Клемантович ишьра ашаҳаҭцәа аӡбаҩцәа рҿахәы рҿырхуеит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАусӡбарҭа
Аусӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абизнесуаҩ Сергеи Клемантовичи иара иҩыза Оксана Скаредновеи рышьра аҭҵааразы ихацырку аӡбараҟны рҿахәы рҿырхуан ашаҳаҭцәа аҩаша, ԥхынҷкәын 1 азы.

Зус рыӡбо Аслан Ҵәыџьба иашьа Руслан Ҵәыџьба апрокуратура иҟанаҵаз ахарадҵара мап ацәикуеит. Иара ишьақәирӷәӷәоит иашьа иҷаҷақәа ихьуан, убри инадҳәаланы ари ацәгьоура амҩаԥгара илшомызт ҳәа. Ҵәыџьба иажәақәа рыла Аслан амилициа данааныркылоз имырхит раб ихатәыз ашәақь.

Иҿахәы иҿыхын иара убасгьы автомашьынақәа ацаԥха рзыҟазҵо аҟаза Сурен Мативосиан. Иара иажәақәа рыла 2013 шықәса, аԥхынразы Жәлар Реизара адепутат Нодик Кәыҵниа иҳәарала автомабиль Mercedes SLK (ацаԥхақәа ҟаиҵеит. Автомабиль уаанӡа ихатәын иршьыз абизнесуаҩ Сергеи Климантович (аред.). Аҟаза ишиҳәаз ала автомашьына аурыс-аԥсуа ҳәааҟны автомашьынақәа рыргыларҭаҟны игылан.

"Автомашьына гылеижьҭеи акыр ҵуан. Сара иҟасҵаз ацаԥхала амашьына аус асыруит. Уинахыс иахабару ҳәа акгьы сыздырам", — иҳәеит иара.

Мативосиан иажәақәа рыла адепутат амашьына сара сахь ииасит иҳәеит.

Зус рыӡбо Рамин Хмаил иԥшәмаԥҳәыс Диана Цкәыуаԥҳа ашаҳаҭра мап ацәылкит. Убри ашьҭахь апрокурор Даур Амҷба лара уаанӡатәи лажәахә даԥхьеит. Диана Цкәыуаԥҳа лхаҵа ацәгьара иуит ҳәа азылыԥхьаӡом. Ашаҳаҭра мап ацәылкит иара убасгьы Нодик Кәыҵниа иԥшәмаԥҳәыс Лиана Ҭаниаԥҳа.

Аӡбарҭаҟны иара убас иҿахәы иҿыхын аилак "Ель Петролеум-Абхазиа" аусзуҩ Даур Ҷан-оӷлы.

Зус рыӡбуа Хмаил: ахара зду ацәгьаҩцәа макьана ирыԥшаараны иҟоуп

Аӡбара аилатәараан 2015 шықәса ԥхынҷкәын 3 рзы зыҿҳәара нҵәо, зус рыӡбуа раанкылара аамҭа аҽа хымз ацнаҵеит. Адукатцәеи зус рыӡбуеи азыҳәара ҟарҵеит аҭакра ацынхәрас аӡбаратә процесс дырццакырц, мамзаргьы атәыла ишалымҵуала ашәҟәы рнапаҵаҩра мҩаԥыргарц. Гоԥиеи Ҵәыџьбеи рыхьчаҩцәа урҭ ргәабзиара ауашәшәырра иазааҭгылеит. Ус шакәызгьы аӡбара Бигәаа, Хмаил, Гоԥиа, Ҵәыџьба рыӡбра шыҟаз иаанрыжьит.

Сергеи Клемантович напхгара аиҭон аилак "Ель Петролеум-Абхазиа". Оксана Скаредновеи Сергеи Клемантовичи ыӡит 2012 шықәса цәыббрамзазы. Урҭ рыԥсыбаҩқәа ԥшаан 2013 шықәса жьҭаара 14 рзы Аӡҩыбжьа ақыҭан, аҵеиџь аҵаҿ.

Апрокуратура хада урҭ рышьразы ахара рыдырҵеит Нодик Кәыҵниа, Рамин Хмаил, Ахра Гоԥиа, Џьумбер Бигәаа, Аслан Ҵәыџьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0