Хьыбла Гьерзмаа: ашықәс ҿыц азы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчреи агәыҳалалреи

© Фото : со страницы Хиблы Герзмава в FacebookХьыбла Гьерзмааԥҳа ашықәҿыцазтәи лконцерт.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа ашықәҿыцазтәи лконцерт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аопертә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа, даара дшеилахоугьы, Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц даԥыларц лгәы ишҭоу.

— Ашықәс ҿыц ааиаанӡа мышқәак роуп инхаз, иҳаҩсыз ашықәс азы зегь реиҳа акырзҵазкуа игәырӷьаратә хҭысқәаны иҟази?

— Ари ашықәс сара сзы иманшәалан, ирацәан акырзҵазкуаз ахҭысқәа. Уахь иаҵанакуеит "Медеиа" апремиера исызгәакьоу Москватәи амузыкатә театр Станиславскии Немировичи-Данченкие рыхьӡ зху аҟны, сара сфестиваль амҩаԥгара иреиӷьӡоу асценақәа рҿы: Ахьтәы зал Венатәи афилармониаҿи Ниу-Иорктәи Карнеги-Холли. Иара убас иҟан ақәгылара Берлинтәи афилармониаҿы. Ирацәан Урыстәылагьы аконцерт бзиақәа…

— Хьыбла, Ашықәс ҿыц иадҳәалоума шәаныхәчызтәи шәгәалашәарақәа, шәҭаацәа рҿы иҟазар ашықәсҿыцазтәи атрадициа?

П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал ду аҟны имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашаеҵәа Москва рнапы лзеинырҟьон

— Традициала Ашықәс ҿыц саԥылоит сҭаацәа рааигәара. Уи аԥсаӡ ҵла зыԥсы ҭоу, амандаринқәа, чыс рацәала ирхиоу астол, хымԥада аҩны аԥхарра.

— Ари ашықәсгьы шәара шәзы имариамызт, шәабарзыӡырыҩуа акурантқәа?

 — Ԥхынҷкәын 31 ахәылԥаз Москва, Жәларбжьаратәи амузыка Аҩны аҿы аконцерт сымоуп (уигьы традициак исзаҩызахеит), Урыстәылатәи амилаҭтә афилармониатә оркестр, даара бзиа иаабо Владимир Спиваков напхгара зиҭо. Уи ашьҭахь иаарласны аҩныҟа сцоит, сҭаацәа рахь.

— Адунеитә оператә сценаҿы шәара иреиӷьӡақәоу ашәаҳәаҩцәа шәырхыԥхьаӡалоуп. Ҳазҭало ашықәс азы арҿиаратә уснагӡатәқәас ишәзықәгылеи? Еилкааума ианымҩаԥгахо аконцертқәеи афестивальқәеи?

— Ҳәарада ирацәоуп иҟаларан иҟоу. Ааигәа иҟало атәы ҳҳәозар, уи есышықәсатәи скоцерт "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…" сынтәа 15 шықәса ахыҵуеит, уи аиубилеитә концерт аартхоит швеицариатәи ақалақь Санкт-Мориц аҿы, ажьырныҳәа 5 рзы.

— Ирзеиӷьашәшьои шәара шәырҿиара абзиабаҩцәеи Sputnik Аԥсны аԥхьаҩцәеи Ашықәс ҿыц азы?

— Сара гәык-ԥсык ала ишәыдасныҳәалоит Ашықәс ҿыц, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчреи агәыҳалалреи!

Ажәабжьқәа зегьы
0