Аҳәынҭқарратә музеи аҟны Аҟәа амш иалацәажәоит

© Sputnik Анжелика БенияЖәларбжьаратәи анаукатә-пракитикатә конференциа.
Жәларбжьаратәи анаукатә-пракитикатә конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа амш "Ижәытәу Диоскуриада" аныҳәа амҩаԥгара иалацәажәоит Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциаҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аҟәа амш "Ижәытәу Диоскуриада" аныҳәа амҩаԥгара иалацәажәоит Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциаҿы. Аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхараз Адепартамент аиҳабы Баҭал Кәабахьиа иазгәеиҭеит аныҳәа арыцхә аҭоурыхтә ҵаҵӷәы амазароуп ҳәа.

"Аҟәа 2 600 шықәса ахыҵуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Диоскуриа иазкны иҟоуп ирацәаны аҩыратә хыҵхырҭақәа, аԥшаарақәа. сгәыӷуеит абри аконференциа ҳкультуратә ҭынха аҽа блак ала ҳахәанарԥшып ҳәа. Ари Себастополис иазку раԥхьатәи конференциоуп", — иҳәеит Кобахьиа.

Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа иазгәеиҭеит Ақалақь амш алкаара аҭоурыхтәи ааӡаратәи ҵакы шамоу.

"Ақалақьуаа рҟынтәи исоулоит ашәҟәқәа. Уаҟа иқәдыргылоит ақалақь амш алхра азҵаара. Убри инадҳәаланы апроцесс хацыркхеит. Абри аконференциагьы иароуп изызку. Аҟәауаа ҳзы аҵакы амоуп арыцхә ашьақәыргылара. Ҳара адунеи иаҳарбароуп асеиԥш ақалақь шыҟоу, аҭоурых ду шамоу", — иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа "Ижәытәу Диоскуриада" аҟны ажәахәқәа ҟарҵоит Аԥсны, Урыстәыла, Германиа рҟынтәи аҵарауаа, аҭоурыхдырыҩцәа, археологцәа.

Археологиатә наукақәа рдоктор, Берлинтәи аҳәынҭқарратә антикатә музеи аусзуҩ Чандрасекаран Суджата адырра ҟалҵеит Аԥсны 2006 шықәса раахыс аус шылуа, Аԥсны археологиатә ҟазшьала даара аинтерес аҵаны ишылбо.

"Аҟәа-Диоскуриа антикатәи аамҭақәа рзы акраҵанакуан. Иахьа ицәырызгар сҭахуп аматериал ҿыц, ажәытәбырзен дунеи аҿы Кавкази, хаҭала Аԥсни руаа ралахәра атәы зҳәо. Уаҟа ирацәоуп абырзенцәеи абырзен дунеии реилкааразы. Абрантәи ицо аматериал еиҳагьы еиҳауп Бырзентәыла иҟоу аасҭа", — лҳәеит лара.

Ночь в музее - Sputnik Аҧсны
"Аҵх амузеи аҟны" раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит

Анаука-практикатә конференциа иатемақәаны иҟоуп "Ижәытәу Аԥсны аҭоурых аҟны заатәи антикатәи Диоскуриада аҟазшьа, аҭыԥ, аамҭа", "Диоскуриада иазку аҩыратә хыҵхырҭақәеи иара ашьаҭаркра аамҭазы азҵаареи", "Диоскуриеи антикатә дунеии реимадара. Архаикатәи аепохаан Ешыратәи ақалақьҭыԥ", уҳәа убас егьырҭгьы.

Апресс-конференциа алкаақәа рыла ишьақәырӷәӷәахоит Аҟәа амш арыцхә.

Апресс-конференциа еиҿыркааит Аҟәа ақалақь Ахадара, Аԥсны акультура аминистрра, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0