Ткуарчал. Гудаута, 1993 г.

Ихәло иалагахьан, сыԥшызар уа дыштәац дтәоуп. Араҟа лааныжьра сгәаԥхомызт. Ҳара убриаҟара ҳаилахан, лацәааихьшь ҟаҳамҵацызт, арахь лара деиқәыԥшьыхаа дтәоуп. Уаҳа насыламкәа сааԥсаны:

— Араҟа ишәарҭоуп, ахысра иалагар ҟалоит.

— Ахысра иалагар иҟалои? Шәара ара шәыҟами!

— Ҳара ҳаибашьцәоуп, ҳҳақьымцәоуп, — сҳәеит исҳәоз агәра хаҵо.

— Саргьы сҳақьымуп.

— Амедицинатә институт балгахьоума?

— Мап.

— Нас?

— Арадиотехника иазку атехникум.

— Ус акәзар аштаб ахь бца. Радистс.

— Ара зегь шәҳақьымцәоу џьушьап.

"Ари ара баша дтәамзаарын. Иаҳҳәоз иаауаз зегь лбозаарын. Араҟа еизазгьы амедицина ҳшацәыхараз еилылкааит", ҳәа игәалаиршәоит ажәабжь автор.

Лиалиа егьа ларҳәазаргьы дымцеит.

Маҷ-маҷ апункт аҟны ауадақәа еиллыргон, ак аалгон, ак налгон. Ахәшәқәа, аӡы иаҳҭахыз ҳалҭон. Сара дансаҩсуаз лыԥшрала ислырбон арантәи ацара лгәы ишҭамыз. Нас хәыҷы-хәыҷла слышьцылеит, млак-хьҭак дамкындаз ҳәа сылхылаԥшуа салагеит. Зны, 10 комплект аформа сыԥшааит. Аӡӷабцәа рзеихшара салагеит. Аҷкәынцәа урҭ аформақәа иагьрызхьамԥшит. Ибзианы еилыркаауан аԥхьа аӡӷабцәа маҭәа-ҩыҭәала ишеиқәыршәатәыз. Лиалька аганахь дтәан хара дыԥшуа.

— Арахь бааи, — сҳәеит сара.

Лхы дааҩахан,

— Исымауки уара, иуҭахи? Суԥырхагоума? – лҳәеит.

— Аформа га. Беиқәа ду бышьаҵаны аҽырбара баҟәыҵ.

Ҳәарада, цас сыҽхырцәажәон. Џьынсшәа ак лышьан. Џьынсшәа зысҳәо, арҭ амшқәа рзы урҭ акыр ихахьан, изакәу цқьа иузеилмырго.

Ашырҳәа лхы дааҩахеит. Лыбӷа аалыриашеит. Ашьабысҭеиԥш дҩаҵҟьеит. Лышьи-лышьи еиқәҵо са сахь лхы рханы лҿаалхеит. Иубартә иҟан макьанагьы лхаҿы ишымааицыз агәыԥ ахь дҳадаҳкылеит ҳәа. Дҳадаҳкылеит аанагон Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аамҭақәа ирыҵаркуаз амода иақәшәоз агалифе еиқәеи хыхьтәи акьаҿи лысҭозар.

Ирина Кәакәасқьыр - Sputnik Аҧсны
Ирина Кәакәасқьырԥҳа: Руслан иҭихыз ссахьа санахәаԥшуа зегь сызҿыцхоит

Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рылаԥшқәа ааԥхеит. Зегьы еицгәарҭахьан лыгәхьаа сымкуашәа сшыналывс-аалывсуаз.

— Ига. Бҽеиҭак.

Сналыхәаԥшын, сԥышәырччо аҵәы налыласҵеит:

— Зегь дара роуп аразмер хәыҷуп. Аӡәгьы изыбзиахаӡом.

Сҟазшьа дашьцылахьазар акәхап, ажәак мҳәакәа акьаҿ аасымылԥааит, макьанагьы лынасыԥ агәра мго.

