АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 90 шықәса ирҭысхьоу Қадем Гәылиа, Ҭырқәтәыла, Енегиол Османиа аҟәара ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы дынхоит. Уа 20 ҭӡы рҟынӡа аԥсуа ҭаацәарақәа ыҟоуп. Иара акыр шықәса ақыҭа аиҳабыс аус иуан. Излеиҳәо ала, иабдуцәа Аԥсны, Гәлиаа ргәаҩа ҳәа иахьашьҭоу иҭыҵит.
Ҭырқәтәылатәи адгьыл аҿы
Аха, аҭырқәа идгьыл ианықәнагала еицәыӡит. Аишьцәа еибамбакәа иԥсқәаз ыҟоуп. Абас агәнаҳарақәа рацәаны ирхыргагәышьеит ҳаиҳабацәа. Сара сабду Абрыскьылԥҳа дымҵаирсит. Аӡаагара ҳәа дышцоз лымҩа скын, дымҵасырсит иҳәалон сабду. Германиантә аҭырқәа идгьыл иахь ианаа архақәа рҿы анхараҭыԥ рырҭеит. Уажәы ҳахьынхо аҭыԥ зегь бнараны иҟан. Нас ирыцқьаны, уаҩ дынхаратәы, нап адкыланы иҟарҵеит.
Аԥсуаа пату еиқәырҵон еснагь. Аиҳабы аиҵбы еихаҵгылон. Атәым милаҭ ҳазланхогьы ҳхымҩаԥгара џьаршьон. Уажәы адемократиа иҟалаз маҷк ҳшьақәнаҟьазшәа збоит.
Ҳара ҳқыҭаҿы Гәлиаа (Қабаҭаа) ыҟоуп, Бганаа, Абыгбақәа, Мацаа, Ҵәыӡаа, Абрыскьылаа уҳәа ирацәоуп аԥсуа жәлақәа. Досу ииҭахыз аҭырқәа жәлақәа алырхын, ус ирхырҵеит усҟан.
Аԥсны ҳамбаӡац. Анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп. Еҳ, ҳаиҳабацәа рыцҳақәа. Рыгәнаҳа шԥацәгьаз атәым дгьыл аҿы. Зыԥсадгьыл иаҟәыгоу иара ҳаргьы, дара ҳазлареиӷьузеи?! Аҿар аԥсынҵры Анцәа ириҭааит, Аԥснааи дареи аибабара рыбжьалааит, аԥсынҵры змоу ацҳа ӷәӷәа хызааит нырцәи-аарцәи. Аҭоурых бзиа змоу ажәабжьқәа еибаҳҳәалааит".