АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 — Sputnik. Аиҿцәажәарақәа Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зегьы иреиӷьны иҟоуп, иҳәеит Ҟазахсҭан Апрезидент Нурсултан Назарбаев.
"Урыстәыла акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ҳәарада зегьы агәҭынчымра ҳнаҭоит. Урыстәыла ҳара иаҳгәылоу тәылоуп, Евразиатәи Аекономикатә еидгыла ҳаицалахәуп", — иҳәеит иинтервиу аҟны Нурсулҭан Назарбаев.
Иара иазгәеиҭеит Ҟазахсҭан гәыкала Урыстәылагьы Ҭырқәтәылагьы ишырзыҟоу.
"Сара сгәы иаанагоит аиҿагыларақәа аӡәгьы феидара ирҭом ҳәа. Зегь иреиӷьны иҟоу аиҿцәажәарақәа роуп", — иҳәеит иара.
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьаақәа уадаҩхеит ҭырқәтәылатәи аруаа урыстәылатәи Су-24 анкарыжь ашьҭахь. Абри аинцидент ашьҭахь Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәыла аганахьала асанкциақәа.