Ҩы-мцак рыбжьара. Мзиа Сохаӡе-Абыхәба леибашьратә ҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукМзия Абухба.
Мзия Абухба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Леон иорден занашьоу, амедеҳәшьа Мзиа Сохаӡе-Абыхәба лҭоурых.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Аԥҳәыси аибашьреи. Еузеидымкыло аилкаарақәа. Аԥҳәыс, ан — аҩны, ахәышҭаарамца рыхьчара зуалны иҟоу, дыԥшқарахзароуп, дҟәымшәышәзароуп. Аха аибашьра мҵаа-имԥшаа ҳашә ианаалагыла шәҩыла аҳәсақәа ахацәа инарывагылеит. Убарҭ дреиуахеит Мзиа Сохаӡе-Абыхәба. Милаҭла иақырҭуаз, аха аиаша адунеиаҿ зегьраасҭа ихаданы изыԥхьаӡаз.

Упатреҭгьы уаргьы

"Аҩадатәи Ешыра ҳаҟан. Аҭабиақәа ҳарҭатәан. Ҩбаҟа метра акәхарын ҳҭабиа иахышәа-ҵышәаз. Лиалькеи сареи аибашьцәа рхәы ҟаҳҵон, ирызнаагон. Ирыцҳаҳшьон. Лиалька ус лҳәон: "Мама-Мзиа, бааи џьара ак ҳхәыцып, рхәык аагап. Иахьа аашазар ҿашәа рмоуц". Ҳҩагылон.

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

Леон иорден занашьоу Мзиа Абыхәԥҳа-Сохаӡе иаҳзеиҭалҳәеит Руслан лпатреҭ анҭихуаз атәы. Мзиа аибашьрахь днеиит хҩык ахәыҷқәа Гәдоуҭа, аҩны иааныжьны. Гәымсҭатәи афронт амедика-санитартә баталион далахәны аибашьра ауадаҩрақәа зегьы лхылгеит. Анцәа иџьшьангьы лԥхала далҵит.

Мзииеи лара лҩыза Лиалиа Арышԥҳаи акрызҿарҵоз аибашьцәа дрылан Руслан Габлиагьы. Иара аибашьраҟынгьы иԥсҭазаара ахықәкы хада – асахьаҭыхра – ихаиршҭуамызт. Ахымҩасқәа ихашәышәуан, абомбақәа еишьҭалан ианлеиуазгьы ыҟан, иҟан имаҷзаргьы абырсааҭктәи аҭынчаамҭақәа – Руслан иааикәыршан иҟаз ауаа ҭихуан. Иара иҭахын урҭ ргәымшәареи рфырхаҵареи, рҿареи ақьаад иазынижьыр – иҭахаанӡа. Анаӡаӡара иазцаанӡа.

"Ҳаннеи аҷкәынцәа гәырӷьеит. Амла иԥсуа итәамзи. Руслан баатәа, бсахьа ҭысхуеит иҳәеит. "Упатреҭгьы уаргьы" сҳәеит. Хынтә-ԥшьынтә ҳизнеиит спатреҭ ҭыхны далгарц. Лиалька лсахьа анҭихуаз бзиа илбон. Сара бзиа избомызт, аинтервиуаҟаҵарагьы бзиа избаӡом. Иара агәалашәарақәагьы сцәымӷуп".

© Sputnik Руслан ГаблияМзия Сохадзе -Абухба. Рисунок Руслана Габлия
Мзия Сохадзе -Абухба. Рисунок Руслана Габлия - Sputnik Аҧсны
Мзия Сохадзе -Абухба. Рисунок Руслана Габлия

Аԥсны аҭоурых абадырра

Мзиа иазгәалҭоит лара лзы аибашьра 1989 шықәса рзы ишалагаз. Усҟантәи аамҭауа даҩқәа рзы аԥсуаӡӷаб дылҵәахит. "Сгәыла лакәын. Сара сҟны аус луан. Ишсыдырҵозгьы лусура дамсымхит". Мзиа ииашаҵәҟьаны илзеилкаауамызт аԥсуаа абриаҟара цәымӷс изктәыз. Лара лхаҭа милаҭла дқырҭуан, Аӡҩыбжьатәын. Абра диит, абра илызҳаит. Аԥсуа ҭаацәара рыҩны дыҩнагылан.

"Сара аҭоурых иныҭкааны исыздырамызт, аха аԥсуаа амза ишалмыҩрыз усгьы еилыскаауан. Ақырҭцәа урҭ арахь аӡы иаанагазшәа ирыхцәажәон аха рыԥсадгьылҵәҟьа Аԥсны анахьӡхауигьы акамҳәоз. Аԥсны – аԥсуаа".

"Исзымдыруаз азы сашьа сиазҵаауан. Уи аҭоурых бзианы идыруан. Исеиҳәеит аԥсуаа рҭоурых нарҭбааны".

