Атәыла Ахада дырԥылеит Алмазов ихьӡ зху амедицинатә центр ахаҭарнакцәа

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАтәыла Ахада дырԥылеит Алмазов ихьӡ зху амедицинатә центр ахаҭарнакцәа
Атәыла Ахада дырԥылеит Алмазов ихьӡ зху амедицинатә центр ахаҭарнакцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Владимир Алмазов ихьӡ зху Афедералтә медицина-ҭҵааратә центри аҩаша, ԥхынҷкәын 15 рзы рнапы аҵарҩит аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Санкт-Петербургтәи Владимир Алмазов ихьӡ зху Афедералтә медицина-ҭҵааратә центр ахаҭарнакцәа.

"Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ҳпациентцәа рхы иадырхәартә еиԥш аҟаҵара. Амедицинатә цхыраара ахаҭабзиареи иманшәалан аиуреи ҳара ҳзы ихадоу акакәны ишьоуп", — иҳәеит Владимир Алмазов ихьӡ зху Афедералтә медицина-ҭҵааратә центр адиректор, Урыстәылатәи акардиологиатә еилазаара апрезидент Евгении Шлиахто.

Иара иҳәеит Санкт-Петербургтәи Владимир Алмазов ихьӡ зху Афедералтә медицина-ҭҵааратә центр аҟны аус шыруа 6 нызқьҩык рҟынӡа аусуҩцәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

"Ираԥхьатәиу амедицинатә цхыраара ҭыԥк аҟны имҩаԥаагоит, нас – ашьҭаҵара, аиҭашьақәыргылара, асанатортә еиҭашьақәыргылара уҳәа егьырҭ аетапқәа. Асанатортә еиҭашьақәыргылара шәара шәреспубликаҿы амҩаԥгара алшон. Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа алшоит. Ҳпациентцәа рзы ара иҟоу аԥыжәарақәа аԥеиԥш рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов - Sputnik Аҧсны
Гоов аиқәшаҳаҭра апроект азы: акахьы ҳаицкылсит

Шлиахто иазгәеиҭеит аусеицура ахырхарҭақәа ируакны ишыҟало акадрқәа разыҟаҵара.

"Иреҳау апроблема – акадырқәа рыпроблемоуп. Иҟалоит ахыбра ургылар, амыругақәа ааухәар, аха аус хра аманы иҟазҵо ауаа роуп", — иҳәеит иара.

Владимир Шлиахто Санкт-Петербургтәи Владимир Алмазов ихьӡ зху Афедералтә медицина-ҭҵааратә центри Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи русеицура аԥеиԥш бзиа амоуп ҳәа ишьоит.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит напы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аҵак ду шамоу.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳусеицура. Амилаҭ ргәабзиара — иарбанызаалак аҳәынҭқарразы ихадоу акоуп. Иҟаҵам шырацәоугьы раԥхьатәи ашьаҿақәа ауаажәларратә еилазаара ргәабзиара ахьчара иазырхоуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара Урыстәыла ишроуа.

"Ҳара ахарџьқәа ҟаҳҵоит ҳуааԥсыра Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны ргәабзиара шьақәдыргылаларц", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Ахада.

Санкт-Петербургтәи Владимир Алмазов ихьӡ зху Афедералтә медицина-ҭҵааратә центр ганрацәала аус зуа медицинатә усҳәарҭоуп. Араҟа аус руеит анаука-ҭҵааратә институтқәа фба. 2014 шықәса рзы Ацентр иафилиалны иҟалеит Поленов ихьӡ зху Урыстәылатәи анаука-ҭҵааратә неирохирургтә институт.

Ажәабжьқәа зегьы
0