Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Алыԥшаахқәа" захьӡу ӡырылгеит

© SputnikЕкатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Алыԥшаахқәа" рӡыргара
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Алыԥшаахқәа рӡыргара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еицырдыруа ауаа ирызку аилкаасахьанҵақәа знылаз ашәҟәы "Алыԥшаахқәа" ӡырган Аҟәа, ԥхынҷкәын 1 азы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 — Sputnik, Анжелика Бениа. Аԥсуа журналист, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Екатерина Бебиаԥҳа иӡырылгеит Аԥсны иалкаау ауаа ирызку аилкаасахьанҵақәа знылаз ашәҟәы "Алыԥшаахқәа".

Автор, ҳаԥсуа ԥсҭазаара иалагылоу, иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа, арҿиара знапы алаку, аҿар еиҵазааӡо, аԥсуа культура аизырҳара иазааԥсо уҳәа рхыҿсахьақәа аалырԥшит.

"Ахаҿсахьақәа инагӡаны раарԥшра сылымшазаргьы сҽазԥысшәеит, исыгхаз хадырҭәаап еиҵагылаз аҿар. Ашәҟәы аҟны Аԥсны иалкаау, еиҳарак здунеи зыԥсаххьоу, ма аибашьраҿы иҭахаз ауаа рхаҿсахьақәа аагоуп. Урҭ здыруаз даҽа зныкгьы иаҳгәалаҳаршәарц азы, иззымдыруа, иқәыԥшу аҿар ирдырырц, рыхьӡқәа гәныркыларц, ҳаԥхьаҟа бираҟҵас абиԥарақәа еимырдаларц азоуп", – ҳәа лҳәеит Бебиаԥҳа.

Аԥсуа поет Терен Ҷаниа ашәҟәы "Алыԥшаахқәа" аҵакы дазааҭгылеит, иара иажәақәа рыла автор илылшеит Аԥсны иалкаау ауаа, аибашьра афырхацәа рхыҿсахьақәа аарԥшра.

"Ҩынҩажәа шәҟәы инареиҳаны иравтору Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы рызкуп зҩымҭақәа рыла ҳҿар еиҵазааӡо, аԥсуара, абызшәа, ахаҵара, Аԥсны абзиабара ашәа рзызҳәахьоу, иазааԥсахьоу ауаа. Ашәҟәы ианылаз аочеркқәа раӷьырак рызкуп аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа. Ари ашәҟәы ҳҭоурых азы, ҳәарада, аҵак ду амоуп", – иҳәеит Ҷаниа.

© SputnikЕкатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Алыԥшаахқәа" рӡыргара
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы Алыԥшаахқәа рӡыргара - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәы "Алыԥшаахқәа" рӡыргара

Ашәҟәы адаҟьақәа рыҟны иаҳԥылоит Аԥсны жәлар рпоетцәеи, афырхацәеи, урҭ ранацәеи, уҳәа рхаҿсахьақәа.

Убас ашәҟәы иагәылоуп аԥсуаа ркультура, рҵас, рқьабз милаҭрацәа идзырдыруаз, Кәтол ақыҭан ииз, лқәыԥшра ашықәсқа раахыс Украина аҳҭнықалақь Киев инхоз Еҭери Басариаԥҳа илызкны аилкаанҵа.

Ашәҟәы аӡыргараҟны ажәа иман Еҭери Басариаԥҳа лашьа Ҭенгиз Басариа.

"Раԥхьаӡа акәны ари ашәҟәы аԥхьара саналага, издыруа ауаа рҭоурыхқәа рхаҿсахьақәа еиҳа игәылҭәааны, даҽаганкала исзаатит.  Сара сгәаанагарала ари ашәҟәы ҳҭоурых хәҭак аанарԥшуеит", – иҳәеит Еҭери Басариԥҳа лашьа.

Аҿартә политика азы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Алиас Аҩӡба излеиҳәаз ала, ахеилак иаӡбеит, ахарџь ала ашәҟы аҟны ианылаз аҿарацәа ҳамҭас ашәҟәқәа рыҭара.

Ашәҟәыҩҩы Еҭери Басариаԥҳа диижьҭи 66 шықәса ҵит

"Жәларык рыԥсҭазаара зныԥшуа шәҟәуп. Шаҟа ԥсҭазаара аныԥшыз, шаҟа разҟы аныԥшыз, автор илылшеит ашәҟәаҟны аарԥшра еиуеиԥшым ухы аҟны иузаамго ацәаныррақәа. Гәахәарыла исыдыскылеит ҳаԥсадгьыл аџьабаа азызбахьоу, амилаҭтә қәԥара иалахәыз инарываргыланы аҿаргьы ашәҟәы аҟны аҭыԥ ахьырзыԥшааз", – иҳәеит Аҩӡба.

Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа – ажурналист, ашәҟәыҩҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла апремиа алауреат.

Ажәабжьқәа зегьы
0