Ҳаџьымба: ауаа зҭаҳкуеи абахҭаҟны ишырҭаху иҟазар

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩныцҟатәи аусқәа рминистррра аилатәара. Аҭыԥантәи афото.
Аҩныцҟатәи аусқәа рминистррра аилатәара. Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхәит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны, ашәахьаҽны, ԥхынҷкәын 14 рзы имҩаԥысуаз аилацәажәара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаа абахҭа изҭаҳкгәышьои, урҭ уаҟа зхы иақәиҭу реиԥш ирҭаху шырҭаху ирымазар, иҳәеит атәыла Ахада ашәахьаҽны, ԥхынҷкәын 14 рзы имҩаԥысуаз аилацәажәараҟны дықәгыло.

"Ҳтәылауаак ашьауӷа рхыргоит ҳәа изаҳаԥхьаӡозеи урҭ абахҭаҟны зхы иақәиҭу реиԥш ирҭаху шырҭаху ирымазар? Иарбанызаалак ацәгьоура мҩаԥызгаз ахаҿқәа рганахьала ашьаустә кодекс ахәҭаҷқәа ҳазрылацәажәарызеи урҭ уаҟа зегь еицеиԥшны иҟазар? Сара адырра сырҭеит абахҭаҟны акамерақәа аартны, дасу ишиҭаху еиԥш еиҭанеиааиуа иҟоуп, абахҭаҟны зымазаара ҟамло амаҭәарқәагьы рымазар алшоит ҳәа", — азгәеиҭеит атәыла Ахада.

Атәыла Ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит Драндатәи СИЗО аҟны аҭагылазаашьа аҭԥ иқәызҵаз.

"Ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп Аҭагылазаашьа ҷыда аминистрра аума, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аума, апрокуратура, араионқәа рхадарақәа, иара ус азинеиҿкаара знапы алакыз зегьы", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа зегьы азакәан иақәшәо ишеиҽкааз.

"Иҟаҵаз зегьы азакәан ишаҳәо шакәу ишымҩаԥгаз азы аӡәгьы гәҷыдара имоуааит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Абахҭа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Џьелиа Драндатәи аизолиатор аиҳабыс дахьыҟаз аҟнытә ихы дақәиҭтәуп

Иара убасгьы иазгәеиҭеит абахҭаҟны аилагарақәа шыҟоугьы, иҳәеит урҭ рҭыԥ ақәҵара аҭахны ишыҟоу.

Ԥхынҷкәын 12 рзы Драндатәи СИЗО аҟны аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит уаҟа иҭаку. Акциа мзызны иаиуит абахҭаҟны умазаара ҟамло амаҭәарқәа ахьрымырхыз. Аԥсны амчратә структурақәа уаҟа азинеиҿкаара еиҭашьақәдыргылеит.

Ԥхынҷкәын 10 рзы Драндатәи СИЗО аҟынтәи дыбналеит ашьауӷа зхызгоз Бачуки Латариа. Амчратә структурақәа имҩаԥыргаз ауснагӡатәқәа иалдыршеит иара убри аҽны абналаҩ иаанкылара. Драндатәи СИЗО аиҳабы имаҵзура дамхуп аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы.

Ажәабжьқәа зегьы
0