Аррахь ҿыц инаԥхьо рҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Аԥсны

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАргыларатә еибашьцәа рсапиор. Архивтә фото.
Аргыларатә еибашьцәа рсапиор. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу аполигонқәа 4 рҟны имҩаԥгахоит 200 инарзынаԥшуа аҽазыҟаҵарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 — Sputnik. Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аҟәшақәа рҟны иалагеит арратә ҽазыҟаҵарақәа. Уи иахысуеит зықьҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Асолдатцәа амцатә ҽазыҟаҵара иазку аусхкы аҿы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
600 инареиҳаны аруаа Аԥсны ашьхақәа рҟны арратә техника ԥыршәоит


Аррамаҵзурауаа имҩаԥыргоит анормативқәа амцатә ҽазыҟаҵареи, арадиациатәи ахимиатәи, абиологиатәи хьчареи амина-рԥжәагатә хьчагақәа рхысреи адәаҟны ихымԥадатәихар зылшо аҭагылазаашьақәа раан раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵареи рзы.

"Аррамаҵзурауаа рмахәҿалатә ҭагылазаашьа аарԥшреи ԥхьаҟатәи реидарақәҵа апланыркреи хықәкны иҟаҵаны хаҭалатәи аилазаара анормативқәа арҭараны иҟоуп: 100, 1000, 3000 метра рҟны аҩрази ақәырҟьаҟны аҽышьҭыхрази", ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҟны.

Аҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоуп аконтрольтә ҽазыҟаҵарақәа. Аррамаҵзурауаа, аконтрольтә ԥышәарақәеи азшьақәеи, абаҩырҵәырақәеи қәҿиарала иазҭаз а-3-тәи акласс аҟаза ҳәа аквалификациа роуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0