"Иаарласӡаны Лиалиа дузымԥсахуа дҟалеит зегь рзы. Иҳамаз аҿаҳәага материал гәыԥ-гәыԥла еихылшеит, аибашьцәа зықәиан рыԥсы ршьалоз асакасақәа ганкахьы еизганы дырхылаԥшуан аӡәгьы дрыламкьысырц", — ҳәа игәалаиршәоит Кәабахьиа.

"Уи адагьы аоперациамҩаԥгарҭа ҳәа ҳзышьҭаз ауада убас еиллыргеит, иқәлыӡәӡәааит – ацқьареи аиҿкаареи убла хыркуан. Иааҟәымҵӡакәа иуаҳауаз акакәын:

— Лиалька, абинтқәа абаҟоу? Лиалька асакасақәа абаҟоу? Лиалька, иуфаша крыҟоума?, Лиалиа…"

Баҭал Кәабахьиа иажәабжь аҟны иазгәеиҭоит Лиалиа дахьцоз иццара шылҭахыз, дышгәаауаз ашәарҭа дацәихьчоит ҳәа ԥхьаӡаны.

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

Атанкқәа аӡы ианырсыз акәын. Баҭал аибашьцәа ахьцоз дрыццеит.

Ахысра ҳәа оума ҭарҵон. Амашьына ааныскылеит, сыԥшызар Лиалька дааҭыҵуеит. Егьи, лыҽӡаны амашьына ачарҭ ахь дхалан дтәахьазаарын. Ушьҭа иуҳәоз. Ҽмырба ҟасҵеит, нас баргьы бҽырхиа сҳәеит. Ҳара зегьы аҭаҩа ҳҽынҭаҳԥсеит, аха уи ахқәа рҟынтәи ҳазыхьчомызт. Аибашьра иалагеижьҭеи ушьҭа жәамшҟа ҵуан. Сара абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны раԥхьаӡа акәны сымаҭәақәа ӡәӡәаны исшәысҵеит. Арахь, Аҟәа сызлалҵыз аиқәа шкәакәеи амаика ҩежьи рыла сеибыҭоуп. Абас, спашәӡа афронт ацәаҳәа сықәгылоуп. Ус акоманда ҟарҵеит:

Шәышьҭал! Адгьыл шәҽаҟарашәтә!

Уабашьҭало? Сышԥашьҭало? Сеиқәа шкәакәа ҟьышьуетеи! Мап! Зегь акоманда иацныҟәеит, сара сқәацәӡа сгылоуп. Агыларагь сацәшәоит, ашьҭалара еиҳагьы сацәшәоит. Убриаамҭаз агәақьҳәа атҟәацыбжьқәа агара иалагоит, урҭ ирылыҩны исаҳауеит бжьык:

— Ахеилага! Уҽкажь!

Атҟәацыбжьқәа сдырдагәоу, иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара сзаҭом. Ус шакәугьы схаҿы имацәысуеит – сыҽкажьны сеиқәа шкәакәа сзыҟьышьуам. Убри аамҭазы Лиалька дҩаҵҟьаны ахьшь акәты анымҵанарсуеиԥш адгьыл снанҟьаны лҽынасхалкуеит:

— Беилагама? Бхы аҭыԥ иҭоу? Иҟабҵо закәи? Ибымбаӡои сшыҟьышьуа? – сҳәыцымыцуеит слыҵыҵырц, аха исызҭода алшара.

— Ушьҭаз! Уҽмырҵысыкәа ушьҭази! – лҳәоит лнап хәыҷгьы насықәыкшан адгьыл снықәлырӷәӷәоит.

Рацәак иҭылымго лыбжьы убриаҟара амч амоуп, сыхшыҩ аҭыԥ аҟны иаанагоит. Сҽаарҭынчны лара лхаҭа дсыхьчарц сҭаххоит, аха илуам. Убриаҟара амч лылоуп ҳәа иҟадаз. Улыхәаԥшыр – аҷынҷа. Ианааҭынчраха ҳҩагылеит. Сҽаасыршәшәан лыблақәа снархыԥшылеит.

