Амобилтә еимадарақәа рабонентцәа аилыркаага амаҵзура рхы ирзархәаӡом

© Sputnik Роберт ДжопуаАиҿцәажәарҭа
Аиҿцәажәарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хы-шықәса ирықәуп Аԥсны амобилтә операторцәа рабонентцәа Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥснеимадара" Аҟәатәи аҟәша аилыркаага амаҵзура ахархәара рзамҭоижьҭеи. АУН "Аԥснеимадара" Аҟәатәи аҟәша адиректор Ҭимур Ԥиԥиа ҳкорреспондент аинтервиу иҭо иаҳзеиҭеиҳәеит ари апроблема мзызс иамоу атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны амобилтә операторцәа рабонентцәа АУН "Аԥснеимадара" Аҟәатәи аҟәша аилыркаага маҵзура ахархәара аномер кьаҿ 009 ала иарҭарц азы дара аилакқәа аԥарахшәаара мҩаԥыргароуп ҳәа иԥхьаӡоит "Аԥснеимадара" Аҟәатәи аҟәша адиректор Ҭемыр Ԥиԥиа.

"Хы-шықәса раԥхьа амобилтә еимадаратә еилакқәа зхатәу ажәалагала рыдызгалеит — рабонентцәа ирзыҟаҳҵо амаҵзура ахә ахыршәааларц, ҳара уалны ҳабӷа иқәымларц. Дара уи мап ацәыркит. Абри ашьҭахь сара, "Аԥснеимадара" адиректор хада иақәшаҳаҭрала, абри амаҵзура ааныскылеит" — иҳәеит Ԥиԥиа.

Ҭемур Ԥиԥиа иажәақәа рыла, "Аԥснеимадара" абонентцәа аилыркаага маҵзурахьы аҭел иасыр рылшоит аномер 09 ала. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ари амаҵзура ззырхоу Аҟәатәи ателефонтә станциа абонентцәа рымаҵ ауразоуп ҳәа. Уи аханатәгьы, иахьагьы урҭ рымаҵ ауеит.

"Ареспубликаҟны амобилтә еимадара ҟалеижьҭеи урҭгьы рымаҵ утәхеит. Ҳаилыркаага маҵзура урҭ зегь ахәда иқәлеит. 10-15-нтә аусутә еиҳахеит. Абонентцәа рымаҵ зуаз аоператорцәа азымхо иалагеит. Амобилтә еимадаратә еилакқәа хаҭацыԥхьаӡа 100-100 нызқьҩык рҟынӡа абонентцәа рымаҵ руеит. Урҭ рыбжаҩык ракәзаргьы аамҭак ала арахь аҭел иасырц рҭаххар – иҟало шәазхәыци. Асеиԥш иҟоу амаҵзура адунеи зегь аҟны ахәԥса ахыршәаауеит", — иҳәеит Ԥиԥиа.

Иааидкылан Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Аԥснеимадара" иабонентцәаны иҟоуп 13 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Абри азҵаара аганахьала амобилтә еимадарақәа роператорцәа рхаҭарнакцәа хҳәаа ҳәа акгьы ҟарымҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0