Мзиа агазеҭқәеи ажурналқәеи дрыԥхьон, амилаҭзҵаара аинтерес кны иҭылҵаауан.

"Аус сыцызуаз ақырҭцәа иҟаз шыҟаз расҳәо саналага лахә-лахәы исышьклаԥшуа иалагеит", — лҳәоит лара.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа

Аибашьра ианалагоз аламҭалаз Мзиа лыԥҳацәа аиҳабцәа ҩыџьа ажәеизатәи аклассаҟны итәан, реиҵбы –афбатәи аклассаҟны.

"Дара дуун, ибзианы урҭ амшқәа ргәалашәоит. Аибашьра раԥхьатәи амш азы санхәыԥҳа лахь, Лыхныҟа исышьҭит. Схаҵеи сареи еиҭах аамҭақәак Аҟәа ҳаҟан. Схаҵа агәра изгомызт аибашьра асеиԥш иҟалап ҳәа. Ацара иҭахымызт" ҳәа еиҭалҳәоит Мзиа.

Нина Балаева. - Sputnik Аҧсны
Нина Балаева: Аибашьра уԥсҭазаара ахәҭак уцәнарӡуеит

Мышқәак илычҳаит, аха нас ахәыҷқәа лбарц ддәықәлеит. Ақалақь алҵрагьы лылшеит.

"Ақырҭцәа акрнырызшәа исыхәаԥшуан гәрамгарҭас сыкны. Спаспорт ианахәаԥш – уа Сохаӡе ҳәа сыжәла ануп. Бабацои ҳәа иансазҵаа, шылаагара сҳәеит".

Аихамҩатәцҳаҟынӡа днеихьаны илышьклахысуа иалагеит.

"Иҭацәыз амҩа саныланы сцон. Сагьымыҭрысит. Иахьагьы исыздырам уи асолҭад ахысра дзалагаз".

Иаарласны аамҭалатәи аҭынчра еиԥҟьеит. Ақырҭцәа ақалақь рнапахьы иааргеит. Уахь ахынҳәрагьы залшомызт. Мзиа аԥсуаа рахь даанхеит, лхаҵа – ақырҭцәа злагьыуаз Аҟәа даанхеит.

"Лыхны сзымтәеит. Иҟасҵоз уаҟа? Аԥсӡқәа еишьҭаланы иҳаҳауан, арԥарцәа кахәхәа рҵәыуара ҳахьӡомызт. Сеилагарҳәа сшәон" илгәалалыршәоит Мзиа.

"Афронтаҟны схәарҭахап. Маҭәак сыӡәӡәап, хәык ҟасҵап ҳәа сыӡбеит. Ахәыҷқәа раб иаҳәшьа лнапы ианын, илбон".

Мзиа Ешыра дышнанагаз атәы иҩуеит Баҭал Кәабахьиа иажәабжь "Лиалька" аҟны.

"Ешыра аевакуатортә пункт аҟны инеиит ԥҳәыски лареи. Ашә дагьынхыҵит "Сыхҵәаҩуп. Сахьынхо сымам. Исфо сымам. Абрахь, шәара шәахь сааит. Сыӡәӡәап-сыҳәҳәап, к-акрышәсыржәып. Иҟасҵо сыԥшаап" лҳәеит.

Жанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
Шәара зқәымыз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых

— Ара мышк хынтә акрахьуҿарҵо ԥсшьарҭаҩным – ак сҳәақәарц сналагеит аха лҿаԥшылара сааннакылеит.

— Аԥхьатәи ацәаҳәаҟны бхабар сымбароуп. Багьмаҷм шьҭа. Уаҟа ахымҩас уацыҵҟьан уҩлароуп", — нацысҵеит.

Минуҭқәак ааҵхьан иахьылыԥшаах сеидроу, ԥечкак лыԥшааит. Ҳпаиокқәа ирылхны суԥшәа бааӡарак ҳзыҟалҵеит. Афатә унацәахы адуфало иҟалҵон. Излылхуаз сеидроу. Апозициақәа рахь аҷкәынцәа рхәы лгалон, џьара ԥхак сзырҿаҵандаз ҳәа".

"Сара ахаангьы амедеҳәшьа лус саламызт. Ахәыҷқәа агәыр анырзыҟарҵозгьы сыблақәа хызҩон", — лҳәоит Мзиа.

Аԥсҭазаара зегь унарҵоит. Ахә лара лылшара деиқәнархар шауаз дырны илылшозгьы илылымшозгьы ҟалҵон.

Афронтаҟны Мзиа Мама ҳәа хьыӡшьарас илырҭеит. Аӡәырҩы дреиҳабын, ҩынҩажәашықәса дырҭысхьан. Лгәыҭбаара, лоптимизм, лгәаҵа иҭыҵуаз лыччаԥшь – зегь бзиа деицыднарбеит.

Мама-Мзиаҳәа зегьы иларҳәон, Сулҭан Сосналиевгьы ус длышьҭан.

