Ростовтәи атеатр раԥхьаӡа акәны Аԥсны иқәгылеит

© Sputnik Бадра АвидзбаРостовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы имҩаԥысит Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Борис Артемиев напхгара ззиуа Ростовтәи ацирк аестрада-цирктә лакә "Фунтик ашықәсҿыцазтәи ихҭысқәа" апремиера мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны аҩаша, ԥхынҷкәын 29 рзы.

"Ҳара аинтерес зҵоу аспектакль ықәҳаргылеит. Ааԥхьара анҳау Аԥсныҟа ҳааит", — иҳәеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Борис Артемиев.

Иара иазгәеиҭеит акыр шыҵуа Аԥсни иареи еимадоижьҭеи.

"Саныхәыҷызгьы арахь сааргалон. Сҭаацәагьы ацирк иартистцәан. Пицундоуп аӡсара ахьысҵаз. Сара сзы Аԥсны даара игәакьоуп. Даара бзиа избоит аратәи амш лашақәа, даара бзиа избоит аԥсуа жәлар – ихьыԥшым, згәы аарту, зхы ҳаракны изку. Арахь иаагеит ахәыҷқәа рзы аинтерес зҵоу аспектакль", — иҳәеит иара.

"Аспектакль ҿыцуп. Мызкоуп иҵуа иқәҳаргылеижьҭеи. Ахәыҷқәа даара иргәаԥханы ирыдыркылоит", инаҵшьны иазгәеиҭеит Артемиев.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаРостовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
1/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
© Sputnik Бадрак АвидзбаРостовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
2/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
© Sputnik Бадрак Авидзба Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
3/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
© Sputnik Бадрак Авидзба Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
4/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
1/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
2/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
3/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.
4/4
Ростовтәи аестрада-цирктә театр ақәгылара.

"Сара ҭабуп ҳәа расҳәоит артистцәа рықәгылара еиҿызкааз. Ахәыҷқәа рхаҿқәа рхаччо ирыдыркылеит аспектакль", — лҳәеит ахәаԥшҩы Диана Кавалишкина.

Ақәгылара амҩаԥгара ацхыраара анаҭеит Акультура аминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0