"Дабанӡаԥшӡоу, изакәытә блақәоузеи илхо, изакәытә хаҿузеи илымоу. Слыхәаԥшуеит иагьеилыскаауеит – абыржәазы лара лыԥсҭазаара еиҳау адунеи зегь аҟны акгьы шыҟам. Сара сакәӡам лара дхызҩаз, лара лоуп сара схызҩаз. Сыбжара иҟоу, ҵыск акапан зкапануа… ахәыҷы".

Лаиалиа схәыцрақәа дрыԥхьазшәа:

— Зынӡагьы схәыҷӡам! Ушьҭа уара ухала арахь уаасышьҭлаӡом. Уара ацхырааҩцәа уҭахуп. Уаҳцәымшәан. Ҳаибахьчалоит. Ҳаҳәсазар, амч ҳамам ҳәа уҟоума. Шәа шәаасҭагьы амч ҳамоуп. Ас сахьхәыҷу уамыхәаԥшын. Аура анцәа исимҭеит, аха исызхоу амч сымоуп. Иудыруандаз алаҵарақәа раан сашьцәа срыдгыланы сшыцәаӷәоз. Исыхьӡомызт… — лҳәеит дԥышәырччо.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Убри амш инаркны Лиалиа амедпункт ааныжьны џьара хысрак ахьааҟалаз дцон, избанзар усҟан азы арациақәа зегьы иҳамамызт. Џьара аӡәы ацхыраара иҭаххаргьы аилкаара уадаҩын.

Ари ахҭыс заҵәык азы акәмызт Лиалиа аӡәгьы дизымӡырҩыкәа, лыҽӡаны ацхыраара аҭахуп ҳәа иахьазылыԥхьаӡоз данцоз. 1989 шықәсазы, ақырҭцәеи аԥсуааи анааиҿаххгьы ахацәа ахьцоз дрымгеит – еиҭеиҳәоит Лиалиа лашьа Роберт — аха ахаҵамаҭәа аалышәҵаны, лашьа ишәақь аашьҭыхны, аиҿагылара ахьыҟаз Аалӡгаҟа днеиит. Уаҟоуп аԥсуаа ақырҭцәа Аҟәаҟа иаамышьҭкәа иахьааныркылазгьы.

Лиалиа дыздыруаз зегьы лгәымшәара аӡбахә рҳәоит. Гәрам Кәыҵниа, ацхыраара лас арныҟәцаҩ, игәалаиршәоит Лиалиа ашәара захьӡу лыздырамызт ҳәа.

"Ешыра ҳаҟан. Ашкол аҟны, уаҟа акәын аштаб ахьыҟазгьы. Алақәа аподвал ахь рҽыҵаркуа ианалагалак, иаадыруан ахысрақәа ишрылагоз. Дара акала ирныруан уи. Лиалиа ӡаагара дыҟан. Маҷк инахаран. Лызҿысҭит: "бласы, ахысра иалагоит" ҳәа. Иара убри аамҭазы минамиотла ахысра иагьалагаҵәҟьеит. Иаалыкәыршаны ахқәа ԥжәоит, лара шьаҿак ҟалымҵеит, дагьышьҭамиеит. Акы дацәымшәеит".

Марттәи ажәылараан Лиалиа Арышԥҳаи лҩыза Мзиа Абыхәԥҳаи ахәцәа ацхыраара рырҭон. Ахымҩасқәа рхашәышәуан, аси ақәеи еилаӡҩон, аха дара, имҟәуаз рнацәкьарақәа рыла ҳаҷкәынцәа рыԥсҭазаарақәа еиқәдырхон, ҳәа иҩуеит Баҭал Кәабахьиа.

Амедеҳәшьа Нанули Ҳагԥҳа еиҭалҳәоит ажәылараан Ибрагим Иаганов игәыԥ Гәымсҭаҟа ианылбаауаз амҩа дзырбоз Лиалиа Арышԥҳа шлакәыз.

