Аҟәа-Диоскуриада аиубилеи шԥамҩаԥгатәу

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа.Ихадоу апарк.
Аҟәа.Ихадоу апарк. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ, археолог, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут аусзуҩ Александр Скаков иазиԥхьаӡоит Аԥсны ажәытә ҳҭнықалақь амаӡақәа раарԥшра иацхраауеит ажәытәтәи Диоскуриада ыҟоуп ҳәа иахьазшьоу, ҳамҭазтәи Аҟәа ацентр аҟны анышәжрақәа рымҩаԥгара ҳәа.


Александр Скаков, Sputnik

Ԥхынҷкәын алагамҭаз Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаԥысит Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа "Ажәытәтәи Диоскуриада". Иара еиҿыркааит аԥсуа ҵарауаа, Аԥсны Акультуреи аҭоурыхтә ҭынхақәа рыхьчара аминистрреи, Аҟәа ақалақь Ахадареи.

Жәларбжьаратәи анаукатә-пракитикатә конференциа. - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә музеи аҟны Аҟәа амш иалацәажәоит

Иҟаҵан ажәахәқәа аҭҵаарадырра ҟазшьа зманы иҟаз. Аконференциа хықәкы хаданы иаман Аҟәа аиубилеи амҩаԥгара амш алкаара. Абраҟа ицәырҵит азҵаара: Аҟәа ашьаҭаркра арыцхәс 2500 шықәса ракәу 2600 шықәса ракәу ишьатәу ҳәа.

Адунеи зегь аҟны асеиԥш иҟоу арыцхәқәа рныҳәа аиҿкаара афинанстә цхыраара ду аҭахны иҟоуп, урҭ ркультуратә ҭынха аиҭашьақәыргылареи ацхраареи рзы. Арахь иадыԥхьалатәуп анаукеиԥш ауаажәларратә еилазаарагьы.

Аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи акрааҵуеит Аԥсны аҳҭнықалақь алахьынҵа иазхьаԥшуеижьҭеи. Аҟәа ахьыҟоу аҭыԥ аҟны ишдыру еиԥш игылан римтәи. византиатәи ақалақь себастопалис. Иара абаахыжәжәарақәа иахьагьы ибзианы иубарҭоуп амшын аԥшаҳәаҟны. Римтәи аныҟәаҩ, ашәҟәыҩҩы, аполитик Флавии Арриан (131-132шш.) иҩуан: "Севастополь уаанӡа Диоскуриада ҳәа иашьҭан. Милеҭ иколониа акәын", ҳәа.

Акыршықәсатәи археологиатә ԥшаарақәа инагӡаны иалыдмыршеит ҳаамҭазтәи Аҟәа аҭыԥ аҟны ажәытә бырзен шьҭра аԥшаара. Убри азы 19-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы ицәырҵуа иалагеит егьырҭ альтернатива ҟазшьа змаз агәаанагарақәа. 1952 шықәса рзы Басла аӡиас амшын иахьалало иԥшаан ҳера ҟалаанӡатәи астела (430-420шш.). Асеиԥш иҟаз анапкымҭа ҟалар алшон ажәытә Диоскуриа анекрополь аҟны мацара. Ҵарауаак иазгәарҭоит ажәытә қалақь изыхҟьаз еилкаамкәа амшын аҵа иазцеит ҳәа. Аха иҟаҵаз аусурақәа ишьақәдыргылеит 2000 шықәса рыла амшын иагаз адгьылԥшаҳәа 100 метрак иреиҳам ҳәа. ус анакәха ари аҵакырадгьыл антикатәи ақалақь аҟазааразы акыр имаҷуп.

Иҟан ақалақь Шәқәырча иахьаҵанакуаз изыԥшаауазгьы. Иҟан акрополь Аҟәа инахыкны Ешыра аҭыԥ аҟны изыԥшаауазгьы.

Ишыҟазаалакгьы азҵаара аҭак ныҭкааны ашьақәыргылара алшоит ҳаамҭазтәи Аҟәа ацентр иахьаҵанакуа анышәжра-ԥшаара анымҩаԥгахалак ашьҭахь. Амасштаб ҭбаа змоу археологиатә ԥшаарақәа ара имҩаԥырымгац.

Егьырҭ Аԥсны антикатә қалақьқәагьы рыԥшаараҿы макьаназ азҵаара рацәа ыҟоуп. Убас, Питиунт ақалақь иахьатәи Пицунда ахьыҟоу иҟан ҳәа иԥхьаӡоуп, аха аҩбатәии афбатәии ашәышықәсақәа ирыҵаркуа археологиатә дгьылқәҵақәа рыҭҵаараан ажәытә қалақь ашьаҭақәа аарԥшымхеит.

Раскопки. - Sputnik Аҧсны
Археологцәа Џьанҭоутәи ажырҭақәа рыҭҵаара иацырҵоит

Гиоенос акәзар 1930-тәи ашықәсқәа рзы аҭҵаара нап аркын аха усҟан ицоз амасштабтә ргыларақәа иҟаҵаз аԥшаарақәа ҭакданы инрыжьит.

Убасеиԥш иуҳәозар, антикатәи аамҭа иаҵанакуа Аԥсны terra incognita ҳәа иаанхоит.

Убри азы иазыԥхьагәаҭоу аиубилеи иалнаршоит археологиатә усурақәа рырҭбаара, иахәҭаны иҟоу аԥаразоужьра мҩаԥганы.

Аха араҟагьы ицәырҵуеит апроблемақәа ҩба: актәи – амшын аҩаӡара аасҭа илаҟәу аҭыԥқәа рахь аӡы халоит, иара аҭыгаразы иҷыдоу атехника аҭахны иҟоуп; аҩбатәи – зааӡатәи аргыларақәа рхыхь имҩаԥгоуп византиа аамҭа иатәу аргыларақәа. урҭ рылакьысра шыҟамло еилкаауп. Ус анакәха дара ирыҵоу адгьылҿысҭақәа узрылакьысуам, иузыҭҵаауам. Убри азоуп алҵшәа бзиа аанарԥшып ҳәа изеигәыӷуаз 2001-2006 шықәсқәа рызтәи аусурақәагьы заанкылаз.

Ҳәарада Аҟәа аҭоурых-культуратә ҭынха Аҟәатәи абаа амацарала акәым ишалкаахо. Уи Аҳәынҭқарратә музеи, Аботаникатә баҳча, Басла ацҳа, Баграт ибаа уҳәа ирацәоуп иаҵанакуа. Абарҭ зегьы Аԥсны атуризм азы бырлаш ҳасабла урыдрыԥхьало иҟалар алшоит. Ҳәарада уи иацхраашт ақалақь аиубилеигьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0