Аԥсны Урыстәылаҟа инанашьҭуа амандаринақәа рхышәа-ҵышәа еиҳанатәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАмандарин аҿыхра.
Амандарин аҿыхра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров иазгәеиҭеит Урыстәылаҟа 40 000 тонна рҟынӡа амандарина ашьҭра гәҭакны ишыҟоу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 — Sputnik. Аԥсны азыхиоуп Урыстәылатәи Афедерациахь инанашьҭуа амандаринақәа рхышәа-ҵышәа аизҳатәра, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров.

2016 шықәса ԥхынҷкәын 1 инаркны Урыстәылаҟа ҭырқәтәылатәи атауарқәа рыхәҭак ралагалара азин аанкылахоит, урыстәылатәи аҳаирплан Су-24 акажьра инамаданы. Аембарго иаҵанакит амандаринақәагьы.

"Ҳәарада ҳара иаразнакы иҳалшом Ҭырқәтәылантәи иаауаз ацитрустәқәа рхарҭәаара, аха сынтәатәи ашықәс азы иҳагәҭакуп Урыстәылаҟа 40 000 тонна рҟынӡа амандарина ашьҭар", — иҳәеит Дауров.

Иара иазгәеиҭеит амандарина шықәсырацәала изызҳауа ҵиааны ишыҟоу, атауар ахышәа-ҵышәа аизырҳаразы ирҿыцны рышьаҭа шарктәу. Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла Аԥсны азыхиоуп иахәҭаны иҟоу аалыҵ анашьҭра, аҭиреи аԥаразоужьреи рызҵаарақәа рылацәажәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0