Зарандиа: адукатцәа рҟынтә аӡбаҩцәа ралхра - иаабац акоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАдукат Иван Заранӡиа. Архивтә фото.
Адукат Иван Заранӡиа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥнагоз аилатәараҟны мап ацәнакит Омар Берулаа икандидатура, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩс иҟаларазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адукатцәа реилазаараҟынтә аӡбаҩцәа ралхра Аԥсны иаабац-иҳаҳац акоуп. Ус иҟоуп анҭыҵгьы, ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Аԥсны адукатцәа рпалата ахантәаҩы Иван Зарандиа.

"Абри аҩыза апрактика аус ауан Сергеи Багаԥшьи Александр Анқәаби рыҟазаараан. Аӡбаратә еилазаара асистемаҟны аус руеит уаанӡа дукатцәас иҟаз ауаа. Иахьагьы Апарламент аҟны ӡбаҩыс далырхит адукат Асҭамыр Тәанба", — ҳәа азгәеиҭеит Зарандиа.

Анқәаб иганахьала ацәгьоура иадҳәалоу аусҭҵаара - Sputnik Аҧсны
Адукат Берулаа: аусҭҵаара аматериалқәа рҟны аиҿагыларақәа ыҟоуп

Иван Зарандиа иԥхьаӡоит Омар Берулаа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс дҟалар, Аԥсны уаанӡатәи Ахада Александр Анқәаб иганахьала аҭыԥ змаз ацәгьоура аилыргара ииашоу анырра аҭара илшон ҳәа иҟоу агәаанагара шиашам.

"Апарламент аӡбра – Апарламент иаусуп, аха ҳара зегь ҳазлахәу аус аилажьра аӡәгьы илшом. Избанзар, аус аҟны азакәан ҵаҵӷәы ыҟазароуп. Ауаҩы ихаразар, дахьырхәтәуп. Ацәгьоуцәа рхара шьақәырӷәӷәахар, ашьауӷа иақәдыршәоит", — иҳәеит Зарандиа.

Адукатцәа рпалата алахәыла Саид Кәыҵниа иазгәеиҭеит аӡбаҩ, уаанӡа дукатс иҟаз аӡбратә процесс анырра изаҭом ҳәа.

"Дарбанызаалак адукат инапаҿы иҟоу аусқәа ирыхьмырԥшыкәа, ӡбаҩыс далырхыр, урҭ аусқәа дырԥырыргоит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Адукат иажәақәа рыла, Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, атәыла Ахада идгаларала инашьҭыз Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩ икандидатура мап ацәкызар, атәыла Ахада азин имоуп иара убри акандидатура шықәсык ашьҭахь еиҭах Апарламент ахь инеишьҭырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0