Ҭемыр Ҭаниа даԥхьоит Баграт Шьынқәба иажәеинраала

Анапаҵаҩра
Sputnik. Аԥхьарақәа ирыциҵоит акоманда КВН "Нарты из Абхазии" акапитан Ҭемыр Ҭаниа, иара даԥхьоит Баграт Шьынқәба ибаллда "Аҿырпын" ацыпҵәаха.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апортал аҟны аԥсышәалеи урысшәалеи аусура иалагеит апоезиа аларҵәара иазку апроект Sputnik. Аԥхьарақәа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа аԥсуа политикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аспортсменцәа, амузыкантцәа иналукааша аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа ирыԥхьоит. Sputnik Аԥсны аестафета аднакылеит Sputnik Молдова аҟынтәи. Ҿыц апроект ихы алаирхәит акоманда "Нарты из Абхазии" акопитан Ҭемыр Ҭаниа, иара даԥхьоит Баграт Шьынқәба иболлада "Аҿырпын" ацыпҵәаха.

"Sputnik. Аԥхьарақәа рҿы ахалархәра сара сзын акыр аҵанакуеит, избанзар аԥсуа поезиа ӡырнагоит. Ажәларқәа ркультурақәа еизааигәанатәуеит. Ари апроект даара иргәаԥхеит аҿар, аԥсуа поезиа еиҭах ҿыцла абжьы аргеит", ҳәа азгәеиҭеит Ҭаниа.

Апроект хациркит Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба. Иара даԥхьеит еицырдыруа аԥсуа поет Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз". Апроект лхы алалырхәхьеит Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцԥҳа, иара убас еицырдыруа актиор, акинематографистцәа рхеидкыла ахада Кьасоу Ҳагбеи.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны апоезиатә естафета хықәкны иамоуп ауаа ԥшшәырацәала еилаԥсоу абри адунеи аҟны реизааигәатәра. Убри азы ахархәара арҭоит адунеи зегь азы аҵакы змоу амалқәа – абзиабара, аԥсҭазаара, аԥшӡара зҵазкуа, иналукааша апоезиатә рҿиамҭақәа рыԥхьара. Апроект хацыркын Кыргызсҭан, 2015 шықәса хәажәкырамзазы. Иара рхы аладырхәит атәыла аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнакцәа, аҟазара аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. 2015 шықәса нанҳәамзазы апоезиатә естафета Sputnik. Аԥхьарақәа ииасит Sputnik Молдова ахь. Уаҟа иара рҽаладырхәит жәлар рартист Константин Москович, ареспублика аҟазара арҿиаҩы Иури Хармелин, Ареспублика Молдова Аславиантә университет аректор Татиана Млечко, Гагаузиа ахада Ирина Влах.

Sputnik (sputniknews.com) – жәабала атәылақәа рыҟны иҟоу ажәабжьтә маҵзура, амультимедиитә информациатә хабқәа зманы иҟоу арадио. Sputnik ахь иаҵанакуеит 30 рҟынӡа асаитқәа, аналогтәи ацифратәи радиодырраҭарақәа, амобилтә цҵақәеи асоциалтә ҳақәа рыҟны адаҟьақәа. Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0