"Ари ахьӡ сара сзы зегь иреиҳау ҳамҭан" — лҳәоит лара.

Лхәыҷқәеи лареи реибабара акыр иԥкын. Еснагь иҟалҵашаз ыҟан. Аиҳаракгьы ажәыларақәа раан блацәеихаҟәырсракгьы анылзалмыршоз ҟалалон. Ус шакәызгьы дареи лареи реибабарақәа лхамшҭуа лхаҿы иаанхеит.

Аибашьцәа урҭ рзы ирылшоз, аварениа, ашьақар уҳәа еизганы ирзырышьҭуан.

"Аҷкәынцәа аиҳарак дара имфаӡакәа сара исырҭон рыхәҭаа. Сыӡӷабцәагьы уи аҭакс итәаны ашьапхарԥаԥхақәа рзырԥон".

Зны Мзиа илықәшәаз машьынак ала аҩныҟа дцеит. Амашьына лыуацәа ргәашә ианаадгыла, лыԥҳацәа ԥшызар ран лылацәа еиқәыԥсаны амашьына ашьҭахь дтәоуп. Амҩан дамхацәазаап. Дыԥсны днаргаз џьшьаны аҳәҳәара ҭарҵеит.

"Схәыҷқәа рыҵәаа-ҵәаабжь саанарԥшит. Аибашьра ашьҭахь еилыскааит – ашьыршьафш кәакәақәеи, иалырхуаз сеидроу, амарганцовкеи ҵәахны ирымазаарын. Ак сыхьны снаргар ҳәа рҽырхианы иҟазаарын".

Аибашьра цонаҵы Мзиа изныкымкәа дҭахеит ҳәа дрыԥхьаӡахьан, аиҳарак ахәрақәа шҿалҳәоз лымч лылӡаан ахәцәа данрываҳауаз, данамхацәоз.

Марттәи ажәылараан абырсааҭк иадамзаргьы хҭацәыха ыҟамызт. Шәҩыла ахәцәа ацхыраара иаҳәон. Амедеҳәшьцәа лацәааихьшь ҟарҵомызт, ирфомызт иржәуамызт.

— Сыԥсуама? – иҵаауан.

"Абри акылҵәара хәыҷӡоума узгарҳәа ушәо. Сантиметракгьы ыҟам" сҳәон аха дара ԥсуан. Сара исҳәозгьы мцын — ҳәа еиҭалҳәоит Мзиа.

Зыбжа змамыз ыҟан. Еизаагон маха-маха. Зны ҷкәына қәыԥшк ишьапы хаҳҵәон. Ҩ-сантиметрак раҟара иҟаз ацәа иакын. Ацәа анаахысҵәа, ибжьы ааҭҟьеит. Убарҭ аҩсантиметракгьы ахьаа ирҭеит".

© Фото : Абхазская интернет-библиотекаМзия Абухба и Батал Кобахия.Архивное фото.
Мзия Абухба и Батал Кобахия.Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Мзия Абухба и Батал Кобахия.Архивное фото.

Аҭынч ԥсҭазаарахь…

Аибашьра ашьҭахь Мзиа Абыхәԥҳа-Сохаӡе лпатреҭ Қарҭ усҳәарҭак аҭӡамцаҟны икнаҳан "ажәлар раӷа" ҳәа аҵаҩны. Аибашьразегьы Мзиа уаҩԥс длымшьит, иԥсҭазаара даллымхит. Лара аԥсҭазаарақәа реиқәырхаракәын дызҿыз.

Лыҩны, лықалақь, лҭаацәа рынхара – зегь еиларбган. Ақалақь иалахаз Мзиа лыԥшәма аибашьра анҵәамҭаз ишьапыдзыхгыло дыҟамызт. Лашьцәа Гәылрыԥшь ахақәиҭтәраан аԥсуаа иршьит.

Мзиа лхазы "сара ҩ-мцак рыбжьара сбылуан" лҳәоит.

Лара дааҟәымҵӡакәа илҳәо, аҭыԥантәи ақырҭцәа абџьар шьҭырымхыр акәын ҳәоуп.

"Ҳара ара ҳаицынхон. Аус еицаауан. Егьырҭ џьарантә иааз ракәын. Итәымуаан. Аҭыԥантәиқәа ас рхы мҩаԥырымгар акәын", — лҳәоит Мзиа.

Ахацәа дрывагыланы аибашьра агәаҟрақәа зегь зхызгаз абри аԥҳәыс лыԥсҭазаараҟны иҟоуп арыцҳара дуӡӡақәа, аха лара илыллыршеит аԥсҭазара абзиабара амырӡра, аиқәырхара. Иахьа Мзиа Абыхәԥҳа-Сохаӡе лмоҭацәа лааӡоит. Лыԥсҭазаара зегьы аҟны еиҳаихадоу акәнгьы абри дахәаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0