Аԥсуа хәмарра "Ахылԥахас"

Анапаҵаҩра
"Ахылԥахас" - ашколқәра иаҵанакуа аҷкәынцәа рзы аԥсуаа рыхәмарра.

Ахәмарра рхы аладырхәуеит ҩыџьа. Адәаҿы иҵадырсуеит метрак иҟоу алаба, уи аханы ахылԥа хыршьуеит. Алаба ахьыҵарсу аҿынтә ҩ-ганк рыла аконтрольтә цәаҳәақәа алырдоит: ганкахьала 15 шьаҿа ыҟоуп (иааигәоу ацәаҳәа), егьи аган ала 20 шьаҿа (ихароу ацәаҳәа).

Аганқәа рылагьы ацәаҳәақәа ҟарҵоит. Адәы аура ахәмарҩцәа рхаҭа иалырхуеит ахәмарра иалагаанӡа. Хадара злоу акакәны иҟоуп ганкахьала адәы еиҳагьы адура.

Ахәмарҩцәа аконтрольтә цәаҳәа аҟны еиҿагылоит. Адырра анрырҭалакь, ахәмарыҩцәа алабахь инеиуеит. Иааигәоу ацәаҳәаҿы игылоу ахәмарҩы ахылаԥа дамҵасны, раԥхьа дыхьгылаз аҭыԥахь дхынҳәыроуп, ихараны иҟоу ацәаҳәаҿы игылоу ахәмарҩы ахылаԥа зку ахәмарҩы дикыроуп иҭыԥ аҿы днеиаанӡа.

Иркыз ахәмарра далҵуеит. Аха дызкраны иҟаз дизымкыр иара ихаҭа ахәмарра далҵроуп. Ицаз ихаҭыԥан ҿыц даҽаӡәы далалоит, убас ахәмарра иацҵахоит. Иреиӷьу ахәмарҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп, ахәмарра далымҵӡакәа ирацәаҩны аҿагылаҩцәа зыԥсахуа.

Ахәмарра даара имариоуп, зегьы ирзыманшәалоуп. Ахәыҷқәа зегьы хатәгәаԥхарала ихәмарыр ҟалоит. Ахәмарра иабзоураны иҿиоит ареакциа аласреи аццакреи. Ахәмарҩцәа рацәаҩны еизар ахәмарра командатәны иҟауҵар ҟалоит. Реиҳа ирацәаны аиааирақәа згаз акоманда аиааиуеит. Ахәмарҩцәа зынӡа ихәыҷқәазар адәы аура дырмаҷуеит. Аиҳабаҵәа хәмаруазар идырҭбаауеит. Ахылаԥа ахаҭыԥан рхы иадырхәар ҟалоит: ачабра, ақьаад уб.егь

Ахәмарра аԥҟарақәа рыла иҟалоит аиндаҭлаҩ напыла икра, аха дкамҳартә еиԥш, ахьаа имоуртә еиԥш, дымхәахәартә еиԥш. Ахәмарҩ дкуп ҳәа иԥхьаӡоуп аарла напыла ихьысзаргьы.

Иҟалом, атрышә иасаанӡа ахәмарра алагара, ацәаҳәа уахысзар аиндаҭлаҩ икра, ашьапҿаршә аҟаҵара, ахцәи ашьапқәеи рыкра.

Ажәабжьқәа зегьы
0