АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 — Sputnik. "Амандарина асезон" иаалагазар шәачатәи аҳазалхыҩцәа еиҿыркаахьеит 10 200 тонна ацитрус шәырқәа рахыгара. Ҵыԥх уажәааны ари арбага 11 700 тонна шьақәнартәон. Абри атәы аанацҳаит Урыстщылатщи Афедерациа Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа.
"Аԥсуа аалыҵ аганахьала зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә режим аус ауеит. Абри аҩыза арежим ахархәара амоуп ИАР атәылақәа зегьы рыҟны ҳәа азгәеиҭеит апост Адлер аиҳабы Денис Воронин –аҳаза арҭ атауарқәа рҟынтәи иргом, ахархәара змоу аҩныҵҟатәи ашәахтәқәа рымацара роуп", — иҳәоит иара.
Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа ишаанацҳауа ала, уахыки-ҽнаки рыбжьара аҳәааҟны 500 инаркны 700 тонна рҟынӡа амандарина ахыгара еиҿыркаауеит.
"Ҭагалан хьҭан, ақәоурақәа рацәан, убри инамаданы Аԥсны ацитрусқәа рҽаҩра ҵыԥх аасҭа маҷк еиҵоуп. Анаплакыҩцәа, Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа ииазго ирмариоу арежим гәахәарыла рхы иадырхәоит. Аҳазатә шәара мҩаԥганы, атауар апартиа зегь азы адекларациа харҭәааны анаплакҩы илшоит итауар изныкны акәымкәа, ишиоуа ала, хәҭа-хәҭалагьы ахыгара. Ари аҩыза адекларациаҟаҵара аформа маншәалоуп, аҳәаа ахыҵра аамҭагьы аркьаҿуеит", — ҳәа азгәарҭоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭаҟны.
Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа азыԥхьагәаҭарақәа рыла ԥхынҷкәын аҩбатәи азыбжазы акәхоит еҳа ирацәаны ацитрус аалыҵ аҳәаа ахгара анымҩаԥгахо.
Абри аамҭазы Аԥснынтәи 700 тонна рҟынӡа уахыки-ҽнаки рыла ацитрус аалыҵ ахыргоит. Ҵыԥхтәи ашықәс "амандаринатә сезон" аан (жьҭаара-жәабран) шәачатәи аҳазалхыҩцәа 30 000 тонна амандарина аҳәаа ахыгара еиҿыркааит.