"Тҟәарчалтәи ахәыҷқәа млакуеит ҳәа анлаҳа, Лиалиа аԥхьа акәац афара даҟәыҵит, нас — ахаагьы. Маҷ-маҷ ача мацарахь диасит. Ус ҟабымҵан ҳҳәон аха илуамызт. "Тҟәарчалҟа сымцакәа ус ак сҿахьы иназгом", ҳәа аҿаҭахьа лықәылҵеит.

Лаҵарамзаз акәын. Сара усҟан Мрагыларатәи афронт ахь ахәшәқәа сзышьҭуазар ҳәа саҿын аверталиотқәа рыла. Зны-зынла, ҭынчрақәак аныҟалоз аибашьцәагьы ԥырлон. Иҭацәыз аҭыԥқәа шамахамзар иҟалаломызт. Лиалька ус салҳәоит:

— Тҟәарчалҟа сцароуп, аҩныҟа. Соушьҭ. Аиҳабыра урацәажәа. иуҭаххар – иулшоит. Сҭаацәа збоит, амхы ласҵоит, шьҭахьҟагьы схынҳәуеит. Сашьцәа аха рымамзар акәхап, абџьар ркуп, сани саби ушьҭа ибыргцәоуп, ирылшарым. Иумдыруеи шәара зегь шәыда сара мышкгьы ишысзымычҳауа– схынҳәуеит. Сымцар исзыхгом.

© Фото : Абхазская интернет-библиотекаМзия Абухба и Батал Кобахия. Архивное фото.
Мзия Абухба и Батал Кобахия. Архивное фото.  - Sputnik Аҧсны
Мзия Абухба и Батал Кобахия. Архивное фото.

Мап, мап, мап! Доусышьҭуам. Уаҳа исылшом авертолиот азхәыцра. Ԥхынҷкәын 14 ашьҭахь уи аӡбахә аасаҳар ҟаломызт, иаразнак сыбла ихгылон иҭахаз ахәыҷқәеи аҳәсеи. Ҩымчыбжьа раҟара лаԥырҟәҟәаара саҿын лыгәҭакы. Лара лымфара-лымжәра лиааины дышьҭан. Нас ус лҳәеит:

— Уаҵәы инаркны аӡыжәрагь саҟәыҵуеит сшыушьҭуа агәра сумыргар.

Сара издыруан ус иагьшыҟалҵоз. Слыцхрааит Тҟәарчалҟа лцараҿы. Уаҵәы дԥырраны иахьа ауахәамаҟны дӡаасхырц дсыҳәеит.

— Иҟалом аиашьа ӡаахҩы ҳәа акәымзар — убас усшьон. Сара суаҳәшьеиҳабны схы збоит. Ус еиҳа усзааигәахон – лҳәеит.

"Дагьиашан. Бжьымз дууӡӡа ҳахьынӡеицыз иаҳәшьак леиԥш дысзыҟалахьан", ҳәа игәалаиршәоит Баҭал Кәабахьиа.

Нанули Ҳагԥҳа илҳәоит Лиалиа Тҟәарчал даанхарц дышлыҳәоз.

"Лара ишылҳәоз еиԥш амхылаҵара дахьӡеит макьана изаацәоуп ҳәа шларҳәозгьы. Аҩнгьы лнапы ныҩнылшьит, лыуацәа лҭынхацәа баны мчыбжьык ашьҭахь лышьҭахьҟа дхынҳәит, аха Гәдоуҭанӡа дзымнаӡеит", — ҳәа иҩуеит Баҭал Кәабахьиа.

1993 шықәса рашәарамза 14 рзы Марыхәтәи акаҵәараҟны авертолиот МИ-8 иаехсны иларышьҭит. Лиалиа лыԥсыбаҩ лыуацәа рҟны Ешыра анышә иамардеит. Аибашьра ашьҭахь лыԥсыбаҩ еиҭаган Тҟәарчал иржит.

Лиалиа Арышԥҳа дыздыруаз зегьы ргәалашәараҟны даанхеит дқәыԥшны, дгәымшәаны, аҽаӡә изыҳәан лхы мшаҭакәа дыцхырааҩны.

Ажәабжьқәа зегьы
0