Аԥсны ахәырма аҟалара иаамҭаны ишьоуп жьҭаарамза. Иҟалаз ахәырма еизганы акаҵкәырқәеи акалаҭқәеи ирҭарҵоит. Арҩаразы иҟалацәамкәа иҟоу ашәыр алырхуеит.
Арҩаразы иаздырхиаз ахәырма ацәа ахыхны ашьапқәа ҿарҳәоит. Ахәырмеидҳәала мбаарц азы амра ахьабо, аԥша ахьықәсуа икнарҳауеит.
Ахәырмарҩа ауатка ахыжәла ҳәа аишәа иқәдыргылоит.
Кали, магни, кальци, натри уҳәа амаҭәашьарқәа рыла ахәырма егьырҭ ашәырқәа ираԥнагоит. Жәлар рмедицинаҟны ахәырма рхы иадырхәоит аца-кьатеиуаҳәа ачымазарақәа раан.
Ахәырмарҩаҟны ирацәоуп аиод. Ахәырма ауаҩы ииммунитет шьҭнахуеит, ашьамаҷра аԥнарҟәҟәаауеит, агәы аусура еиӷьнатәуеит.

1/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәырмарҩа – аӡынхәы ҳәа Аԥсны идырхио шәырлыхуп.

2/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иҟалаз ахәырма еизганы акаҵкәырқәеи акалаҭқәеи ирҭарҵоит.

3/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Арҩаразы иҟалацәамкәа иҟоу, иреиӷьу ашәыр алырхуеит.

4/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Амҵәышә ҭәит, уажәшьҭа иҭаурцәыргьы ауеит.

5/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәырма иахӡыӡаан, имҟәыцырц аиашьыкьқәа ирҭарҵоит.

6/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Еизгоу ахәырма ԥхьаҟа аусадулара иазырхиоуп.

7/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәырма ҳәызбала ацәа ахырхуеит.

8/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ацәа анахырхлак ашьҭахь ахәырма ашьапқәа рахәыцла иҿарҳәоит.

9/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ахәырмеидҳәала мбаарц азы амра ахьабо, аԥша ахьықәсуа икнарҳауеит.